Саид Гобечиа Иурмалатәи афестиваль "ARTISSIMO" аҟны дықәгылоит

© Foto / предоставлено Саидом ГобечияСаид Гобечия
Саид Гобечия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
VII Жәларбжьаратәи амузыкатә фестиваль "ARTISSIMO" далахәуп Аԥснытәи аоператә шәаҳәаҩ Саид Гобечиа. Иара мҩаԥысуеит Иурмала, рашәара 30 инаркны ԥхынгәы 2 рҟынӡа.

АҞӘА, ԥхынгәы 1 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. VII Жәларбжьаратәи амузыкатә фестиваль "ARTISSIMO" аҟны ԥхынгәы ҩба рзы дықәгылоит Аԥснытәи аоператә шәаҳәаҩ Саид Гобечиа. Абри атәы Sputnik иазааицҳаит иара ашәаҳәаҩ ихаҭа.

Афестиваль "ARTISSIMO" есышықәса Иурмала имҩаԥысуеит. Сынтәа хәылԥазык Рахманинов иромансқәа ирызкхоит.

Саид Гобечия и пианистка Анна Половникова - Sputnik Аҧсны
Саид Гобечиа Курск аԥхьахә ианашьахеит

"Абри ахәылԥаз аҿы сықәгылоит саргьы. Дсыцықәгылоит Атеатр Ду асолистка Иана Иванилова. Аккомпаниатор – афестиваль аиҿкааҩ, апианинарҳәаҩ Инна Давыдова", – иҳәеит иара.

Аԥсуа шәаҳәаҩ иҳәоит афестиваль иалахәреи Рахманинов иромансқәа рынагӡареи иара изы аҵак ду шрымоу.

"Мызқәак раԥхьа Иана Иваниловеи сареи Москватәи амузыка Аҩны аҿы х-концертк мҩаԥаагеит. 90 романс наҳагӡеит. Рахманинов сара сзы ихәшьара ҳаракуп", – иҳәеит Гобечиа.

VII Жәларбжьаратәи амузыкатә фестиваль "ARTISSIMO" аҟны ԥхынгәы ҩба асааҭ 18:00 рзы Дзинтари-холл аҿы дықәгылоит Аԥснытәи аоператә шәаҳәаҩ Саид Гобечиа.

VII Жәларбжьаратәи амузыкатә фестиваль "ARTISSIMO" мҩаԥысуеит Иурмала, рашәара 30 инаркны ԥхынгәы 2 рҟынӡа.

Ажәабжьқәа зегьы
0