Москва Аԥсны амчрақәеи аоппозициеи рҳәоуеиқәшәара еигәырӷьоит

© Sputnik / Наталья Селиверстова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМосква
Москва - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ахада Иусбарҭа агәахәара аиуит Аԥсны имҩаԥысуаз ахҭысқәа рышьҭахь амчрақәеи аоппозициеи ражәа акахьы иахьнаргаз.

АҞӘА, лаҵара 22 - Sputnik. Урыстәыла ахада Иусбарҭа ахаҭарнак, аполитолог Алексеи Чеснаков адырра ҟаиҵеит Рауль Ҳаџьымбеи аоппозициа алидерцәеи иаку ӡбарак иахьазкылсыз Урыстәыла ахада Иусбарҭа агәахәара анаҭоит ҳәа.

Митинг оппозиционных сил у здания Парламента  - Sputnik Аҧсны
Аҳәынҭқарра анапхгареи аоппозициеи еиқәшаҳаҭхеит

Аҳәоуеиқәымшәарақәа азин ҟазшьа рыманы рҭышәныртәалара, аконституциатә ҳәаақәа рҭагӡара шьахәуп. Москва згәамбзиара шьақәзыргыло Аслан Бжьаниа алхрақәа дрылахәхартә аҟалара мап ацәымкрагьы компромиссуп, аҭагылазаашьа шьақәнартәоит.

Рауль Ҳаџьымба еиԥш Аслан Бжьаниагьы аусбарҭа аусзуҩцәа ибзианы дырдыруеит. Арҭ рҩыџьагьы Аԥсныи Урыстәылеи ԥхьаҟагьы русеицуреи реинырреи иадгылаҩцәоуп.

Ашәахьа, лаҵара20 рзы Аԥсны аоппозициа Апарламент ахь инеиит атәыла ахада иалхрақәа рыҿҳәара инахарц азы адҵа ҟаҵо.

Аҿагыларатә акциа ҵаҵӷәыс иаман аоппозициаа раԥхьагыла Аслан Бжьаниа игәамбзиара. Иара идгылаҩцәа ргәаанагарала уи игәамбзиара адәныҟатә нырра иахҟьеит.

Аҵыхәтәаны аоппозициеи амчрақәеи реилацәажәара иалҵшәаны алхрақәа рыҿҳәара инахеит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0