Ансамбль "Марыхә" Ҟрымтәи афестиваль аҿы актәи аҩаӡара алауреат ҳәа ахьӡ агеит

© Foto / Лери АдлейбаАнсамбль "Марыхә" Ҟрым имҩаԥысуаз афестиваль "Дорогами успеха" аҟны
Ансамбль Марыхә Ҟрым имҩаԥысуаз афестиваль Дорогами успеха аҟны - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
XV Жәларбжьаратәи афестиваль-конкурс "Дорогами успеха" мҩаԥысуан Ҟрым, Алушта, лаҵара 1 - 4 рзы.

АҞӘА, лаҵара 4 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Гәылрыԥшь араион ансамбль "Марыхә" XV Жәларбжьаратәи афестиваль-конкурс "Дорогами успеха" аҿы актәи аҩаӡара алауреат ҳәа ахьӡ агеит ҳәа Sputnik иазааицҳаит аколлектив асахьаркыратә напхгаҩы Лери Адлеиба.

"Ҳара "жәлар рыкәашара" аноминациа ҳалахәын. Аномерқәа ҩба ӡыраагеит. Аихшьаалақәа рыла актәи аҭыԥ аагеит. Нхыҵ Кавказ, Аахыҵ Уаԥстәыла уҳәа рҟынтәи аколлективқәа рацәаны иалахәын", - еиҭеиҳәоит иара.

Адлеиба иажәақәа рыла аколлективқәа зегьы ахәаԥшцәа ибзиаӡаны ирыдыркылон.

Ансамбль "Марыхә" алахәылацәа 10 - 14 шықәса рхыҵуеит.

Ансамбль «Марух» на фестивале в Санкт-Петербурге - Sputnik Аҧсны
"Марыхә" Санкт-Петербургтәи афестиваль аҿы аиааира агеит

Афестиваль иалахәын ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи рколлективқәа. Апрограмма шьақәгылан еиуеиԥшым аноминациақәа, амастер-классқәа, астол гьежьқәа, ареспублика аҭыԥ ԥшӡарақәа рҭаара рыла.

Афестиваль-конкурс "Дорогами успеха" хықәкы хадас иамоуп ахәыҷқәа аграждантә позициа рылааӡареи, апатриоттә ааӡареи, ажәларқәа реиҩызара арӷәӷәареи.

Ансамбль "Марыхә" аԥҵан 2008 шықәса рзы Гәылрыԥшь араион Акультура аҩнаҿы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0