Тамшь ақыҭан автотрассаҿ аныҟәара хацыркхеит

© SputnikТамшь ақыҭан автотрассаҿ аныҟәара хацыркхеит
Тамшь ақыҭан автотрассаҿ аныҟәара хацыркхеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Тамшьи Бзыԥи ақыҭақәа рҿы лаҵара 21 рзы амҩаҿ аныҟәарақәа ԥкын. Шьыжьнаҵы Бзыԥ ақыҭан атрасса ахы иақәиҭыртәит.

АҞӘА, лаҵара 21 –Sputnik. Аоппозициа адгылаҩцәа Тамшь ақыҭаҿтәи амҩатә хәҭа аблокада ахырхит. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит ақыҭа ахада Вадим Занҭариа.

СТОП - Sputnik Аҧсны
Аоппозициа адгылаҩцәа Бзыԥи Тамшьи амҩақәа ркит

"Еилагылаз амашьынақәа зегьы ауҳашьҭит. Аҭамзаара шьҭаҳҵоит ауадаҩра ауаа ахьақәҳаршәаз. Ҳара аҭынч акциоуп имҩаԥаагоз. Ҳаԥшуп аҟәантәи иҳаҳауа ҳәа" - иҳәеит Занҭариа. Иара убри аан иҳәеит Тамшь игылаз ауаа бџьарла еибыҭан ҳәа ирыладырҵәаз ажәабжь ҵаҵӷәыдоуп ҳәа.

Уаанӡа шьыжьнаҵы Бзыԥ ақыҭан атрасса ахы иақәиҭыртәхьан.

Sputnik акорреспондент дзыҿцәажәоз Очамчыра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Славик Қәычбериа иҳәеит тамшьаа атранспорт мҩанрыжьуамызт лаҵара 21 ауха инаркны ҳәа.

"Иаха хаҭала уа сыҟан. Тамшьаа зегьы еизаны игылан. Ашколтә автобусқәа, Аҟәа, ԥсоу ицоз автобусқәа ииарыжьуамызт. Ауаа агәҭынчымра аадырԥшуан, игәамҵуан", - иҳәеит иара.

Аслан Бжьаниа Москватәи ахәышәтәырҭа дҭоуп мшаԥы 18 раахыс. Уи игәабзиара аҭагылазаашьа аиԥш зеиԥшу рыхьны Склифосовски ихьӡ зху ахәышәтәырҭа иҭашәеит уи ихьчаҩцәа Кьасоу Дарсалиеи Леван Бжьаниеи.

Тамшь ақыҭа ахада: иаҳҭаху ҟарҵаанӡа амҩаду ҳангылазаауеит

Лаҵара 2 рзы аоппозицитә мчқәа апресс-конференциаҿы ирыларҳәеит Аслан Бжьаниа атәыла ахадак иаҳасабала ихьӡ рҳәараны ишыҟоу азы.

Лаҵара 16 рзы аҳәамҭа ҟаҵан Аслан Бжьаниа ишьа артут аланы ишышьақәыргыло, уи иаанаго ашҳамыркра шизуз ауп ҳәа. Аслан Бжьаниа идгылаҩцәа алхрақәа рыҿҳәара инахазарц ажәадгала ҟарҵеит.

Аоппозициа адгылаҩцәа Бзыԥи Тамшьи амҩақәа ркит

Лаҵара 17 рзы Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак еиҿнакааит агәыԥ ҷыда, лаҵара 20 инаркны урыстәылатәи апрокуратура аусзуҩцәа алархәны иҟалаз ахҭыс ҭызҵаауа.

Лаҵара 20 рзы аоппозициатә мчрақәа Реидгыла Аԥсны апарламент аҿаԥхьа амитинг мҩаԥыргоит алхрақәа ҭагалан ахь риагара азҵаара инадҳәаланы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0