Ашықәс иалагазар Ҟрымҟа инеихьеит миллионҩык атуристцәа

© Sputnik / Алексей Мальгавко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРегионы России. Крым
Регионы России. Крым - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ииасыз ашықәс иаҿырԥшны аԥыжәара аманы иҟоуп Ҟрым азы атуристцәа рҭаара. Ашықәс иалагазар Ҟрымҟа инеихьеит миллионҩык атуристцәа.

АҞӘА, лаҵара 22 – Sputnik. 2019-тәи ашықәс иалагазар Ҟрымҟа инеихьеит миллионҩык атуристцәа, 2018 шықәса иаҿырԥшны уахәаԥшуазар ари 20% рыла еиҳауп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Ареспублика акурортқәеи атуризми рминистр Вадим Волченко иҳәеит ҟрымтәи акурортқәа аԥсшьаҩцәа ишырзыԥшу. Аминистр иажәақәа рыла иахьазы заанаҵы иҿарҵахьо аԥсшьарҭа ҭыԥқәа рхыԥхьаӡара 60% иҟоуп.

"Ари иаанаго аусқәа маншәалахоит ауп", - иҳәоит Волченко.

2018 шықәса рзы Ҟрым 132 тәыла рҟынтәи иааз 6 миллионҩык аԥсшьаҩцәа аднакылеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0