Хымз раԥхьа ирӷьычыз Омар Мерцхәылаа ацәгьоуцәа дырцәыбналеит

© SputnikАԥсны Апрокуратура хада
Аԥсны Апрокуратура хада - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны атәылауаа хҩык аанкылоуп асабша, ԥхынгәы 6 рзы Омар Мерцхәылаа иӷьычраҟны иалаҟьашьуп ҳәа гәҩарас ишьҭыхны. Урҭ рзы адыррақәа дырзаӡом, ашьаусҭҵаара иаԥырхагамхарц азы, аанацҳауеит Аԥсны Апрокуратура хада.

АҞӘА, ԥхынгәы 7 – Sputnik. Ҳазҭоу ашықәс мшаԥымзазы иӷьычыз Омар Мерцхәылаа дыбналеит асабша, ԥхынгәы 6 рзы, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Апрокуратура хада асаит.

Адырраҭараҟны иазгәаҭоуп ԥхынгәы 6 рзы ишаанкылаз ацәгьоура иалаҟьашьуп ҳәа гәҩарас ироуз хҩык ауааԥсыра. Урҭ рыхьӡқәа ашьаусҭҵаара иаԥырхагамхарц азы идырзаӡом.

"Иахьатәи аамҭазы аоператив-шьаусҭҵааратәи апроцессуалтәи усмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргоит иаанкылоу ахаҿқәа рхара ашьақәыргыларази, иара убас зыӡбахә ҳәоу ацәгьоура иалахәу егьырҭ ахаҿқәа раанкыларази, мшаԥы 17, 2019 шықәсазы Омар Даҭикәа-иԥа Мерцхәылаа иӷьычреи анаҩс уи мчыла дытҟәаны дахьрымази иадҳәалоу аҭагылазаашьақәеи рыҭҵаарази", - аҳәоит Апрокуратура хада адырраҭараҟны.

Азинхьчаратә усбарҭақәа рдыррақәа рыла, мшаԥы 17 асааҭ 22:40 рзы 1979 шықәса рзы ииз Мерцхәылаа Омар Даҭикәа-иԥа ихатәы машьына Mercedes-Benz Sprinter ала апассаџьыр диманы Гәымсҭа ақыҭа Ешыратәи амҩала дымҩасуан.

архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Беслан Бганба иоушьҭра мап ацәнакит

Амашьына ааныркылеит автомашьына шкәакәа иҭыҵыз, акамуфлиаж форма зшәыз, асабрадақәа зҿаз, бџьарла еибыҭаз хҩык ахацәа. Урҭ Мерцхәылаа имашьына дҭыганы дыргеит.

Анаҩс Mercedes-Benz Sprinter рыԥшааит Гәымсҭа ақыҭа иахьаҵанакуа уаҩы иахьиҿахырсҭам ҭыԥк аҟны.

Омар Мерцхәылаа иӷьычра инамаданы Аҟәа араион апрокуратура ашьаус хацнаркит мшаԥы 18 рзы. Убри инадҳәаланы хҩык ауаа аанкылоуп.

Мшаԥы 19 рзы ақәылареи, ауаҩы иӷьычреи, анаркотик маҭәашьарқәа реикәыршареи, амашьына аӷьычреи, абџьар закәаншьаҭада амазаареи дрылахәуп ҳәа даанкылан Адгәыр Ӡкәуа. Ӡкәуа ихы ахара адиҵом.

Мшаԥы 23 рзы ирӷьычыз Омар Мерцхәылаа иԥшааразы аоперативтә усҭҵаарақәа рымҩаԥагараан ирбеит уанӡа иӡаз автомашьына "Mercedes-Benz". Амашьына рыԥшааит асовхоз "Субтропик" агаражтә хыбрақәа рҿы.

Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа мап акит Мерцхәылаа иус ала иаанкылоу руаӡәк иоужьра>>

Азинхьчаратә органқәа русзуҩцәа амашьына асалон иҭыргеит абџьар, аџьаԥҳаны, акомуфлиажтә форма, асабрадақәа, анапҭырԥақәа. Иара убасгьы амашьына абагаж иҭан Урыстәылатәи Афедерациа аҳәынҭқарратә номерқәа. Аҩбатәи агараж аҿы ирбеит уаанӡа имҵарсыз автомашьына "Lexus".

Мшаԥы 24 рзы ақәылареи, ауаҩы иӷьычреи, амашьына аӷьычреи, абџьар закәаншьаҭада амазаареи дрылахәуп ҳәа даанкылан Беслан Бганба. Бганба ихы ахара адиҵом.

Мшаԥы 30 ақәылареи, ауаҩы иӷьычреи, амашьына аӷьычреи, абџьар закәаншьаҭада амазаареи дрылахәуп ҳәа даанкылан Ерик Ҷкадуа. Уигьы ихы ахара адиҵом. Аҟәатәи аӡбарҭа арҭ ахҩык ҩымз ҳәа иааннакылеит.

 

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0