Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа аҵаҩцәа аҳасабырбатә концерт мҩаԥыргоит

© Sputnik / Томас ТхайцукДуэтный концерт Piano Duo в Абхазской Государственной филармонии имени Рождена Гумба
Дуэтный концерт Piano Duo в Абхазской Государственной филармонии имени Рождена Гумба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аконцерт апрограмма шьақәгылоуп Барокко аамҭа инаркны ХХ ашәышықәса аклассикатә музыкеи рыла.

АҞӘА, лаҵара 28 – Sputnik. Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа аҵаҩцәа раԥхьаӡа акәны аҳасабырбатә концерт мҩаԥыргоит аҵараиурҭа анҭыҵ – Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿ, лаҵара 28 асааҭ 18:00 рзы ҳәа радио Sputnik иазеиҭалҳәеит аҵараиурҭа адиректор Нинель Бжьаниаԥҳа.

"Аконцерт иалахәхоит аҵараиурҭа аҵаҩцәа: Каиа Хәупориа, Едуард Цатуриан, Елизавета Логәуаԥҳа, Валери Барганџьиа. Аконцерт апрограмма шьақәгылоуп Барокко аамҭа инаркны ХХ ашәышықәса аклассикатә музыкеи рыла" - лҳәеит лара.

Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа аҵаҩцәа раԥхьаӡа акәны аҳасабырбатә концерт мҩаԥыргоит аҵараиурҭа анҭыҵ. Уаанӡа Амузыкатә ҵараиурҭаҿы акәын иахьымҩаԥыргоз аҳасабырбатә концертқәа.

"Ахәыҷқәа азыҟаҵоуп. Асцена ду аҿы ақәгылара ацәшәара рымам. Рҟазара ахәаԥшцәа иддырбарц рылшоит", - лҳәоит Бжьаниаԥҳа.

Аконцерт алахәылацәа рҟынтәи ареспубликатәи жәларбжьаратәи аиндаҭларақәа ирылахәхахьо ыҟоуп. Дара азыҟалҵоит Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩы Елена Карабулат.

Ажәабжьқәа зегьы
0