Аԥсуа кикбоксиорцәа Кисловодсктәи атурнир аҿы аԥхьахәқәа ирыԥсахеит

© Foto / Саид СмырСтавропольтәи атәылаҿацә Ахраҿеи "Ставрополье агәыӷырҭақәа" захьӡу Атәылаҿацәтә еицлабреи рыҟны аиааира згаз аԥсуа кикбоксиорцәа
Ставропольтәи атәылаҿацә Ахраҿеи Ставрополье агәыӷырҭақәа захьӡу Атәылаҿацәтә еицлабреи рыҟны аиааира згаз аԥсуа кикбоксиорцәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ставропольтәи атәылаҿацә Ахраҿеи "Ставрополье агәыӷырҭақәа" захьӡу Атәылаҿацәтә еицлабреи алагеит лаҵара 16 рзы, ихыркәшахоит лаҵара 19 рзы.

АҞӘА, лаҵара 19 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҟәатәи Аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы Аилак ааӡамҭацәа кикбоксинг азы Ставропольтәи атәылаҿацә Ахраҿеи "Ставрополье агәыӷырҭақәа" захьӡу Атәылаҿацәтә еицлабреи аҟны қәҿиарала иқәгылеит. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит аспортсменцәа рытренер Саид Смыр.

"Ари атурнир аҟны Аԥснынтәи хәҩык аспортсменцәа алахәын. Гәдиса Хьиба (2002 ш. ииз, 60 кг иҟоу), Илиа Дочиа (2003 ш. ииз, 60 кг рҟынӡа иҟоу) ахьтәы медалқәа роуит. Азнаур Шхаев (2003 ш. ииз, 48 кг рҟынӡа иҟоу) иааникылеит аҩбатәи аҭып, иагьианаршьеит "Аиааира агәазыҳәаразы" аԥхьахә, иара убас Александр Зыхәбеи (2005 ш. ииз, 44 кг рҟынӡа иҟоу) Беслан Дочиеи (2005 ш. ииз, 44 кг рҟынӡа иҟоу) ахԥатәи аҭыԥ ааныркылеит", - иҳәеит Смыр.

© Foto / Саид СмырСтавропольтәи атәылаҿацә Ахраҿеи "Ставрополье агәыӷырҭақәа" захьӡу Атәылаҿацәтә еицлабреи рыҟны аиааира згаз аԥсуа кикбоксиорцәа
Аԥсуа кикбоксиорцәа Кисловодсктәи атурнир аҿы аԥхьахәқәа ирыԥсахеит - Sputnik Аҧсны
Ставропольтәи атәылаҿацә Ахраҿеи "Ставрополье агәыӷырҭақәа" захьӡу Атәылаҿацәтә еицлабреи рыҟны аиааира згаз аԥсуа кикбоксиорцәа

Аицлабрақәа мҩаԥысуеит Кисловодск ақалақь Ахәыҷтәы-қәыԥштә спорт школ № 1 аҟны. Уи иалахәуп Ставропольтәи атәылаҿацә, Адыгеиа, Краснодартәи атәылаҿацә, Ҟабарда-Балкариа, Ҟарачы-Черқьесиа, Калмыкиа, Аҩада Уаԥстәыла - Аланиа, Москва, Аԥсны рҟынтәи акикбоксиорцәа.

Аицлабрақәа "Ставрополье агәыӷырҭақәа" мҩаԥыргоит иҳаҩсхьоу ашәышықәса 90-тәи ашықәсқәа раахижьҭеи, сынтәа уи иалахәуп 215-ҩык аспортсменцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0