Аԥсны АҶА: ашкол амцаҽацәыхьчаратә дырраҟаҵага амамызт

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны АҶА: ашкол амцаҽацәыхьчаратә дырраҟаҵага амамызт
Аԥсны АҶА: ашкол амцаҽацәыхьчаратә дырраҟаҵага амамызт - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьа ашьыжь амцакра ахьыҟалаз абжьаратә школ №2 аҟны аҵара рҵоит 1250 –ҩык аҵаҩцәа.

АҞӘА, лаҵара 2 – Sputnik. Ашкол амцаҽацәыхьчаратә дырраҟаҵага амамызт, иара убасгьы амцаҽацәыхьчаратә хьшьтәы ахьшьымызт ҳәа иҳәоит Аҟәа ақалақьи Аҟәа араиони рҟны амцарцәаҩцәа-аиқәырхаҩцәа ргәыԥ аиҳабы Ҭимур Кәыҵниа.

Аҩбатәи абжьаратә школ аҵаҩцәа шеихыршо атәы еилкаахеит - Sputnik Аҧсны
Аҩбатәи абжьаратә школ аҵаҩцәа шеихыршо атәы еилкаахеит

"Ҳара изныкымкәа агәҽанҵара ҟаҳҵахьан арҭ аусқәа нагӡатәуп ҳәа, аха исзымдыруа амзызқәа ирыхҟьаны ҽырҵысы ҟаҵамызт. Ԥшьымзҟа раԥхьа апрокуратура аусзуҩцәеи ҳареи абри ашкол агәаҭара иахҳажьуан", - ҳәа иҳәоит Кәыҵниа.

Ҭимур Кәыҵниа иажәақәа рыла дара агәаҭарақәа рышьҭахь иахәҭоу атәы шәҟәыла ишьақәдыргылоит, уи анагӡара хымԥадазароуп.

Ашкол аҿы амцакра ҟалеит ҳәа адырра ҟаҵан АҶА аҷаԥшьаратә хәҭахьы ашьыжь, асааҭ 6:40 рзы.

"Амцарцәара иалахәын 130-ҩык амцарцәаҩцәеи 14 машьынеи. Иара убасгьы ацхырааразы иаашьҭын урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа. Очамчыра араион аҟынтәи амашьынақәа хԥа, Гәылрыԥшь араион аҟынтәи машьынак, Гәдоуҭа араион аҟынтәи машьынак амцарцәара иалахәын", - ҳәа радио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны АҶА аминистр ихаҭыԥуаҩ Саҭбеи Гындиа.

Асааҭ 9:30 рзы амца ырцәан. Уа уажәы акомиссиа аус руеит, амцакра амзыз ашьақәыргыларазы, иҳәеит аминистр ихаҭыԥуаҩ.

АҶА: амца ырцәоуп аха аихагылеиҩкаагақәа ҭыԥқәак рҿы еилаҳар алшоит - Sputnik Аҧсны
АҶА: амца ырцәоуп аха аихагылеиҩкаагақәа ҭыԥқәак рҿы еилаҳар алшоит

Аҟәатәи ашкол №2 ахыбра ргылан 1870 шықәса рзы. Аԥхьанатә аҳәса рпрогимназиа ҳәа акәын ишыҟаз, хылаԥшра алҭон аҳкәажәԥҳәыс Мариа Федор-иԥҳа.

1904 шықәса рзы аҩбатәи аихагыла хагалан. 1909 шықәса рзы аа-класски иҟаз агимназиа ҳәа ахьӡырҵеит, аимператор Александр III иԥҳа, аҳкәажәҭыԥҳа Ксениа Александр-иԥҳа хылаԥшра азылуан.

ХХ ашәышықәса 20-тәи ашықәсқәа рзы Аҟәатәи аҩбатәи абжьаратә школ ҳәа еиҭаркит.

1942 шықәса рзы Александр Сергеи-иԥа Пушкин ихьӡ зху аурыс школ ахьыӡҵахеит. Асовет аамҭақәа раан ашкол азеиԥшҵаратә усҳәарҭаны иҟалеит.

1992-1993 шықәсқәа рызтәи аԥсуа-ақырҭуа еибашьраан ахыбра блит.

2008 шықәса рзы ашкол № 2 Урыстәылатәи Афедерациа афинанстә цхыраарала еиҭашьақәыргылан.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0