Астудиа "Ассоль" афонд "Ашана" зхылаԥшуа ахәыҷқәа аспектакль рзықәнаргылоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАфонд "Ашана"
Афонд Ашана - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Астудиа "Ассоль" афонд "Ашана" хылаԥшра знаҭо ахәыҷқәа рзы иқәнаргыло аспектакль иаанашьҭуа аԥара ДЦП змоу ахәыҷқәа хҩык рыхәышәтәра иазынархахоит.

АҞӘА, лаҵара 14 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Атеатртә студиа "Ассоль" агәыҳалалратә спектакль "Оскар и Розовая Дама. 14 писем к Богу" лаҵара 15 рзы Аԥсуа драматә театр аҿы иқәдыргылоит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит афонд адиректор Мактина Џьынџьалԥҳа.

Астудиа "Ассоль" актиорцәа 12 - 16 шықәса рхыҵуеит. Астудиа анапхгаҩы Владлена Широкова лажәақәа рыла, аспектакль аԥсҭазаара уазнархәыцуеит.

"Насыԥла иҭәу аԥсҭазаара зхызгар зҭаху аҷкәын чымазаҩ изкуп аспектакль аҭоурых. Араҟа ирылацәажәоуп ақәыԥшцәа еиуеиԥшым рызҵаарақәа ирызку атемақәа. Аспектакль цәаҳәа ҟаԥшьны иагәылсуа: аҳаҭыреиқәҵара, абзиеибабара роуп", - лҳәоит лара.

Аспектакль ахь абилеҭ – 200 мааҭ иаԥсоуп. Астудиа "Ассоль" афонд "Ашана" хылаԥшра знаҭо ахәыҷқәа рзы иқәнаргыло аспектакль иаанашьҭуа аԥара азырхахоит ДЦП змоу ахәыҷқәа хҩык: Николь Хачатуриан, Наала Аҩӡыԥҳа, Николь Аргәынԥҳа рыхәышәтәра.

Арухаа агәыҳалалратә концерт азы: иаҳҿыԥшны ахәыҷқәа ацхыраара рызҭо ҟалар ҳҭахуп>>

"Ари ахәыҷтәы спектакль аҵак ду амоуп. Уахь инеиуа дшахьымхәуа агәра аагоит. Ҳгәыӷуеит аспектакль анымҩаԥсуа амш аҽны ауаа рацәаҩхап ҳәа", - лҳәоит лара.

Атеатртә студиа "Ассоль" агәыҳалалратә спектакль "Оскар и Розовая Дама. 14 писем к Богу" лаҵара 15 асааҭ 15:00 рзы Аԥсуа драматә театр аҿы идырбахоит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0