Рашь Хәытаба ихьӡ зху атурнир хыркәшоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукРашь Хәытаба ихьӡ зху Зых иақәиҭу ақәԥаразы XXVI Жәларбжьаратәи атурнир
Рашь Хәытаба ихьӡ зху Зых иақәиҭу ақәԥаразы XXVI Жәларбжьаратәи атурнир - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи акласс аспорт азҟаза, СССР ачемпион, Европа ачемпион Рашь Хәытаба ихьӡ зху Зых иақәиҭу ақәԥаразы XXVI Жәларбжьаратәи атурнир мҩаԥысуан Аҟәа, ареспубликатә спорттә школ аҟны лаҵара 4-5 рзы.

АҞӘА, лаҵара 6 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥснытәи аспортсменцәа актәи аҭыԥқәа 11, аҩбатәи аҭыԥқәа 12 ааныркылеит Жәларбжьаратәи акласс аспорт азҟаза, СССР ачемпион, Европа ачемпион Рашь Хәытаба ихьӡ зху Зых иақәиҭу ақәԥаразы XXVI Жәларбжьаратәи атурнир аҟны.

Атурнир иалахәын Аԥсны араионқәа зегьы рҟынтәи аспортсменцәа, иара убасгьы Краснодартәи атәылаҿацәи Ареспублика Адыгеиеи рҟынтәи.

Рашь Хәытаба ихьӡ зху атурнир аатит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
Рашь Хәытаба ихьӡ зху атурнир аатит Аҟәа

Аԥыжәаратә ҭыԥқәа ааныркылеит Урыстәылеи Нхыҵ Кавкази рхаҭарнакцәагьы. 48 - 86 кьыла зкапануаз рыбжьара аԥыжәара ргеит Чечентәылатәи аспортсменцәа Саифулле Сулеиманови Артур Шамаеви. 92 кьыла рҟынӡа зкапануаз рыбжьара - Герман Чичиан (Краснодар).

Аԥсны аспорт азы Аилак аспортҟәша аҟазауаҩ Анзор Ҵәызба иажәақәа рыла атурнир алахәылацәа азыҟаҵара бзиа рыман.

"Атурнир аҿы рхы бзианы иаадырԥшит Чечентәи ареспублика ахаҭарнакцәа. Агәахәара ҳнаҭеит ҳаспортсменцәа рықәгылашьагьы", - иҳәеит иара.

Жәларбжьаратәи акласс аспорт азҟаза, СССР ачемпион, Европа ачемпион Рашь Хәытаба ихьӡ зху Зых иақәиҭу ақәԥаразы XXVI Жәларбжьаратәи атурнир хыркәшахеит лаҵара 5 рзы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0