Аԥсны Аҳәынҭқарратә инвестагентра аинвестициатә проектқәа рышәҟәынҵа аԥнаҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәа аԥшаҳәа
Аҟәа аԥшаҳәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аинвестициатә проектқәа рышәҟәынҵа хықәкы хадас иамоуп аинвесторцәеи хаҭалатәи аҳәынҭқарратәи ахатәрақәа змоуи рыбжьара аусеицура армариара.

АҞӘА, лаҵара 10 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Аҳәынҭқарратә инвестагентра аофициалтә саит аҟны идәықәнаҵеит аинвестициатә проектқәа ронлаинтә шәҟәынҵа. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит агентра аиҳабы Саид Гәлариа.́

Иара иажәақәа рыла, апроект хықәкы хадас иамоуп аинвесторцәеи ахазхатәра змоуи аҳәынҭқарратә хатәтәыҩцәеи рыбжьара аусеицра армариара.

Заур Шалашава - Sputnik Аҧсны
Арадио
Шьалашьаа "25 шьаҿа" иазкны: аинвестициақәа рызҵаара ахылаԥшра ӷәӷәа аҭахуп

Иарбанзаалак апроект аинвестициатә проектқәа релектронтә шәҟәынҵа ианыларц азы иаҭахуп ахатәтәра азин шьақәзырӷәӷәо адокументқәеи, апаспорттә дыррақәеи, афотосахьеи, иаагоу аобиект азы адыррақәеи, иара убас ихарҭәаау азҵааранҵа.

Гәлариа иазгәеиҭеит раԥхьаҟа Аԥсны аинвестициатә хсаала аԥҵара ргәы ишҭоу.

"Аԥсны араионқәа рҟны аинвестициатә цхыраара зҭаху аобиектқәа рсиа шьақәҳаргылоит. Уи иабзоураны аинвесторцәа рзы имариахоит раионцыԥхьаӡа аобиектқәа рҭагылазаашьа аилкаареи урҭ рыҟны усмҩаԥгатәқәас еиҳа зымҩаԥгара маншәалахо аарԥшреи", - иҳәеит иара.

Аинвестициатә обиектқәа релектронтә шәҟәынҵа аусура иалагахьеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә инвестагентра аофициалтә саит аҟны. Ашәҟәынҵа алаларазы азыҳәа анашьҭразы аобиект иазку аинформациа нашьҭтәуп абри аелектронтә ҭыӡҭыԥ ахь: investagency@mineconom-ra.org ма аҭел +7 (840) 226-03-93 ала.

Ажәабжьқәа зегьы
0