Урыстәылатәи арратә база атехника ҿыц аиуит

© Foto / Пресс-служба ЮВОУрыстәылатәи арратә база атехника ҿыц аиуит
Урыстәылатәи арратә база атехника ҿыц аиуит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу урыстәылатәи арратә база акәылӡтәы автомашьынақәа ахархәараз иаиуит.

АҞӘА, ԥхынгәы 10 – Sputnik. Аԥсны иҟоу урыстәылатәи арратә база хықәкырацәатә арратә акәылӡтәы автомашьынақәа ахархәараз иаиуит ҳәа аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

Аррамаҵзурауаа арратә биатлон азы аиндаҭлара мҩаԥыргеит - Sputnik Аҧсны
Аррамаҵзурауаа арратә биатлон азы аиндаҭлара мҩаԥыргеит

Х-тоннак рҟынӡа шьҭызхуа арратә машьынақәа кәылӡыла ихҟьоуп, атротил еквивалент ала 6,4 кьыла рҟынӡа иҟоу амина аԥжәара ахнагоит ҳәа аанацҳауеит апресс-маҵзура.

Иара убасгьы хара имгакәа арратә полициаа ахархәага ҷыдақәа "Колпак", "Черепаха" роураны иҟоуп, еиқәыршәахоит цәамаҭәала, акаскақәеи аԥыркқәеи рыла.

Жәабранмзазы аҟәша иазаашьҭын акәылӡы змоу амашьынақәа "Тигр-М" жәаба, артиллериатә ԥшыхәра апортативтә радиолокациатә станциақәа "Соболятник".

2018 шықәса ԥхынҷкәынмзазы раԥхьаӡа акәны еиҿкаан арратә полициа рыҟәша.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0