Рауль Ҳаџьымба Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аветеранцәа дрыдныҳәалеит

© Sputnik / Томас Тхайцук  / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАҧсны Аҳəынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба
Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба аветеранцəеи Аҧсны жәлар зегьи ирыдиныҳəалеит 1941-1945 шықәсқәа рзы Аџьынџьтəылатə еибашьра ду аҟны Аиааира амш.

АҞӘА, лаҵара 9- Sputnik. Рауль Ҳаџьымба аветеранцəеи Аҧсны жәлар зегьи ирыдиныҳəалеит Аиааира ду амш. Абри атәы аанацҳауеит Аҳәынҭқарра ахада иофициалтә саит.

"Гəык-ҧсык ала ишəыдысныҳəалоит Аџьынџьтəылатə еибашьра ду аҟны Аиааира 74 ш. ахыҵра амш ныҳәа ду. Иахьа ҳара ҳаҭырқәҵаралеи гəадуралеи иаҳгəалаҳаршəоит хамеигӡарала адунеитə нацизм иаҿагыланы жәларызегьтәи ақәҧара иалахәыз зегьы. Аиааира аагара ус имариамызт. Миллионҩыла ауаа ршьа азкаҭəан. Аибашьра афронтқəа рҿы хацәынмырха аҕа бааҧс иҿагыланы иқəҧоз, иара убас атыл аҟны афырхаҵарыла аџьа збоз ирыбзоураны иахьа ари амш азгәаҳҭоит. Асовет жəлар рхақəиҭратə еибашьра аҭоурыхтə хроникаҿы иаҧсоу аҭыҧ ааннакылоит Аҧсны Аҳəынҭқарра. 55 нызқьҩык инареиҳаны Аҧсны аҵеицәа Асовет Ари Арра-мшынтə флоти рахь ирыҧхьеит. 17, 5 нызқьҩык Аҧсадгьыл ахьчаҩцəа аибашьраҿы иҭахеит", - аҳәоит адныҳәалараҿы.

Атәыла ахада иара убас иазгәеиҭеит, ишаҳуалҧшьоу - ҳаибашьцəа ргəымшəареи, рфырхаҵареи, рыгəаҕьреи ртәы хашҭра рықәымкәа ҿыц игыло абиҧарақəа рымадара.

Рауль Ҳаџьымба аветеранцәа ирзеиҕьасшьоит агəабзиара, агәамч, ақəранҵыра ду, Аԥсны жəлар зегьы аҭынчреи аизҳазыҕьареи.

Иара убас Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны Аиааира Амш идиныҳәалеит.

Антип Асабуа (слева) - Sputnik Аҧсны
Аԥҳа лымширазы аҳамҭа - Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа алахәыла Антип Асабуа иҭоурых

"Ишәыдысныҳәалоит Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны Аиааира 74 шықәса ахыҵра амш. Лаҵарамза 9 – ҳтәылақәа рҭоурых аҟны ҷыдала аҵакы змоу рыцхәуп. Ари жәларызегьы ирныҳәоу амш иаҳзеиҧшу Ҳаҧсадгьыл – Асовет Еидгыла хьӡы-ҧшала ахақәиҭтәра зылшаз аиааира ҳзаагаз рфырхаҵара иадҳәалоуп. Урҭ иаадырҧшыз ахачҳареи ахамеигӡареи Аҧсадгьыл абзиабара иашазы иҿырҧшыганы иҟоуп ҳара ҳзы. Ари амш аҽны ҳара гәадурала иаҳгәалаҳаршәоит фырхаҵарыла анацизм гыгшәыгра иаҿагылаз. Иахьагьы Аҧсадгьыл ахьчара — ҳтәылауаа уалҧшьаны ирыҧхьаӡоит, абиҧарақәа зегьы рзы иламысуп уҳәар ҟалоит", - азгәаҭоуп адныҳәалараҿы.

Ҳара еиқәырханы иааҳгоит ҳабацәа, ҳабдуцәа рфырхаҵаратә ҵасқәа урҭ ҳашьҭахьҟа иааиуа абиҧарақәа ирымаҳдарц, иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.

55 нызқьҩык Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи еибашьра ҳәа амҩа иқәлеит. Урҭ рҟынтәи 17 нызқьҩык аиааира рхы ақәырҵеит. Ареспублика атәылауаа 22-ҩык Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ду рыхҵан.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0