Раԥхьаӡа акәны Владислав Арӡынба игәалашәарақәа рышәҟәы ӡырган

© Foto / Алексей ТихомировРаԥхьаӡа акәны Владислав Арӡынба игәалашәарақәа рышәҟәы ӡырган
Раԥхьаӡа акәны Владислав Арӡынба игәалашәарақәа рышәҟәы ӡырган - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба диит лаҵара 14 1945 шықәса рзы.

АҞӘА, лаҵара 15 – Sputnik, Сариа Кәарацхьиаԥҳа. Раԥхьаӡа акәны Владислав Арӡынба игәалашәарақәа рышәҟәы "Сыԥсҭазаара" ӡырган ииарамш аҽны.

Џьамбул Инџьгьиа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Инџьгьиа Владислав Арӡынба изкны: ижәлар рыхьчара далагахьан анаукаҿы

Владислав Арӡынба еиҭагаҩыс аус ицызуаз Анна Керопиан лажәақәа рыла ашәҟәы аус адулара хацыркын 2005 шықәса рзы. Усҟан автор ихаҭа игәалашәарақәа лзеиҭеиҳәон, лара илкьыԥхьуан.

"Усҟан агәамбзиара шьҭиххьан. Ус шакәызгьы имчқәа еизыркәкәаны икабинет ахь днеиуан – аусурагь ҳалагон. Даара аинтерес рыман иара мацара иидыруаз ахҭысқәа. Игәалашәарақәа диаргон дызлацәажәоз аамҭақәа рахь. Уигьы азмырхакәа адокументқәа еиҿҳарԥшуан, АИХ рҟынтәи аинформациа ахархәара аҳҭон" ҳәа еиҭалҳәоит Анна Керопиан.

© Foto / Алексей ТихомировРаԥхьаӡа акәны Владислав Арӡынба игәалашәарақәа рышәҟәы ӡырган
Раԥхьаӡа акәны Владислав Арӡынба игәалашәарақәа рышәҟәы ӡырган - Sputnik Аҧсны
Раԥхьаӡа акәны Владислав Арӡынба игәалашәарақәа рышәҟәы ӡырган

Лара лажәақәа рыла Арӡынба ибзианы еиликаауан иаамҭа шкьаҿхахьаз. "Сыԥсҭазаара" убасеиԥш еиҿкаан – ианааҭаххалак ихуркәшартә еиԥш.

Ҳашыг: Владислав Арӡынба еснагь ахьӡи ахьымӡӷи дрызхәыцуан

"Ашәҟәы ахқәа рыла еихшан. Владислав иҳәалон: "Ушьҭахьҟа уанхьаԥшуа иулшаз шмаҷым убоит. Иара убасгьы иубоит иҟауҵашагьы шмаҷым. Зегь еизурҳаргьы ауеит, иауеит ихыдаутәыргьы. Уи зегьы знапы иану унаҩс иааиуа рыхшыҩи рыламысцқьареи роуп" ҳәа. Абри иацуҵараны иҟоузеи? Акгьы. Бродски иажәақәа заҵәык ацуҵар аур ҟалап: "Аидеалқәа рзы зхы зҭиуа ауаҩԥсы дыҟанаҵы ауп урҭ аидеалқәагьы рыԥсы анҭоу". Владислав Григори-иԥа иԥсҭазаара зегьы иидеалқәа ирзикит", - ҳәа лҳәоит лара.

Владислав Арӡынба аибашьра ашьҭахь игәҭеикит игәалашәарақәа азирхиарц. Абри атәы иҩыза, агазеҭ "Республика Абхазия" аредактор Витали Чамагәуа изеиҭеиҳәеит.

"90-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы Асҭамыр Ҭаниеи сареи ҳнеиԥхьеит, амемуарқәа аус рыдулара ҳадигалеит. Ҳәарада уи ҳақәшаҳаҭхеит. Аха сара цқьа исзеилкаауамызт абри аус аҿы Владислав ҳашицхраашаз. Ҳаицәажәара ашьҭахь аус шьақәхашәа иаанхеит, избанзар иара даара деилахан", - ҳәа еиҭеиҳәоит Чамагәуа.

Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба диит лаҵара 14 1945 шықәса рзы.

Иԥсҭазаара далҵит хәажәкыра 4 2010 шықәса рзы.

© Foto / Алексей ТихомировРаԥхьаӡа акәны Владислав Арӡынба игәалашәарақәа рышәҟәы ӡырган
Раԥхьаӡа акәны Владислав Арӡынба игәалашәарақәа рышәҟәы ӡырган - Sputnik Аҧсны
Раԥхьаӡа акәны Владислав Арӡынба игәалашәарақәа рышәҟәы ӡырган
Ажәабжьқәа зегьы
0