Санкт-Петербургтәи акинофестиваль иалахәхоит аԥсуа фильмқәа ҩба

© Foto / vk/КинолесФестиваль "Кинолес"
Фестиваль Кинолес - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афестиваль "Кинолес" мҩаԥысраны иҟоуп ԥхынгәы 12 - 14 рзы, Санкт-Петербург, Финтәи аӡыбжьахала аԥшаҳәаҿы.

АҞӘА, ԥхынгәы 10 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсуа фильмқәа ҩба: " Махаз сыхьӡуп", "Аб" афестиваль "Кинолес" иалахәхараны иҟоуп ҳәа Sputnik иазааицҳаит арежиссер Инар Нарманиа.

Фильм Меня зовут Махаз - Sputnik Аҧсны
Инар Нарманиа икиносахьа "Махаз сыхьӡуп" аԥхьахә аиуит

"Аҵак ду аманы избоит афестиваль аамҭакала аԥсуа фильмқәа ҩба ралахәхара. Уи иаанаго ҳардыруа ҳҟалеит ауп. Акинематографиатә ҵакыра ҳаднакылеит. Акинофестиваль адәаҿы имҩаԥгахоит, зметраж кьаҿу асигмент абеиарақәа зегь цәырнагоит", - иҳәоит Инар Нарманиа.

Иҟоуп акинофестиваль ахь инагоу аусумҭақәа рахьтә иидыруагьы.

"Иҟоуп ицәгьамкәа еицырдыруа афильмқәа. Урҭ уаанӡатәи аконкурстә программақәагьы ирылахәхахьан" ҳәа азгәеиҭоит иара.

Ҭимур Кәакәасқьыр икиносахьа "Аб" аноминациа "Иреиӷьу зметраж кьаҿу акино" ала аҩбатәи аҭыԥ агеит афестиваль "Лучезарный ангел" аҿы Москва, 2018 шықәса рзы.

Арежиссер Инара Нарманиа ифильм "Махаз сыхьӡуп" – зметраж кьаҿу афильмқәа Жәларбжьаратәи акинофестиваль "KONIK Film Festival" аҟны аԥыжәара агеит, Калининград акинофистеваль аҿы ажиури иалыркааит. Архангельсктәи афестиваль аҿы аноминациа "Зметраж кьаҿу афильм иреиӷьу арежиссиор" ала аиааира агеит. Сынтәа акәзар, вфестиваль "Кинокавказ" аҿы аиааира агеит.

Афестиваль "Кинолес" – Урыстәыла иреиҳау кинематографиатә open-air фестивальуп. 2016 шықәса раахыс имҩаԥыргоит.

Хықәкны иамоуп зметраж кьаҿу афильмқәа рыларҵәара. Апрограмма еиҿкаауп аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы афестивальқәа рҿы аԥыжәара зауз афильмқәа рыла.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0