Ахба еиҭалҳәеит лаҵарамзазы аҳауа зеиԥшрахо атәы

© Sputnik / Томас ТхайцукПрогноз погоды. Чайки
Прогноз погоды. Чайки - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лаҵарамзазы аҳауа зеиԥшрахои амшынӡы аҟәандара ахьынӡанеиуеи ртәы Sputnik иазеиҭалҳәеит Аԥсны аекологиеи аԥсабарахьчареи реилак аҟны иҟоу агидрометеорологиа аҟәша аҟазауҩ-метеоролог хада Лариса Ахԥҳа.

АҞӘА, лаҵара 1 – Sputnik, Бадри Есиава. Лаҵарамза актәи ахәҭаан аамҭа-аамҭала ақәа леир алшоит, амза аҩбатәи ахәҭаан шамахамзар иԥхаррахоит, амра ԥхоит ҳәа еиҭалҳәоит Аԥсны аекологиеи аԥсабарахьчареи реилак аҟны иҟоу агидрометеорологиа аҟәша аҟазауҩ-метеоролог хада Лариса Ахԥҳа.

"Лаҵарамза актәи азыбжазы аамҭа-аамҭала ақәа леиуеит, аха иԥхаррахоит, +12°С- +14°С рҟынӡа, аҩбатәи ахәҭазы– от +15°С - +17°С аԥхарра ҟалоит. Амза аҩбатәи ахәҭаан шамахамзар иԥхаррахоит, амра ԥхоит", - ҳәа лҳәоит Ахԥҳа.

Амшынӡы аҟәандара лаҵарамзазы +16°С рҟынӡа ихалоит, амза анҵәамҭазы +18°С рҟынӡа ихалар алшоит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0