Кархалааԥҳа: саб иашьа дызлардыршаз асалам шәҟәы иаҳәшьа лыхьӡала иџьыба иҭан

© Foto / из архива семьи КархалаваАибашьра ду аветеран Кархалаа Хьизан Кәкә-иԥа иашьа иԥҳа Ирина Кархалааԥҳа.
Аибашьра ду аветеран Кархалаа Хьизан Кәкә-иԥа иашьа иԥҳа Ирина Кархалааԥҳа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеран, аамз раԥхьа зыхабар зҭаацәа рҟынӡа иааӡаз Кархалаа Хьизан иҭоурых дазааӷылоит Сырма Ашәԥҳа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Очамчыра араион Гәыԥ ақыҭа инхоз Кархалаа Хьизан Кәкә-иԥа, Аџьынџьтәылатә еибашьра ду ианалага, аԥсуаа аӡәырҩы реиԥш еибашьра дцеит. Аҭаацәараҿы зынӡа быжьҩык ахшара ыҟан, зегь иара дреиҳабын, 24 шықәса ракәын ихыҵуаз. Аибашьра анеилга, Хьизан Кархалаа аҩныҟа дзыхнымҳәит, ихабар иахьа уажәраанӡа иҭаацәа ирыздыруамызт. Ус шаҟа шықәса ныхиаала ицазеи?!

© Foto / из архива семьи КархалаваАибашьра аветеран Очамчыра араион Гәыԥ ақыҭа инхоз Кархалаа Хьизан Кәкә-иԥа
Кархалааԥҳа: саб иашьа дызлардыршаз асалам шәҟәы иаҳәшьа лыхьӡала иџьыба иҭан - Sputnik Аҧсны
Аибашьра аветеран Очамчыра араион Гәыԥ ақыҭа инхоз Кархалаа Хьизан Кәкә-иԥа

Иҭынхацәа, ҳәарада, иӡбахә џьара ираҳауазар ҳәа еснагь иазҿлымҳан, аха аӡәгьы еилкааны изҳәомызт. Аибашьра ду аветеран иашьа иԥҳа Ирина Кархалааԥҳа, лаб иашьа иҭоурых дазааҭгыло иазгәалҭеит.

Фатима Џьалаӷаниаԥҳа, аибашьра ду аветеран Лиова Пила-иԥа имаҭа - Sputnik Аҧсны
Џьалаӷаниаԥҳа: сабду аԥшьбатәи ихшара лбара дахьымӡеит, салам шәҟәыла ауп ишеиликааз

"Раԥхьа Қарҭ дыргеит, Қарҭынтәи диаган дыргеит Очамчыра. Иара иҭаацәа рахь Гәыԥҟа ажәа ааицҳаит еибашьра дшыргаз ала. Уи нахыс иӡбахә раҳауан Кавказ дыҟоуп ҳәа. Гәыԥ инхоз Ԥлиа хаҵак Кавказтәи аибашьраҿы дшибахьаз ҳзеиҭеиҳәахьан. Иара аибашьраҿы ахәрагьы иоухьан. Уи нахыс Хьизан Кархалаа иӡбахә ҳәа уаҳа акгьы ыҟамызт, иҳаздыруамызт", - лҳәеит Ирина Кархалааԥҳа.

Хьизан Кархалаа иашьцәеи иаҳәшьцәеи ианрызҳа, рашьа иԥшаара иалагеит. Хьизан иашьеиҵбы Москваҟа ашәҟәқәа иҩуан ихабар изеилкаауазар ҳәа, аха џьаргьы акагьы ыҟаӡамызт.

"Ахьӡ архынҳәра" апроект анапхгаҩы Григори Скворцов, хабарада ибжьаӡыз рыԥшаара иазкуп имҩаԥиго аусура. Архивқәа рхархәарала иԥшаауеит Аԥсны иалҵны еибашьуаз, хабарда ибжьаӡыз рыхьӡқәа, рыԥсыжырҭақәа. Ари ажәабжь сара сҟынӡагьы иааӡеит, нас иҭел сыԥшаан сизасит, изеиҭасҳәеит саб иашьа дыбжьаӡны дшыҟоу, иԥшаараҟны ацхыраара изҳаҭозар", - ҳәа лгәы ԥшаауа дҳацәажәон Ирина Кархалааԥҳа.

Ус аамҭа ықәҳа ицон. Ира Кархалааԥҳа агәыӷра лыман, издыруада џьара џьашьахәк ҟаланы лаб иашьа изку жәабжь хәыҷык шԥалмаҳари ҳәа. Афырхацәа аиашазы ус баша рыхьӡ камшәозаап, иҟазаап ауаҩытәыҩса даниуа ицыршо алахьынҵагьы.

Апроект Возвращение имени аӡыргара мҩаԥысит. - Sputnik Аҧсны
Аԥсны 8 нызқьҩык Аџьынџьтәылатәи еибашьра Ду аҟны хабарда ибжьаӡит

"Сшымгәыӷуаз ҽнак аҭел дысзасуеит Скворцов, баб иашьа ихабар ҳаԥшааит иааҳартыз архив аҿы ҳәа сеиҳәеит. Аиаша шәасҳәап, иаасзымбатәбарахеит, ԥхыӡу лабҿабазу сзеилмырго аҟынӡа инеит сҭагылазаашьа. Очамчыра араион иаҵанакуаз рсиа анеихыршоз дҳаԥхьан ҳцеит ҳауа-ҳҭахыра. Ҳнапы иаиркит иара ихьӡ зҳәоз, инацәкьыс ашьҭа зныз ашәҟәы. Иара убас, иџьыба иҭаз иаҳәшьа лыхьӡала асалам шәҟәы, дҭахоны дҟалозар ихаҭара злашьақәдыргылашаз, насгьы дахьҭахаз аҭыԥ, анышә дахьамадоу зегьы зныз аҩыра", - ҳәа азгәалҭоит аветеран иашьа иԥҳа.

Архив аҿы ирыԥшааз адокументқәа изларҳәо ала, Хьизан Кархалаа дҳәынҷаны дыргеит анемец фашистцәа. Иара дырхәит Ростов ицоз аибашьраҿы. Дыхәны дахькажьыз ауп анемеццәагьы дахьырҳәынҷаз.

"Дрыманы ицеит саб иашьа алазарет ахь, уа дышьҭарҵеит. Идырцало иалагеит дара дрыдгыланы аус рыциурц, аха ианиму ддыргәаҟуа иалагеит, анаҩс амла дарганы дыршьит. Иԥсҭазаара далҵит абҵарамза 28, 1942 шықәса рзы, анышә дамоуп Данецктәи Жәлар Рреспублика , Торез ақалақь аҿы", - ҳәа азгәалҭоит Ирина Кархалааԥҳа.

Аибашьра ду аветеран Хьизан Кархалаа анышә дахьамадоу аҭыԥ иааҭарц рҭахуп иҭынхацәа. Абриаҟара шықәса игәжәажәо изыԥшыз иуацәа рыԥсы еивыргеит изқәаҭыԥ ахьыҟоу анеилыркаа анаҩс. Хьаас ирымоуп, иара иан есыҽны имҩа даԥшуа дыштәаз, лԥа ихабар лзымдыркәа лыдунеи ахьылыԥсахыз.

"Саб иашьа ихабар ыҟамызт, аха иҟан ԥыҭрак анҵлак ашьҭахь иаауаз, аӡәы Америка дцәырҵуан, даҽаӡә Германиантәи даауан зҳәазеиԥш. Сабду сара дысгәалашәаӡом, санду хәыкласск рҿы стәан лыԥсҭазаара даналҵуаз. Амҩа аҿықә аҟны ҳанхон ҳара, џьара аӡәы диасны дцозар еснагь амҩаду ахь лылаԥш хан, илзымдыруаз аӡә дылбар, "Ара шәааи, шәыԥши, Хьизан иоума иаауа?", - лҳәон. Абас дшыгәжәажәоз санду, лԥа ибара лмбаӡакәа, ихабар лмаҳакәа лынарцәымҩа дықәлеит", - ҳәа азгәалҭеит Ирина Кархалааԥҳа.

Иара убас, Ирина Кархалааԥҳа лгәи-лылаӷырӡи еилаҵәо илҳәеит, лаб иашьа ихабар шраҳаз еиԥшҵәҟьа, рҭынхацәа Гәыԥ ақыҭан анышә иахьамадаз ишцаз, Хьизан иӡбахә шеилкаахаз ргәы инықәҳәаны аҩныҟа ишыхынҳәыз.

"Иашьеиԥацәа, иаҳәшьаԥацәа 25-ҩык рҟынӡа ҳаҟоуп. Хымԥада, ҳаб иашьа анышә дахьамадоу ҳцоит. Уажәааигәоуп иара изку адокументқәа ансырҭаз, хымзҟа роуп иҵуа. Ихабарҵәҟьа ҳаҳаижьҭеи иҵуа аамзҟа роуп", - лҳәеит Кархалааԥҳа.

Есышықәса ҳветеранцәа рхыԥхьаӡара есааира иагхоит. Аамҭеи ашықәси дара ртәы ҟарҵоит. Егьа ус акәзаргьы, иаанхеит урҭ ирчаԥаз рфырхаҵара, ргәалашәара лаша, еизҳауа абиԥарақәа рзы аԥхьаҟа иҿырԥшы бзианы иҟаларц зылшо.

Ветеран ВОВ Шония Алексей Иосифович. - Sputnik Аҧсны
Аветеран Шьониа: сҳамҭақәа рхыԥхьаӡара сгәалашәом, калаҭк азна ыҟоуп

"Агәабзиара рымазааит ҳветеранцәа, ашықәсқәа акыр цахьеит аха ақәра рацәа Анцәа ираҭәеишьааит иаанхаз. Иҭахаз рыԥсы мыӡааит, ҳаиқәдырхеит, афашистцәа ҳаргартә иҟарымҵеит, рыԥсаҭа бзиахааит. Зыӡбахә рмаҳацгьы рхабар иаарласны рҭынхацәа ираҳартә еиԥш иҟалааит, рыԥсқәа рыҩныҟа иааргартә еиԥш аҭагылазаашьа Анцәа ириҭааит", - ҳәа азгәалҭоит Ирина Кархалааԥҳа.

Ҳаиҳабацәа иаҳдырбаз агәаӷьра, аӷәӷәара, афырхаҵара, еиҵагылоз аҿар рзы иҿырԥшы бзианы иҟалеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз аамҭазы. Хаҭала иаҳҳәозар, Ирина Кархалааԥҳа лашьцәа рыхҩыкгьы Иура, Гена, Аркади, рыԥсадгьыл ахьчара иазгылеит.

"Гена дҭахеит Очамчыратәи ажәылараан жьҭаарамза 26, 1992 шықәсазы. Ақырҭқәа аԥсышьацәгьа ирҭеит, быжьхык илан, жәеизантә аҳәызба ҭыԥ дарган, еибгаз баҩык имамызт, дҟәаҟәан бааԥсыла. Аркади аибашьра зегьы ихигеит, авзвод иман "Капелла" ҳәа Мыркәыла ақыҭан. Аибашьра анаҩсангьы ашәа иҳәон, иҟалап Аԥсны измаҳац уаҩ дыҟамзар Аркади Кархалаа иашәақәа. Еимгеимцарак анроулак иҩызцәа днатәаны ргәы шьҭихуан. Аибашьра анаҩс, Гал аҳәаа аҳазалхраҿы аус иуан, иҩызцәеи иареи шаауаз Ҭагьелон ақыҭан амҩа рызкны апартизанцәа тәан, рмашьына ԥыржәеит, убас ԥсышьацәгьа иҭаны дҭадырхоит ақырҭқәа", - лгәи-лылаӷырӡи еилаҵәо дҳацәажәон аибашьцәа раҳәшьа.

Ирина Кархалааԥҳа аԥсҭазаара акыр дышкыднаҟьахьоугьы, лгәы рыладууп лашьцәа, лаб иашьа, урҭ рфырхаҵареи ргәымшәареи, раԥсуареи ирыбзоураны иахьа аҭынчра ҳамоуп, иҳамоуп аҵеира Аԥсны аԥеиԥш лаша уаҵәы ԥхьаҟа изгаша, урҭ ирыхәҭакуп Кархалаа рарԥарцәагьы.

Хымԥада, урҭ рааӡараҿы лхатә ҭыԥ ҷыда аанылкылоит зыблаҷыц еиԥш зашьцәа рыхшара ирыхӡыӡаауа, амҩа иаша иқәызҵо Ирина Кархалааԥҳа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0