Аԥснытәи ашьапылампыласцәа Сапми акоманда иаиааиит

© Foto / Федерация футбола АбхазииАԥснытәи ашьапылампылтә команда Сапми акоманда иаиааиит
Аԥснытәи ашьапылампылтә команда Сапми акоманда иаиааиит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашьапылампыл азы Европа ачемпионат ConIFA-2019 аҟны Аԥсныи Сапми (Лапландиа) ркомандақәа реицыхәмарра мҩаԥысит Виген Шириниан ихьӡ зху астадион аҿы, Мартакерт.

АҞӘА, рашәара 4– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ашьапылампыл азы Европа ачемпионат ConIFA-2019 аҟны Аԥсныи Сапми (Лапландиа) ркомандақәа реицыхәмарраан Аԥснытәи акоманда аиааира агеит 1:0 ҳәа.

ашьапылампыл азы ConIFA-2019 - Sputnik Аҧсны
Актәи ахәмаррақәа: ашьапылампыл азы ConIFA-2019 ачемпионат амҩаԥысшьа

Ахәмарра актәи ахәҭа ампыл аиҳарак адәы агәҭаҿ акәын иахьыркыз. Ишәарҭаз аҭагылазаашьа аԥснытәи акомандаз иҟалеит 21-тәи аминуҭ азы. Сапми ахәмарыҩ ампыл амба иҭаиршәырц ак игымхеит, аха амбахьчаҩ Инал Кацәба акоманда еиқәирхеит.

Актәи атаим анҵәамҭаз аԥснытәи акоманда имҩаԥыргаз ажәыларақәа ирылҵшәахеит 45-тәи аминуҭ азы Георги Дгьебуаӡе иҭаиршәыз ампыл.

Аҩбатәи атаим еиҳа ицыхцыхны иалагеит, аха ампыл аҭаршәра залымшеит.

Иара убри аамҭазы агәыԥ "А" алахәылацәа Ашьха Ҟарабахи Чамериеи реицыхәмарра хыркәшахеит 3:1 ҳәа Чамериа аиааирала. Абасала агәыԥ аҿы акомандақәа ҩба-ҩба хәмарра мҩаԥыргахьеит.

© Foto / Федерация футбола Абхазииаԥснытәи акоманда
Аԥснытәи ашьапылампыласцәа Сапми акоманда иаиааиит - Sputnik Аҧсны
аԥснытәи акоманда

Аԥснытәи акоманда 6 очкок амоуп, Ашьха Ҟарабахи Чамериеи хԥа-хԥа очко рымоуп, Сампи макьаназ очко амам.

Ахәмаррақәа реихшьаалақәа рыла рашәара 4 еилкаахоит плеи-офф ихәмаруа акомандақәа ҩба.

© Foto / Федерация футбола Абхазииаԥснытәи акоманда
Аԥснытәи ашьапылампыласцәа Сапми акоманда иаиааиит - Sputnik Аҧсны
аԥснытәи акоманда

 

Ажәабжьқәа зегьы
0