Аԥсуа дзиудоистцәа ахьи араӡни ранашьахеит Жәларбжьаратәи афестиваль аҟны

© Foto / Государственный комитет РА по физической культуре и спортуАбхазские спортсмены заняли призовые места на международном фестивале по дзюдо
Абхазские спортсмены заняли призовые места на международном фестивале по дзюдо - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны Аиааира амшныҳәа иазкны Жәларбжьаратәи афестиваль мҩаԥысуан Ростовтәи аобласт аҿы лаҵара 4 - 6 рзы.

АҞӘА, лаҵара 7– Sputnik, Сариа Кәарацхьиаԥҳа. Аԥсуа дзиудоистцәа ахьи араӡни ранашьахеит Ростов ақалақь аҿтәи афестиваль аҟны ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит азыҟаҵаҩ Виктор Акуциа.

"Аихшьаалақәа инарықәыршәаны ҳара ахьи араӡни ҳаҭәашьахеит. 42 кьыла зкапануаз рыбжьара актәи аҭыԥ игеит Даур Еремаӡе, 63 кьыла зкапануаз аӡӷабцәа рыгәҭа аҩбатәи аҭыԥ нылкылеит Викториа Коиӡе", – ҳәа еиҭеиҳәоит Акуциа.

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны Аиааира амшныҳәа иазкны Жәларбжьаратәи афестиваль мҩаԥысуан Ростовтәи аобласт Гуково ақалақь аҿы лаҵара 4 - 6 рзы.

Афестиваль иалахәын Ростовтәии Волгоградтәии аобластқәа, Краснодартәи атәылаҿацә, Аԥсны, Адыгеиа, Калмыкиа, ДНР, ЛНР, КЧР рҟынтәи аспортсменцәа.

Аԥсны ахьӡала иқәгылон: Даур Еремаӡе, Тигран Сельвиан, Аслан Ҳаџьымба, Викториа Коиӡе.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0