Аԥсны Амилаҭтә банк амонетақәа Сҭампылтәи рцәыргақәҵа: аҭоурыхтә ҵакы амоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукААУ 85 шықәса ахыҵра иазку агәаларшәагатә монета "Аԥсар"
ААУ 85 шықәса ахыҵра иазку агәаларшәагатә монета Аԥсар - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арҭ амшқәа рзы Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы, Сҭампыли Сақариеи ақалақьқәа рҟны имҩаԥысуеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк амонетақәа рцәыргақәҵа.

АҞӘА, лаҵара 4 - Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. Аԥснытәи аделегациа аилазаараҿы иҟоуп Амилаҭтә Банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа напхгара ззиуа аделегациа. Уи иалахәуп Гагратәи арегионалтә банк аиҳабы Ахра Анқәаб, Амилаҭтә банк аҳәаанырцәтәи аимадарақәа рыҟәша аиҳабы Лиана Агрԥҳа.

Аиааира амш аламҭалаз Аԥсны иҭрыжьит агәалашәаратә ԥсар "Аиааира 25">>

Лаҵара 3 рзы Сҭампыл Аԥсуаа ркультуратә хеидкылаҿы ихацыркын Аԥснынтә инагаз аԥсуа аԥсарқәа рцәыргақәҵа. Ас еиԥш иҟаз аусмҩаԥгатә рҽаладырхәит ҳџьынџьуаа, аԥсуаа рхеидкылақәа рнапхгаҩцәа, Кавказ ажәларқәа рхеидкылақәа, иара убас ааԥхьара змаз асасцәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы дыҟан Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аахыҵ-Уаԥстәыла ахаҭарнак. Аиԥылараҟны иқәгылоз зегьы иазгәарҭон ас еиԥш иҟоу ацәыргақәҵа аҭоурыхтә ҵак ду шамоу.

© Foto / Вадим ХаразияАԥсны Амилаҭтә банк Сҭампыл имҩаԥнагаз аԥсарқәа рцәыргақәҵа
Аԥсны Амилаҭтә банк амонетақәа Сҭампылтәи рцәыргақәҵа: аҭоурыхтә ҵакы амоуп - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Амилаҭтә банк Сҭампыл имҩаԥнагаз аԥсарқәа рцәыргақәҵа

"Аҳәынҭқарра ашьақәгылараҿы иамаҭәахәу аусқәа ыҟоуп. Раԥхьа иргыланы, ахатәы бызшәа, изқәынхо атәыла, амилаҭтә хдырра, аекономика, уи иадҳәалоу ажәларқәа ирхатәны ирымоу аԥара. Ас еиԥш аԥшӡара ахьаҳдырбаз Аԥснынтәи иаҳзааз ҳашьцәа иҭабуп ҳәа расҳәоит. Анцәа убас еиԥш иҟаиҵааит абанк иҭнажьуа аалыҵ ҳалахәаахәҭыртә, ҳхы иаҳархәартә еиԥш", - азгәеиҭеит Аԥсуа Федерациа аиҳабы Аҭанур Аҟәысба.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа, Аԥснынтә ҳџьынџьуаа асалам ду рыҭо, иҳәеит:

"Сара даара агәахәара ду снаҭоит алшара ахьсоуз Ҭырқәтәылатәи Аҳәынҭқарраҿы Аԥснынтәи акрызҵазкуа аҭоурыхтә монетақәа рцәыргақәҵа аӡыргара. Иҭабуп даараӡа ҳәа расҳәоит ари аус аиҿкаара иахаҵгылаз зегьы: Шамил Ешба, Меҭин Чқәуа, Ерқан Гогәуа, Оқан Беигәуа, Вадим Ҳаразиа, Асҭамыр Багаҭелиа. Агәра згоит аринахысгьы Ҭырқәтәылеи Аԥсынтәылеи ҳаиҩызареи ҳусеицуреи алҵшәа бзиақәа шаадырԥшуа. Шәагымзааит Аԥсынра. Ҳара Аԥсны иқәынхо аԥсуаа ҳгәы шәзыбылуеит, гәыла-ԥсыла ҳашәзыҟоуп", - азгәеиҭеит Беслан Бараҭелиа.

Аԥснытәи аделегациа ахаҭарнакцәа ҳџьынџьуаа рҿаԥхьа иӡырыргаз аԥсарқәа рҵаки рҭоурыхи инарҭбааны ирзеиҭарҳәеит.

Национальный банк РА - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Амилаҭтә Банк ақьаадтә ԥара ҭнажьит Аиааира 25-шықәса ахыҵра аламҭалаз

"Амилаҭтә банк раԥхьаӡа акәны 2008 ш. иҭнажьит аԥсуа амонетақәа. Зегьы неизакны 55 кг ахьи тоннак аҟара араӡни ҭнажьит Аԥснытәи Амилаҭтә банк. Иҟоуп Аԥсны ауахәамақәа, ҳтәыла раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба, Аԥсны Афырхацәа Сергеи Дбари, Сулҭан Сосналиеви рыхьӡала иаԥҵоу аԥсарқәа. Зегь раԥхьа иҭыжьын Владислав Арӡынба имонета. Иара убас, Аԥсны Амилаҭтә банк 2019 ш. рзы иҭнажьит асериақәа. Аԥхьатәи асериа изкуп ашәҟәыҩҩы Фазиль Искандер. Урҭ асериақәа ирыцуп Фазиль Искандер ифырхацәа", - иҳәеит Ахра Анқәаб.

Аԥхьаҟа Аԥснытәи Амилаҭтә банк иазԥхьагәанаҭоит Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь 70 ш. ихыҵра аҳаҭыр азы амонета аҭыжьра, насгьы Ҭырқәтәыла иқәынхо еицырдыруа ауаа ирызку амонетақәа рҭыжьра.

Амилаҭтә банк: ЕАШ (США) Аԥсны аӡбахә рдырит ацәыргақәҵа алахәрала>>

Агәаларшәагатә монетақәа рҭыжьра аҭоурых инарҭбааны дазааҭгылеит Амилаҭтә банк аҳәаанырцәтәи аҟәша аиҳабы Лиана Агрԥҳа.

"Аԥсарқәа ҭыжьуп ахьы, араӡны, аџьаз ирылхны. Урҭ еиҳарак Аԥсны аҭоурыхтә баҟақәеи еицырдыруа ауааи ирызкуп. Абанк зынӡа быжьсериак рыла иҭнажьуеит аԥсарқәа. Агәахәа ду ҳауеит Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа ас еиԥш иҟоу аҭоурыхтә цәыргақәҵа рхы ахьаладырхәыз", - лҳәеит Агрԥҳа.

Ниу-Иорктәи аконференциа-цәыргақәҵа аԥсуа аԥсарқәа алахәын - Sputnik Аҧсны
Ниу-Иорктәи аконференциа-цәыргақәҵа аԥсуа аԥсарқәа алахәын

Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнак Вадим Ҳаразиа, ари ахҭыс ныҳәа дуны дахәаԥшуеит.

"Ииашаҵәҟьаны, ҳаԥсуа аԥсар аҭоурых ду амоуп. Уи зыбзоуроу, Аиааира ҳзаазгаз Владислав Арӡынба иоуп, Ахьыԥшымра ҳзаазгаз Сергеи Багаԥшь иоуп, Амилаҭтә банк уаанӡатәи аиҳабы Илларион Аргәын иоуп, иара убас ҳауаажәлар роуп. Ҳаԥсуа милаҭ банк ҳамоуп, ҳаԥсар ҳамоуп, иҭабуп ҳәа расҳәоит абанк аиҳабы аԥхьа днаргыланы уи аусзуҩцәа зегьы", - иҳәеит Вадим Ҳаразиа.

Аԥснытәи Амилаҭтә банк иҭнажьуа аԥсарқәа ҳдиаспора ахьынхо егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҿы рӡыргаразы азҵаара шьҭыхын Аԥснытәи аделегациа злахәыз Ҭырқәтәыла имҩаԥысуаз аиҿцәажәарақәа рҿы.

Амилаҭтә банк агәалашәаратә ԥсарқәа ҭнажьит>>

Аԥсуа монетақәа рцәыргақәҵа иацҵоуп иахьа, лаҵара 4 рзы Сақариа ақалақь аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0