Акциа "Иқьиоу акартош" аан иалагалаз аԥара хынтә еиҳауп уаанӡа еизыргоз аасҭа

© SputnikАхәыҷқәа рыхьчара амш
Ахәыҷқәа рыхьчара амш - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афонд "Ашана" агәыҳалалратә акциа "Ахәыҷра аныҳәа. Иқьиоу акартош" Аҟәа имҩаԥысит Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш рашәара 1 азы.

АҞӘА, рашәара 3 – Sputnik, Бадри Есиава. Агәыҳалалратә акциа "Ахәыҷра аныҳәа. Иқьиоу акартош" аҟны сынтәатәи аизгарақәа 2018 шықәсазтәи акциа иаҿурԥшуазар, хынтә иазҳаит, абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭалҳәеит афонд "Ашана" анапхгаҩы Мактина Џьынџьалԥҳа.

"Акциа "Иқьиоу акартош" аҟынтәи идырҳаз аԥара иартәеит 70 нызқь 50 мааҭ. Уи аҩыза алҵшәа бзиоуп ҳәа азыҳаԥхьаӡоит. Уи ҵыԥхтәи арҳамҭа аасҭа хынтә еиҳауп. Усҟан 27 нызқь мааҭ роуп иҳарҳаз. Акциа амҩасшьагьы ахә ҳаракны иаҳшьоит. Ауаа ахҳәаа бзиақәа азыруеит", - азгәалҭеит Џьынџьалԥҳа.

Иара убас афонд "Ашана" имҩаԥнагеит агәыҳалалратә џьармыкьа, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны аҭыԥантәи ақьафурҭақәа, адәқьанқәа, аарыхыҩцәа раалыҵ рҭиуан. Ари акциа афонд "Ашана" иазаанагеит 15 нызқь мааҭ инацны.

Идырҳаз аԥарақәа зегьы афонд "Ашана" хылаԥшра знаҭо Леон Қриеи Амир Ҳалуашьи рыхәышәтәрахь ирышьҭуеит.

Акциа Иқьиоу акартош - Sputnik Аҧсны
Ахәыҷра аныҳәа: агәыҳалалратә акциа "Иқьиоу акартош" Аҟәа имҩаԥысуеит

Акциа "Ахәыҷра аныҳәа. Иқьиоу акартош" раԥхьаӡа имҩаԥысит 2017 шықәсазы, уи аахижьҭеи уи традициа бзианы аара иаҿуп. Уажәазы идырҳауа аԥара афонд "Ашана" иахыԥхьаӡалоу ахәыҷқәа Леон Қриеи Амир Ҳалуашьи рыхәышәтәрахь ирышьҭуеит. Леони Амири рыхәышәтәразы 50 нызқь мааҭ еизыргахьеит, иҵегьы иаҭахуп 200 нызқь мааҭ.

Акциа излазԥхьагәанаҭо ала, акартош ӡны ("картофель фри" - аред.) порциак аазхәо ирҭоит "Агәыҳалалра амхылдыз", уи ашьҭахьтәи аган алотереиатә номерқәа анын. Анаҩс уи алотереиаҟны иаиааиуа агәаларшәагатә ҳамҭақәа рырҭеит.

Аинформациатә агентра Sputnik Аԥсны - акциа "Ахәыҷра аныҳәа. Иқьиоу акартош" аинформациатә партниорс иҟоуп.

Аԥхынра актәи амш азы иазгәарҭо Ахәыҷқәа рыхьчара амш жәларбжьаратәи аныҳәақәа рахьтә еиҳа зхыҵуа иреиуоуп. Уи адунеи аҟны иазгәарҭо иалагеит 1950 шықәса инаркны. Иара амҩаԥгара аҭахуп ҳәа аӡбеит Аҳәса жәларбжьаратәи рдемократиатә федерациа иҷыдоу асессиаҟны 1949 шықәса абҵарамзазы. Еиду амилаҭқәа реиҿкаара ари аԥшьгамҭа иадгылеит, иагьрыланаҳәеит иара аусураҟны ахәыҷқәа рзинқәеи, рыԥсҭазаареи, ргәабзиареи рыхьчара ихадоу хырхарҭаны ишыҟало.

Ажәабжьқәа зегьы
0