Аррамаҵзуҩы Алан Ԥиԥиа иԥсҭазаара далҵит агәыхь иахҟьаны

© SputnikВооруженные силы Абхазии
Вооруженные силы Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аррамаҵзуҩы Алан Ԥиԥиа Аԥсны АШәМ Аҳәаахьчаратә отриад аҟны аррамаҵзура дахысуеижьҭеи 10-мш ҵуан.

АҞӘА, ԥхынгәы 12 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аррамаҵзуҩы Алан Ԥиԥиа, заанаҵтәи адыррақәа рыла згәы амалыр амоуп ҳәа иԥхьаӡоу, Аԥсны АШәМ Аҳәаахьчаратә отриад аҟны аррамаҵзуҩы, аҟәатәи ахәышәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит ҳәа ааицҳауеит Аԥсны АШәМ Аҳәаахьчаратә отриад аиҳабы Нодар Чачхиани.

"Аррамаҵзуҩы Алан Ԥиԥиа ҳҵаратә центр аҟны жәамш ҵуан дыҟеижьҭеи, аҭоубашьҭаҵарагьы дахьымӡацызт", - иҳәоит иара.

Ԥиԥиа ахәышәтәырҭахь днаган ԥхынгәы 8 рзы. Иара игәы ихьуа далагеит абаҩрҵәыратә ҽазыҟаҵарақәа раан. Уахыки-ҽнаки ааҵуаны иԥсҭазаара далҵит.

"Заанаҵтәи адыррақәа рыла, игәы амалыр аман, аха иара уи шимаз иӡеит арра данаауаз. Иара арахь дааԥхьан рашәара 28 рзы. Абри аамҭазы даара ихы бзианы иааирԥшит. Гәыкала арра дахысыр иҭахын", - азгәеиҭоит иара.

Аԥсны арратә прокуратура ахҭыс шыҟалаз ҭнаҵаауеит. Иара убасгьы аҩнуҵҟатәи аҭҵаарақәа рымҩаԥгара иаҿуп иҳәеит Аԥсны АШәМ Аҳәаахьчаратә отриад аиҳабы Нодар Чачхиани.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0