Аҟәа имҩаԥысраны иҟоуп ашьапылампыл-маҷ азы А-Мобаил имҩаԥнаго аиндаҭлара

© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәа имҩаԥысраны иҟоуп ашьапылампыл-маҷ азы А-Мобаил имҩаԥнаго аиндаҭлара
Аҟәа имҩаԥысраны иҟоуп ашьапылампыл-маҷ азы А-Мобаил имҩаԥнаго аиндаҭлара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
А-Мобаил Ахраҿаз ашьапылампыл-маҷ асра мҩаԥысраны ишыҟоу атәы шәаԥхьар шәылшоит Sputnik аматериал аҿы.

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik

А-Мобаил Ахраҿаз ашьапылампыл-маҷ афбатәи атурнир мҩаԥысраны иҟоуп астадионқәа "Дэм", "Совмин" рҿы лаҵара 28 инаркны рашәара 10 рҟынӡа. Аиндаҭлара иалахәхоит 32 команда еиуеиԥшым ақалақьқәеи аусҳәарҭақәеи рҟынтә. Аӡбараз иааԥхьоуп урыстәылантәи аӡбаҩцәа.

© Sputnik / Томас ТхайцукА-Мобаил Ахраҿаз ашьапылампыл-маҷ афбатәи атурнир амҩаԥысра иазкыз апресс-конференциа
Аҟәа имҩаԥысраны иҟоуп ашьапылампыл-маҷ азы А-Мобаил имҩаԥнаго аиндаҭлара - Sputnik Аҧсны
А-Мобаил Ахраҿаз ашьапылампыл-маҷ афбатәи атурнир амҩаԥысра иазкыз апресс-конференциа

А-Мобаил Ахраҿаз ашьапылампыл-маҷ афбатәи атурнир амҩаԥысра иазкыз апресс-конференциа аҟны атурнир аиҿкааҩ, аилахәыра А-Мобаил PR аҟәша аиҳабы Алина Ҳаџьымԥҳа иазгәалҭеит ауснагӡатә хықәкны иамоу аԥсҭазаара зҩыда амҩаԥгара аларҵәара шакәу.

© Sputnik / Томас ТхайцукА-Мобаил PR аҟәша аиҳабы Алина Ҳаџьымԥҳа
Аҟәа имҩаԥысраны иҟоуп ашьапылампыл-маҷ азы А-Мобаил имҩаԥнаго аиндаҭлара - Sputnik Аҧсны
А-Мобаил PR аҟәша аиҳабы Алина Ҳаџьымԥҳа

"Аусура иалаҳаргеит асаит www.football.a-mobile.biz. Уа иалшоит атурнир иалахәхар зҭаху рыҽҭаҩра, ма арзаҳал анашьҭра. Сынтәа акомандақәа рлахәылацәа рхыԥхьаӡара фҩык рҟынтәи хәҩык рахь илбаагеит. Уи иалнаршоит еиҳа ахәмарра ахаҭабзиара аиҿкаара", - лҳәеит лара.

Ҳаџьымԥҳа илҳәеит ауснагӡатә иахықәку аспорт аныҳәа аԥҵара шакәу. Урыстәылантәи иааԥхьоу аӡбаҩ Александр Комаров иазгәеиҭеит асеиԥш иҟоу ауснагӡатәқәа ауаа рацәа шрыдрыԥхьало.

© Sputnik / Томас ТхайцукУрыстәылантәи иааԥхьоу аӡбаҩ Александр Комаров
Аҟәа имҩаԥысраны иҟоуп ашьапылампыл-маҷ азы А-Мобаил имҩаԥнаго аиндаҭлара - Sputnik Аҧсны
Урыстәылантәи иааԥхьоу аӡбаҩ Александр Комаров

"Аспорт ауаа еиднакылоит. Уи гәахәароуп", - иҳәеит арбитр.

Аилахәыра А-Мобаил PR аҟәша аиҳабы Алина Ҳаџьымԥҳа иеиҭалҳәеит фышықәса раԥхьа ауснагӡатә асеиԥш аҽарҭбаап ҳәа ишақәымгәыӷуаз.

"Ҳара ҳҽазаҳшәоит ауснагӡатә еиҳа-еиҳа ауаа рацәа алахәхарц", - лҳәеит лара.

Атурнир рҽаладырхәуеит рышықәс иахьмырԥшыкәа изҭаху зегьы. Ара еиндаҭлоит аилахәырақәа, аусҳәарҭақәа, анаплакқәа.

Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны - "Ашьапылампыл-маҷ азы А-Мобаил Ахраҿа" информациатә партниорны иҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0