Аоппозициа адгылаҩцәа Бзыԥи Тамшьи амҩақәа ркит

CC0 / / СТОП
СТОП - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аоппозициа Аԥсны азеиԥшмилаҭтә ҿагылареи иҷыдалкаау аҭагылазаашьеи рыларҳәеит лаҵара 20 ауха.

АҞӘА, лаҵара 21 - Sputnik, Бадри Есиава. Аоппозициа ахаҭарнакцәа Бзыԥи Тамшьи иахьрыҵаркуа амҩа ԥҵәаны игылеит, абри атәы Sputnik акорреспондент иеиҳәеит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Гарри Аршба лаҵара 21 рзы. 

"Бзыԥ иахьаҵанакуа гәыԥҩык ауааԥсыра амҩа ааныркылеит, Тамшь араион аҿы ҩажәаҩык инарзынаԥшуа амҩа ԥырҵәеит",- иҳәеит Аршба. 

Иара иажәақәа рыла, ААР макьаназы амчи алшареи амаӡам ари аҩыза ахҭыс аҿагылара. Иара убасгьы иациҵеит ас еиԥш ахымҩаԥгашьа азакәан ишаҿагылоу.

Аоппозициа Аԥсны азеиԥшмилаҭтә ҿагылареи иҷыдалкаау аҭагылазаашьеи рыларҳәеит - Sputnik Аҧсны
Аоппозициа Аԥсны азеиԥшмилаҭтә ҿагылареи иҷыдалкаау аҭагылазаашьеи рыларҳәеит

Аоппозициа Аԥсны азеиԥшмилаҭтә ҿагылареи иҷыдалкаау аҭагылазаашьеи рыларҳәеит лаҵара 20 рзы ахәылбыҽха.

Аоппозициа ахаҭарнакцәа Аԥсны Апарламент ахыбра аԥхьа еизеит ахада иалхрақәа ррыцхә ԥхынгәы 21 рҟынтәи ҭагалан ахь аиагаразы адҵа ақәыргыларазы, Аслан Бжьаниа игәабзиара аҭагылазаашьа иахҟьаны алхрақәа рылахәра ахьилымшо иахҟьаны.

Аоппозициа ахаҭарнакцәа изларҳәо ала, Бжьаниа ашҳам илаҵан.

Аԥсны Жәлар Реизара ахада иалхрақәа ррыцхә ԥхынгәы 21 аҟынтәи 2019 шықәса ҭагалан ахь ахыгара мап ацәнакит.

Аоппозициа: ахада иалхрақәа ахьахырымгаз азы аҿагыларатә акциа мҩаԥаагоит>>

Аԥсны аоппозициатә мчрақәа рхада Аслан Бжьаниа Москватәи ахәышәтәырҭа дҭоуп мшаԥы 18 раахыс. Уи игәабзиара аҭагылазаашьа аиԥш зеиԥшу рыхьны Склифосовски ихьӡ зху ахәышәтәырҭа иҭашәеит уи ихьчаҩцәа Кьасоу Дарсалиеи Леван Бжьаниеи.

Апарламент аҿаԥхьа имҩаԥысуа амитинг - Sputnik Аҧсны
Амитинг аҟны иеизаз Рауль Ҳаџьымба имаҵура аанижьырц ааԥхьара ҟарҵеит

Лаҵара 2 рзы аоппозицитә мчқәа апресс-конференциаҿы ирыларҳәеит Аслан Бжьаниа атәыла ахадак иаҳасабала ихьӡ рҳәараны ишыҟоу азы.

Лаҵара 16 рзы аҳәамҭа ҟаҵан Аслан Бжьаниа ишьа артут аланы ишышьақәыргыло, уи иаанаго ашҳамыркра шизуз ауп ҳәа. Аслан Бжьаниа идгылаҩцәа алхрақәа рыҿҳәара инахазарц ажәадгала ҟарҵеит.

Лаҵара 17 рзы Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак еиҿнакааит агәыԥ ҷыда, лаҵара 20 инаркны урыстәылатәи апрокуратура аусзуҩцәа алархәны иҟалаз ахҭыс ҭызҵаауа.

Лаҵара 20 рзы аоппозициатә мчрақәа Реидгыла Аԥсны апарламент аҿаԥхьа амитинг мҩаԥыргоит алхрақәа ҭагалан ахь риагара азҵаара инадҳәаланы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0