Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Беслан Бганба иоушьҭра мап ацәнакит

© Sputnik архивтә фото
архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Омар Мерцхәылаа иӷьычра инамаданы Аҟәа араион апрокуратура ашьаус хацнаркит мшаԥы 18 рзы. Убри инадҳәаланы хҩык ауаа аанкылоуп.

АҞӘА, лаҵара 7 - Sputnik. Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа мап ацәнакит Омар Мерцхәылаа иӷьычра далахәуп ҳәа агәҩара зызрыманы иааныркылаз Беслан Бганба ихьчаҩцәа рышшыԥхьыӡ. Абри атәы аанацҳауеит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа асаит.

Мшаԥы 26 рзы Омар Мерцхәылаа иӷьычра далахәуп ҳәа агәҩара рыманы дааныркылеит Беслан Бганба.

Аӡбарҭа - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа мап акит Мерцхәылаа иус ала иаанкылоу руаӡәк иоужьра

Беслан Бганба идукат Рустам Чагәаа инаишьҭыз ашшыԥхьыӡ шьаҭас иаиуит уи иихьчо ахаҿы ахара зызидырҵо ацәгьоурақәа дышрылахәу зырҵабыргуа ҳәа акгьы ыҟам ҳәа ахьиԥхьаӡо.

Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Аҟәатәи аӡбарҭа аӡбамҭа азакәантә шьаҭа амоуп ҳәа азыԥхьанаӡеит, Бганба ихьчаҩцәа инарышьҭыз ашшыԥхьыӡ ҵаҵӷәыдоуп ҳәа азшьаны.

Омар Мерцхәылаа иӷьычра инамаданы Аҟәа араион апрокуратура ашьаус хацнаркит мшаԥы 18 рзы. Убри инадҳәаланы хҩык ауаа аанкылоуп.

Мшаԥы 19 рзы ақәылареи, ауаҩы иӷьычреи, анаркотик маҭәашьарқәа реикәыршареи, амашьына аӷьычреи, абџьар закәаншьаҭада амазаареи дрылахәуп ҳәа даанкылан Адгәыр Ӡкәуа. Ӡкәуа ихы ахара адиҵом.

Мшаԥы 24 рзы ақәылареи, ауаҩы иӷьычреи, амашьына аӷьычреи, абџьар закәаншьаҭада амазаареи дрылахәуп ҳәа даанкылан Беслан Бганба. Бганба ихы ахара адиҵом.

Мшаԥы 30 ақәылареи, ауаҩы иӷьычреи, амашьына аӷьычреи, абџьар закәаншьаҭада амазаареи дрылахәуп ҳәа даанкылан Ерик Ҷкадуа. Аҟәатәи аӡбарҭа арҭ ахҩык ҩымз ҳәа иааннакылеит.

Аусҭҵаара иацҵоуп, Омар Мерцхәылаа дахьыҟоу макьаназ ишьақәыргылам.

Ацәгьоура - Sputnik Аҧсны
Омар Мерцхәылаа иӷьычра иалаҟьашьуп ҳәа гәҩарас ирымоу хҩык ауаа аанкылоуп

Мшаԥы 17 асааҭ 22:40 рзы 1979 шықәса рзы ииз Мерцхәылаа Омар Даҭикәа-иԥа ихатәы машьына Mercedes-Benz Sprinter ала апассаџьыр диманы Гәымсҭа ақыҭа Ешыратәи амҩала дымҩасуан. Амашьына ааныркылеит автомашьына шкәакәа иҭыҵыз, акамуфлиаж форма зшәыз, асабрадақәа зҿаз, бџьарла еибыҭаз хҩык ахацәа. Урҭ Мерцхәылаа имашьына дҭыганы дыргеит.

Анаҩс Mercedes-Benz Sprinter рыԥшааит Гәымсҭа ақыҭа иахьаҵанакуа уаҩы иахьиҿахырсҭам ҭыԥк аҟны.

Аамҭақәак рышьҭахь, ирӷьычыз ахаҵа Омар Мерцхәылаа иԥшааразы аоперативтә усҭҵаарақәа рымҩаԥагараан ирбеит уанӡа иӡаз автомашьына "Mercedes-Benz". Амашьына рыԥшааит асовхоз "Субтропик" агаражтә хыбрақәа рҿы.

Азинхьчаратә органқәа русзуҩцәа амашьына асалон иҭыргеит абџьар, аџьаԥҳаны, акомуфлиажтә форма, асабрадақәа, анапҭырԥақәа. Иара убасгьы амашьына абагаж иҭан Урыстәылатәи Афедерациа аҳәынҭқарратә номерқәа. Аҩбатәи агараж аҿы ирбеит уаанӡа имҵарсыз автомашьына "Lexus".

 

Ажәабжьқәа зегьы
0