Гәдоуҭа араион аҿы адиспансеризациа иахысит хәышәҩык ауааԥсыра

© Sputnik / Томас ТхайцукДиспансеризация населения в Очамчыре
Диспансеризация населения в Очамчыре - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иахьаҵанакуа азеиԥш диспансеризациа мҩаԥысуеит мшаԥы хәба инаркны, ихыркәшахоит рашәара жәба рзы.

АҞӘА, рашәара 4 – Sputnik. Гәдоуҭа араион аҿы адиспансеризациа иахысхьеит хәышәҩык рҟынӡа ауааԥсыра ҳәа иҳәеит радио Sputnik аинтервиу азҭаз араионтә хәышәтәырҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Игор Ҵышәба.

Ҵышәба еиҭеиҳәеит Гәдоуҭа адиспансеризациа амҩаԥысшьа атәы

Гәдоуҭа араион аҿы хәышықәса раԥхьа имҩаԥган адиспансеризациа.

"Адиспансеризациа аганахьала Урыстәылантәи иаҳҭааз аҳақьымцәа хәышықәса раԥхьагьы иҟан. Ҳауаажәлар иаауеит ҳәа анраҳа, ирацәаҩны еизеит. 4-5 мшы рыла иаҳҭаху зегьы иахьӡом, аха изларылшо ала ирыдыркылоит. Гәдоуҭа хәышәҩык рҟынӡа ахәыҷқәеи адуцәеи рыдыркылеит. Хәышықәса раԥхьа ианрыдыркылоз жәамш иаҳҭан аҳақьымцәа, усҟан иаҳа рыдыркылеит. Иахьазы ҽнак бжьаратәла 200-ҩык раҟара рыдыркылоит. Ауаа еиҳарак агәыхь, аҷаҷа хьаа уҳәа иаргәамҵуеит", - иҳәеит Ҵышәба.

Аԥсны араионқәа рҟны адиспансеризациа мҩаԥысуеит мшаԥы 5 инаркны рашәара 9-нӡа. Гәдоуҭеи Афон Ҿыц ақалақьқәеи рҟны лаҵара 28 инаркны рашәара 3-нӡа. Урыстәыла Афедералтә амедико-биологиатә маҵзура аҟазацәа Аԥсны ауааԥсыра ргәабзиара зеиԥшроу азы агәаҭарақәа мҩаԥыргоит.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит адиспансеризациа иахысуа реиҳараҩык ахәыҷқәа шракәу, дара шамахамзар авирустә инфекциақәа роуп ирыдырбало.

Урыстәыла Афедералтә амедико-биологиатә маҵзура аотриад аҳақьым хада Борис Александров уаанӡа иазгәеиҭахьан мшаԥы 5 - 25 раамҭазы адиспансеризациа иааахысит 6128 –ҩык ауааԥсыра ҳәа. Урҭ рҟынтәи 1274 реб-ҩык хәыҷқәоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0