Акарантинтә маҵзураҿы аҵиаақәа закәаншьаҭала аҳәаа рахыгашьа атәы рҳәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу"
Аушьҭырҭатә ҭыԥ Ԥсоу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашәыр, ауҭраҭых, ашәҭ багажла аҳәынҭқарратә ҳәаа рахыгара аԥҟара ҿыцқәа алагалахоит нанҳәа 19 инаркны.

АҞӘА, ԥхынгәы 23 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥснынтәи аҵиаақәа аҳәынҭқарратә ҳәаа рахыгаразы афитосанитартә сертификат аиура алшоит аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" аҿы ҳәа иҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз Аԥсны акарантинтә хылаԥшраз Аҳәынҭқарратә маҵзура адәныҟатә карантин аҟәша аиҳабы Руслан Смыр.

Ақәҵара ҿыц инақәыршәаны иҟалом х-ҿаҳәарак иреиҳаны ашәҭ аҳәаа ахыгара. Убри аан ҿаҳәарак аҿы 15 шәҭы иреиҳамзароуп. Еиҳау апартиақәа рзы аҳәааҿы афитосанитартә сертификатқәа умазароуп. Ахазхаҿқәеи аиурист хаҿқәеи асертификат роур алшоит аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу", ахәԥса – 150 мааҭ.

"Афитосанитартә сертификат Урыстәылантәи Аԥсныҟа апартиа дуқәа аҳәаа ианахырго ауп ианаҭаху", - иҳәеит Смыр.

Ашәыр, ауҭраҭых, ашәҭ хә-кьылак еиҳамкәа багажла аҳәынҭқарратә ҳәаа рахыгара ҟалоит урыстәыла ирыдыркылаз аԥҟара ҿыцқәа инарықәыршәаны. Урҭ аԥҟара ҿыцқәа алагалахоит нанҳәа 19 инаркны.

Азинтә информациа аинтернет-портал аҟны ишаҳәо ала, абагаж еиԥш арахь иаҵанакуеит анапыламҩангатә еидарагьы.

Анорма ҿыцқәа ирыҵаркуеит: афиник, алаҳа, ананас, авокадо, гуава, манго, мангустин, абрикос, аца, атама, абҳәа, ацитрусқәа, аҟәыдхкы, араса, атоматқәа, ахәылеиларҳә, аҷых, ацыца, аредис, анаша.

Аԥҟара ҿыцқәа ирықәныҟәалароуп транспортхкыс иҟоу зегьы рпассаџьырцәа. Иара убасгьы аԥошьҭатә аашьҭрақәагьы абри аԥҟара иаҵанакуеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0