Илахҿыху ашьыжь: Аҟәа имҩаԥысит афонд "Ашана" аспорттә акциа

© SputnikАҟәа имҩаԥысит афонд "Ашана" аспорттә акциа "Илахҿыху ашьыжь"
Аҟәа имҩаԥысит афонд Ашана аспорттә акциа Илахҿыху ашьыжь - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афонд "Ашана" ихацнаркыз аспорттә акциа "Илахҿыху ашьыжь" мҩаԥысит лаҵара 25 рзы ашьыжь. Sputnik акорреспондент иматериал аҿы шәаԥхьар шәылшоит ари акциа аԥеиԥши, уи иалахәызи, иара убас ари аҽны зымшира агәазҭоз дарбануи ртәы.

Бадри Есиава, Sputnik

Раԥхьатәи "Илахҿыху ашьыжь" алагеит Аҟәа, Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы асааҭ 9:00 рзы. Арахь иааит 30-ҩык рҟынӡа адуцәеи ахәыҷқәеи.

Аӡӷабцәа иога рҽазыҟарҵоит амшын аԥшаҳәаҿы - Sputnik Аҧсны
"Илахҿыху ашьыжь": афонд "Ашана" аспорттә акциа хацнаркуеит

Амшгьы ари аҩыза аус азы уаҳа назҭахымыз акәын. Амра аԥҭақәа инрывалан, амшын ахьтә иаауаз аԥша хьшәашәа иеизаз аҽрыннадон. Ааигәа-сигәа ашәҭқәа зҿалаз аҵиаақәа рыфҩы лаҳалаҳауан.

Апрограмма иалан аҭаалымҟаҵара, ажьышәақәеи аҟәартәрақәеи рзы, иара убас аԥсыԥ алага-ҩагареи анервтә система хадеи реиҭашьақәыргыларазы абаҩрҵәыра. Урҭ мҩаԥылгон азыҟаҵаҩ Ксениа Даничева. Лара лԥа хәыҷы Тимофеигьы аԥшаҳәахьы даалгеит.

© SputnikАҟәа имҩаԥысит афонд "Ашана" аспорттә акциа "Илахҿыху ашьыжь"
Илахҿыху ашьыжь: Аҟәа имҩаԥысит афонд Ашана аспорттә акциа - Sputnik Аҧсны
Аҟәа имҩаԥысит афонд "Ашана" аспорттә акциа "Илахҿыху ашьыжь"

Акциа аиҿкааҩцәа аспорт абзиабаҩцәа аԥсшәа рарҳәеит, иара убас Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Леон Кәарҷиа ажәа ирҭеит.

Иара ихәҭаахьала афонд "Ашана" аусзуҩцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит излагаз аԥшьгамҭазы.

"Зегьы еицыжәдыруеит аҳәынҭқарра ӷәӷәа аргылара зылшо агәабзиара зҩыда змоу ауааԥсыра шракәу. Убри азы афонд "Ашана" ахахьы иагаз аспорти агәабзиара арзҩыдареи аларҵәара иазку аԥшьгамҭа аҵак ду амоуп ҳуаажәларразы", - иҳәеит Кәарҷиа, иагьадиԥхьалеит ақалақь ауааԥсыра зегьы ари акциа рҽаладырхәырц.

Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан илахҿыху амузыка абжьы рдуны иаҿакны. Ксениа иеизаз идлырбоз аҽаршьцыларақәа гәахәарыла илыцҟарҵон. Аҽазыҟаҵара 40 минуҭ ицон. Уи иалахәыз рахьтә еиҳа гәацԥыҳәарала иазнеит ҳәа иазыԥхьаӡазар алшоит ахореографиатә коллектив "Амзаҿа" иалоу аҭыԥҳацәа. Урҭ рахьтә Кира Џьопуа захьӡыз ӡӷабк лымшира акәын. Лара илхыҵит 11 шықәса. Лныҳәамш дахәамԥшыкәа, лҩызцәеи лыманы аԥшаҳәахьы дааит, акциа лҽалалырхәырц.

© SputnikАҟәа имҩаԥысит афонд "Ашана" аспорттә акциа "Илахҿыху ашьыжь"
Илахҿыху ашьыжь: Аҟәа имҩаԥысит афонд Ашана аспорттә акциа - Sputnik Аҧсны
Аҟәа имҩаԥысит афонд "Ашана" аспорттә акциа "Илахҿыху ашьыжь"

Агәыҳалалратә фонд "Ашана" аԥҵаҩы Беслан Шьакаиа иажәақәа рыла, ари аҩыза акциа амҩаԥгара игәы иҭеижьҭеи акыр ҵуан.

"Ашьыжь ҳусқәа ҳашрылаго иахьыԥшуп ҳамш зегьы шымҩаԥысуа, ҳгәалаҟазаара зеиԥшрахо, ҳусқәа шҳақәманшәалахо. Иахьа раԥхьаӡа акәны ҳалагеит. Шьоукы ирҭахуп шьыбжьон имҩаԥаҳгаларц, шьоукы - ахәылбыҽха. Уи иаанаго - ахҿлымҳара рызцәырҵит ауп. Уи зегьы ирыцкуп", - азгәеиҭеит Шьакаиа.

Иара игәы ишаанаго ала, хара имгакәа Аҟәа аԥшаҳәа аспорти азҩыдареи бзиа избо рыла иҭәызаауеит. Ас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа ҿырԥштә бзиас ироуроуп егьырҭ Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи.

Афонд Ашана аԥареизгара хацнаркит - Sputnik Аҧсны
Шәыцхыраара ҳҭахуп: Афонд "Ашана" аԥареизгара хацнаркит

Иара убас Беслан Шьакаиа иазгәеиҭеит ихаҭагьы аспорт бзиа ишибо, аԥкьаҭымпыл дшасуа, аспорттә шьаҿеихгара инапы шалаку, аха хьаас имоуп уи азы зны-зынла аамҭа ахьицәмаҷу.

"Ашана" аиҳабы Мактина Џьынџьалԥҳа ари аҩыза ашьыжьтәи аҽаршьцыларақәа рышьҭахь улахҿыхӡа, умчқәа ҭаланы ушыҟарҵо азгәалҭеит. Лара уаанӡа аспортзал ахь дныҟәон, аха аҳауа цқьаҿы аҽазыҟаҵара акыр еиӷьуп лҳәеит лара.

"Илахҿыху ашьыжь" афонд "Ашана" ессабша амҩаԥгара агәы иҭоуп. Амшцәгьа ҟалозар, аҽазыҟаҵарақәа риагаразы асоциалтә ҳақәа рыла адырра ҟарҵалоит.

Асабша, рашәара 1 азы акциа ҟалаӡом, избанзар Аԥсны иҟалоит Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш иазку аусмҩаԥгатәқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0