Шәачатәи атурнир аҿы аԥснытәи ашьапылампыласыҩцәа аԥхьахә иаԥсахеит

Анапаҵаҩра
Ашьапылампыл азы ахәыҷтәы-қәыԥштә турнир "IMERETINKA CUP 2019" аҩбатәи аетап мҩаԥысуан Шәача, лаҵара 2-5 рзы.

АҞӘА, лаҵара 6 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҟәатәи ашьапылампылтә клуб "Динамо" 2008 шықәса рзы ииз ахәмарыҩцәа ашьапылампыл азы ахәыҷтәы-қәыԥштә турнир "IMERETINKA CUP 2019" аҩбатәи аетап аҟны араӡны медалқәа ранашьахеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит акоманда азыҟаҵаҩ Мераб Кәакәасқьыр.

Лаша Кәаӷәаниа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Кәаӷәаниа еиҭеиҳәеит Аҟәа ишаадыртуа Ашьапылампыл азы европатәи академиа

Афинал аҿы ҳахәмарыҩцәа ираԥыргеит шәачатәи аклуб "Монолит" ахәмарыҩцәа 1:0 ҳәа.

Атурнир "IMERETINKA CUP 2019" ԥшь-етапк рыла ишьақәгылоуп. Атурқәа ҩба рышьҭахь "Динамо" 37 очко амоуп, аҩбатәи аҭыԥ аҿы игылоуп акоманда "Черноморец" 32 очко аманы, ахԥатәи аҭыԥ ааннакылоит шәачатәи ахәыҷтәы шьапылампылтә Клуб, 27 очко аманы.

Аҩбатәи аетап аан иреиӷьу ахәмарыҩцәа ҳәа рыӡбахә рҳәеит: Даниил Апба, Тигран Манукиан, Сулхан Барцыц, Азамаҭ Саӷариа. Афиналтә хәмарраан иреиӷьу ҳәа далкаан Даниил Дунамалиан, иреиӷьу ахьчаҩ - Леон Агрба, иреиӷьу ахьчаҩбжа - Леон Делба.

"IMERETINKA CUP 2019" аа-командак алахәуп. Ахԥатәи аетап мҩаԥысраны иҟоуп нанҳәа 22-25 рзы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0