Акциа "Аиааира адиктант" мҩаԥгахоит Аҟәа

© Sputnik / Александр Гальперин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАкция "Тотальный диктант" в России
Акция Тотальный диктант в России - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акциа "Аиааира адиктант" Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҿы аиааира 74-шықәса ахыҵра иазхоуп. Имҩаԥысраны иҟоуп лаҵара 7 рзы.

АҞӘА, мшаԥы 29 - Sputnik. Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҿы аиааира 74-шықәса ахыҵра иазхоу акциа "Аиааира адиктант" мҩаԥгахоит Аҟәатәи ахԥатәи абжьаратә школ аҟны, лаҵарамза 7 рзы, абри атәы иҳәеит Аԥсны иҟоу "Россотрудничество" ахаҭарнакра анапхгаҩы ицхырааҩ Евгени Павлов.

"Ари акциа аҭоурых аиқәырхаразы, Асовет ҳәынҭқарра аиааира ду азаазгаз ргәаларшәаразы- зеиԥш ыҟам акциоуп", - иҳәеит Павлов.

Урыстәылатәи аруаа Аиааира адиктант рыҩраны иҟоуп - Sputnik Аҧсны
Урыстәылатәи аруаа "Аиааира адиктант" рыҩраны иҟоуп

Павлов иажәақәа рыла, адҵа тест ҳасабла ауп ишеиқәыршәоу.

"Акциа аҽалархәра рылшоит агәаҳәара змоу, Аҟәа иааирц зылшо зегьы, иара убасгьы онлаин адҵа иахысырц рылшоит лаҵарамза 7 аҽны асааҭ 14:00 рзы. Уи азы абри аҭыӡҭыԥ rossotr@rs.gov.ru аҟны аҽҭаҩра ахәҭоуп", - иҳәеит иара.

Иазгәаҭоуп адиктант аҩра изҭаху зегьы абри ауснагӡатә рхы аладырхәыр, рдыррақәа ԥыршәар ҟалоит ҳәа. Иазыԥхьагәаҭоуп 2000-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра адиктант аҩра ралахәхара.

Акциа алахәылацәа сааҭк аҩныҵҟа жәаҩа зҵаара рҭак ҟарҵароуп.

Анкетаҿ азҵаарақәа рызкуп аибашьра арыцхәқәа, ахҭысқәа, аҭоурыхтә хаҿқәа, арратә епоха аплакатқәа, уи атема иазку асахьаркыратә литература.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0