Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрраҟны Аслан Бжьаниа иҭагылазаашьа иахцәажәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукҬамаз Ҵахнакьиа
Ҭамаз Ҵахнакьиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Аслан Бжьаниа игәабзиара аҭагылазаашьа иахцәажәеит амедицинатә коллегиа алахәылаҩцәа русуратә еилатәараҟны ашәахьа, лаҵара 20 рзы.

АҞӘА, лаҵара 20 - Sputnik. Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра аколлегиа иаԥхьаӡоит Аслан Бжьаниеи уи ихьчаҩцәеи рдиагнози, иара убас адепутат адәныҟантәи анырра иоуу, иимоуу атәы алацәажәара заацәоуп ҳәа.

"Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра Аслан Бжьаниа игәабзиара аҭагылазаашьа иацклаԥшуеит уи данычмазаҩхаз амш инаркны. Москва ақалақь агәабзиарахьчара адепартамент анапхгаҩы, Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистр идҵала, адепутат иҭагылазаашьа хаҭала дазҿлымҳауп. Апациент ииҭаху ацхыраара оперативла иоуеит. Убас шакәугьы, Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра аобиективтә мзызқәа ирыхҟьаны (апациент иақәшаҳаҭра аҟамзаара) Бжьаниа идиагноз азы инҭырҳәцаау аинформациа амам", - агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура Ҭамаз Ҵахнакьиа иажәақәа аанагоит.

Аԥсны атерапевт хада Анжела Арҷелиа, асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик, аӡбара-медицинатә експерт хада Геннади Бобуа, Аҳәынҭқарратә хәышәтәырҭа аневролог Нара Иванба еицҿакны иазааит аинтернет аҟны ахархәара зауз атерминқәа "абульбартә", "миастеноеиԥшратә синдром" диагнозны иузыԥхьаӡом, урҭ еиуеиԥшым ачымазарақәа ирыдҳәаланы ауаҩы ицәеижь аҟны ицәырҵыр ҟалоит ҳәа.

Апарламент аҿаԥхьа аоппозициаа еиҿыркааз амитинг - Sputnik Аҧсны
Аоппозициаа иргәаԥхом Апарламент ахада иалхрақәа ррыцхә ахьахырымгаз

Уи адагьы, аҳақьымцәа изларҳәо аа, Германиантәи иааиз аекспертиза адыррақәа рыла, Аслан Бжьаниа ицәеижь аҟны ихьанҭоу аметаллқәа рылазаара ҳаракӡам. Убри азы Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра аекспертцәа адепутат дышҳамыркын ҳәа аҳәара заацәоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит.

"Ачымазаҩ иҭагылазаашьа зеиԥшроу азы иҟаҵәҟьоу аинформациа ҳауаанӡа игәаӷьыуацәоуп ас еиԥш иҟоу ацәажәарақәа рымҩаԥгара", - иҳәеит Ҭамаз Ҵахнакьиа, аколлегиа аусура хыркәшо.

Иара убасгьы иара иазгәеиҭеит уи аҩыза аинформациа иаарласны Аԥсны Апрокуратура хада иаанашьҭраны ишыҟоу.

Аԥсны аоппозициатә мчрақәа рхада Аслан Бжьаниа Москватәи ахәышәтәырҭа дҭоуп мшаԥы 18 раахыс. Уи игәабзиара аҭагылазаашьа аиԥш зеиԥшу рыхьны Склифосовски ихьӡ зху ахәышәтәырҭа иҭашәеит уи ихьчаҩцәа Кьасоу Дарсалиеи Леван Бжьаниеи.

Лаҵара 2 рзы аоппозицитә мчқәа апресс-конференциаҿы ирыларҳәеит Аслан Бжьаниа атәыла ахадак иаҳаса

Апарламент Аԥсны ахада иалхрақәа ррыцхә аиҭагара мап ацәнакит - Sputnik Аҧсны
Апарламент Аԥсны ахада иалхрақәа ррыцхә аиҭагара мап ацәнакит

бала ихьӡ рҳәараны ишыҟоу азы.

Аҩӡба еиҭеиҳәеит Апарламент аҿы имҩаԥысуа амитинг аҿы адепутатцәа рыӡбамҭа шрыдыркылаз>>

Лаҵара 16 рзы аҳәамҭа ҟаҵан Аслан Бжьаниа ишьа артут аланы ишышьақәыргыло, уи иаанаго ашҳамыркра шизуз ауп ҳәа. Аслан Бжьаниа идгылаҩцәа алхрақәа рыҿҳәара инахазарц ажәадгала ҟарҵеит.

Лаҵара 17 рзы Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак еиҿнакааит агәыԥ ҷыда, лаҵара 20 инаркны урыстәылатәи апрокуратура аусзуҩцәа алархәны иҟалаз ахҭыс ҭызҵаауа.

Лаҵара 20 рзы аоппозициатә мчрақәа Реидгыла Аԥсны апарламент аҿаԥхьа амитинг мҩаԥыргоит алхрақәа ҭагалан ахь риагара азҵаара инадҳәаланы.

Ажәабжьқәа зегьы
0