Аԥсуареи ажәытә ҭынхеи пату ахьрықәу: Ашәаа рҭаацәара аҭоурых

© Foto / предоставлено Сырмой АшубаАшәаа ргәараҭа
Ашәаа ргәараҭа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа еснагь пату-ҳаҭыр рзақәын, ирзақәуп иахьагьы рабшьҭра аҭоурых, уи атәы зҳәо агәаларшәагатә маҭәахәқәа, аҭынха ҳәа изышьҭоу. Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа иалаӡыз Асҭана Ашәба иҭынхаз инапкымҭақәеи уи иҭаацәараҟны аԥсуара ахаҭаҵәҟьа еиқәырханы ишааргои иазку лматериал ҳадылгалоит абарҭқәа зегьы зыблала избаз Сырма Ашәԥҳа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Иҟамзар ҟалап аԥсыуа ҭаацәарак ари сан, мамзаргьы санду лыҟаҵамҭоуп, иара убас, саб мамзаргьы сабду ирҭынхаз акоуп ҳәа ажәытәра иаҿахәҳәагоу амаҭәахәқәа цәырзымго. Шаҟа иҵаулоузеи урҭ рҵакы?!

Убас еиԥш, уажә зыӡбахә сымоу аҭаацәа нхоит Очамчыра араион Џьгьарда ақыҭан. Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҿы хабарда ибжьаӡыз Асҭана Мац-иԥа Ашәба ихылҵшьҭра роуп. Асҭана иԥшәмаԥҳәыс Зарандиа Сониеи (Лубиа) иареи ирхылҵит фҩык ахшара. Ахшара реиҵбы мызкгьы лхыҵуамызт аҭаацәа реиҳабы арра ианиԥхьа, хабардагьы иахьа уажәраанӡа дыбжьаӡны дыҟоуп.

© Foto / предоставлено Сырмой АшубаАџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаан хабарда ибжьаӡыз Асҭана Ашәбеи иԥшәма Зарандиаԥҳа Сониеи
Аԥсуареи ажәытә ҭынхеи пату ахьрықәу: Ашәаа рҭаацәара аҭоурых - Sputnik Аҧсны
Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаан хабарда ибжьаӡыз Асҭана Ашәбеи иԥшәма Зарандиаԥҳа Сониеи

Аҩнаҭа аԥшәмаԥҳәыс зынӡа иқәыԥшӡаз Сониа Зарандиаԥҳа лыжәҩахыр иқәлеит аидара хьанҭа, жәларык ахәыҷқәа аамҭа уадаҩ иалганы рааӡара. Аха, уи лыллыршеит аԥсуа ԥҳәыс. Ахшара рахьтә иҟоуп аҭаацәарақәа аԥызҵаз, зҵеира еиззырҳаз, иҟоуп заб иҩнаҭа камыжькәа иадхалазгьы.

Иахьа раб иҩнаҭа иахуп рашьа Илиеи ҩыџьа иаҳәшьцәа Еҭерии Валентинеи. Рықәрагьы такәы инаскьахьеит. Урҭ раԥсшәаҳәашьа, рашҭа-ргәара, рынхара-рынҵыра уаҩ дыхнахыртә иҟоуп.

Уахьынаԥшы-ааԥшуа ажәытә аамҭа угәалазыршәо аҭыԥқәеи анапкымҭақәеи рацәоуп. Урҭ зегьы дара иртәу аҭоурыхқәа рымоуп. Аԥсшьарамшқәа раан сқыҭа гәакьа Џьгьарда сыҟазаара иалагӡаны исыӡбеит арҭ аҭаацәара сырҭаарц, ирацәоуп ирдыруа ажәытә ажәабжьқәа, урҭ рзыӡырҩреи ранҵареи саргьы бзиа излазбо ала.

"Ҳара ҳаб қәрала ҳан леиҳа акыр деиҳабын. Ҳаб ҳан данигоз 15 шықәса ракәын илхыҵуаз. Иара аибашьра ианиԥхьа, ҳан 25-26 шықәса раҟара акәын илхыҵуаз. Аҩны дыҟан 80 шықәса ирҭысхьазгьы ҳанду. Маҟаҿамҳәа иҟаз ҳара, ҳанду уҳәа, ҳан аҭаацәараҿы лара дназлаз ааҩык ҳныҟәылгар акәхеит", - рхәыҷра ашықәсқәа рыла ҳаиҿцәажәара хацҳаркит Ашәааи сареи.

Иахьа, Ашәаа рҭаацәара акыр иахӡыӡаауа ирымоуп раб Асҭана инапала иаҟиҵаз аҩнымаҭәахәқәа, уи даара дуасҭа ҟазан, амҿлых шьахәла аус адиулон. Урҭ уажәшьҭа шәышықәса инареиҳауп, аха ианыҟаиҵаз аҽнеиԥш ԥхасҭак рмыхькәа ирымоуп, уимоу рыхгьы иадырхәоит. Аҩнаҭа агәҭа игылаз сылаԥш назықәшәаз аишәа шжәытәӡатәииз збеит.

© Foto / предоставлено Сырмой АшубаАҭаацәа реиҳабы Асҭана Ашәба дуасҭа бзиан. Ари аишәа инапала иҟаиҵеит.
Аԥсуареи ажәытә ҭынхеи пату ахьрықәу: Ашәаа рҭаацәара аҭоурых - Sputnik Аҧсны
Аҭаацәа реиҳабы Асҭана Ашәба дуасҭа бзиан. Ари аишәа инапала иҟаиҵеит.

"Аригь шәаб инапала иҟаиҵаз аума?" - ҳәа санҵаа, Валентина ус салҳәеит:

"Ааи, ари ҳара ҳаԥсы ҭанаҵы араҟа игылазароуп, абри аишәоуп ҳара ҳзааӡаз, саси аԥшәымеи зегьы абри аишәа ҳақәчоит, ҳнахатәацыԥхьаӡа, сара зынӡа исгәаламшәо, зыӡбахә ада сзымдыруа саб саԥхьа даагылоит, ари ҭынха дууп ҳара ҳзы", - дҳацәажәон Валентина Ашәԥҳа.

Иара убас, аҩны сындәылганы исдырбеит аԥацха абарҵаҿы игылаз раб инапала иҟаиҵахьаз, зыԥшӡарала акыр ухызхуаз аишәа хәыҷы. Аԥацха ҳанаадәылҵ, даҽа уадак сныҩнаргалеит, уаҟа игылан мҿлыхҭыҿҿала иҟаҵоу, раб иҟаиҵахьаз ижәытәӡатәиу ашкаф. Анаҩс, исдырбеит аказарма абарҵаҿы игылоу, шьыбжьонла рыԥсы ахьеиҭаркуа иџьашьахәу адиван, уигь раб иҟаҵамҭа.

© Foto / предоставлено Сырмой АшубаВалентина Ашәԥҳа иаҳлырбоит лаб инапала иҟаиҵаз аишәа хәыҷы.
Валентина Ашәԥҳа иаҳлырбоит лаб инапала иҟаиҵаз аишәа хәыҷы. - Sputnik Аҧсны
1/2
Валентина Ашәԥҳа иаҳлырбоит лаб инапала иҟаиҵаз аишәа хәыҷы.
© Foto / предоставлено Сырмой АшубаАсҭана Ашәба инапала иҟаиҵаз аҭаацәа рыԥсы ахьыршьо адиван.
Асҭана Ашәба инапала иҟаиҵаз аҭаацәа рыԥсы ахьыршьо адиван. - Sputnik Аҧсны
2/2
Асҭана Ашәба инапала иҟаиҵаз аҭаацәа рыԥсы ахьыршьо адиван.
1/2
Валентина Ашәԥҳа иаҳлырбоит лаб инапала иҟаиҵаз аишәа хәыҷы.
2/2
Асҭана Ашәба инапала иҟаиҵаз аҭаацәа рыԥсы ахьыршьо адиван.

"Ҳаб даара инапы бзиан, дуасҭан, изыҟамҵоз ак ыҟамызт. Акьыр иара ибылуан, аҭаҭын Казбек ҳәа ажәытә иҟамзи, убри иара иҭижьуан, иара иҟаиҵон. Џьгьарда Гәырчхь ҳанынхоз иахьыҭижьуаз азауадқәагь иман, уи сара сашьеиҳаб дахаануп. Ҳара зегьы Гәырчхь ауп ҳахьиз, ҳахьааӡаз, нас ауп Џьгьардаҟа ҳанылбаа", - ажәабжьқәа рҽыргәылахаланы исзеиҭарҳәон аиҳәшьцәа.

© Foto / предоставлено Сырмой АшубаАџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаан хабарда ибжьаӡыз Асҭана Ашәба инапала иҟаиҵаз ашкаф.
Аԥсуареи ажәытә ҭынхеи пату ахьрықәу: Ашәаа рҭаацәара аҭоурых - Sputnik Аҧсны
Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаан хабарда ибжьаӡыз Асҭана Ашәба инапала иҟаиҵаз ашкаф.

Аиҳәшьцәа иара убас гәыблыла иргәаладыршәоит рани раби иныҟәыргоз аԥсуара, раб итәы ажәабжьла акәзар ишырдыруа, ран лҟазшьеи, лхымҩаԥгареи, иныҟәылгоз аҵасқәеи ртәы ус ҿык-бзык ала иузҳәом. Уи шьақәсырӷәӷәарц сылшоит схаҭагьы, избанзар ран даара ибзианы дысгәалашәоит. Дыԥхәыс хааны, дыԥҳәыс ҟәымшәышәны сгәалашәараҿы дынхеит, андук лаҳасабалаҵәҟьа бзиа дызбон. Лнапы мыргьежькәа, ҳамныҳәаныԥхьакәа аԥсшәа ҳалҳәаӡомызт. Ашкол ахь ҳанцоз, ҳанаауаз еснагь ргәашә ҳалсуан, ҳанылбоз, џьанџьыхәак ма лаҳарҩак ҳмыркыкәа ҳаулышьҭӡомызт. Иахьеиԥш исгәалашәоит касы ԥшӡала лхы ҵакны, деихаччо данаҳԥылоз, лыԥраҳәа хьаршәҭны илаз ашәырқәа наҳлыркуан, "аҩнынӡа шәнанагап", - ҳәа наҳалҳәон. Ашкол ашьҭахь, аҩны ҳнеины акы ҳнацҳандаз ҳәа амҩа иқәыз ахәыҷқәа ҳзы, уи ашәыр агьама ахааназы иаҳхашҭраны ҳаҟоума, убас нанду Сониа-Лубиа ллаҳарҩеи лџьанџьыхәеи ргьама акы иаҳзаларҩашьом.

"Аԥсуара, аԥсуа шҭа, аԥсуа чеиџьыка, ажәытә ҭынха, апатуеиқәҵара - абри ауп ҳара милаҭ наганы ҳҟазҵаз, урҭқәа ҳмырӡроуп, абааԥсы! Ҳан рыцҳа абри аишәа ҳаакәыршаны ҳхәы наҳамҵаҵаны ҳналыртәон, лара дҳадтәалаӡомызт. Ҳӷьаҵәы-ӷьаҵәуа дҳадтәаларц анлаҳҳәалак, "нан дшәыкәыхшоуп, шәара адәахьы акрыжәуан, шәааԥсаны шәыҟоуп, шәнатәаны ҭынч акрышәфа, нас саргьы сахьӡоит атәара", - лҳәон. Аҵх егьа ицаргьы, лыҩны-лгәара еилмыргакәа душьыргьы дышьҭаломызт, ашьыжь ҳангылалак, зегь цырцыруа иҟан. Лара лаҵкыс еиҳабыз аӡә дааир дцәажәаӡомызт, "аҭацара анбанӡабуеи?" - рҳәалон даргьы", - еиҭалҳәон аиҳәшьцәа реиҳабы Еҭери.

Сониа Зарандиаԥҳа аԥсҭазаара аҟыбаӡыбарақәа акыр шылхылгазгьы, лажәра бзиан. Анцәа аԥсуа иқәра ланеишьеит, 104 шықәса дырҭагылан лыдунеи анылԥсахуаз. Дычмазаҩынгьы аиарҭа дамамызт, аԥсуаа ишырҳәо еиԥш, "аԥсышьа бзиа лоуит", дымгәаҟкәа лынарцәымҩа дықәлеит.

"Ҳара ҳан абриаҟара шықәса шылхыҵуазгьы, абласаркьа лыҭаны ҽнакгьы дҳамбеит, ллымҳа иаҳауан, лыхгьы-лшьамхгьы еибган, лара лзы ҳара еснагь ҳҳәыҷқәан. Даараӡа дҳалалын, дқьиан, аԥсуара бзиа илбон, егьныҟәылгон даара. "Нан" ҳәа раԥхьа имҳәакәа ацәажәара далагомызт, лнапы мыргьежькәа ҳашҭа иҭалоз уаҩ аԥсшәа иалҳәомызт", - лҳәеит Валентина Ашәԥҳа.

Зина Џьапуа-Ферзба: ажəытə аамҭа гəхьаазгоит, сыҧхыӡ иалоуп>>

Ахшара ргәы иаланы ирҳәон абриаҟара зхызгахьаз ран Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра дахьахаанхаз. Аибашьраҿы аӡәы иҭахара лара лхатә хьааиԥш илыдылкылон, ибзианы еилылкаауан аибашьра иацыз агәаҟра, ахьаа, агәырҩа…

"Аибашьраан аснариадқәа, абомбақәа анҳаларыжьуаз, ҳаибарыҩны аҭабиахь ҳцагәышьон ахыхьчаразы. Хҭыск шәзеиҭасҳәоит ҳан ҽнак иҟалҵаз. Адгьыл хыџхыџуан, убас еиԥш атәыла бгон, аснариадқәа ҳаларыжьуан. Ҳан дҳаманы аҭабиа ҳанынҭала, ҳара ҳаԥхьа инеихьаз агәылацәа ыҟан. Убра дыҟан Гәыӷә Ашәба ҳәа абырг, ҳнаҩсаны дынхон. Абни лара сабхәа иашьа иоуп, ԥхашьароуп, иахьибо сышԥатәо ҳәа аҭабиа аҩныҵҟа дҳазҭамыртәеит, аԥсреи абзареи аамҭа ҳашҭагылазгьы. Уи уажә ҳахлафааны иаҳҳәоит, аха иаанагоз шәара ижәдырп, убри акәхап аԥсуарагьы захьӡу", - дҳацәажәон Еҭери.

Ашҭа сынҭыҵуаны еиԥш дааит рашьа Илиагьы. Инапы наирххан, ашҭа анаҩсшәа игылаз аидарамҩангага машьынак насирбеит, дааԥышәарччан, усгьы наиҳәеит: "Абригьы ҭых, ари сара сынзырхаз ауп, 70 шықәса ахыҵуеит", - ҳәа. Саргьы иажәа ҩбасымтәит, уи асахьа шәарҭгьы ижәбарц шәылшоит.

© Foto / предоставлено Сырмой АшубаИлиа Ашәба сынзырхаз ҳәа ззиҳәо 70 шықәса зхыҵуа аидарамҩангага машьына
Аԥсуареи ажәытә ҭынхеи пату ахьрықәу: Ашәаа рҭаацәара аҭоурых - Sputnik Аҧсны
Илиа Ашәба сынзырхаз ҳәа ззиҳәо 70 шықәса зхыҵуа аидарамҩангага машьына

Ажәытәреи аԥсуареи еиҟәымҭхо еицуп . Акырӡа игәадуроуп уи ныҟәызго аԥсуа ҭаацәарақәа анубо, уанырҭаауа, уанрацәажәо. Хымԥада, усҟан ирҽуҵаашагьы рацәахоит, хра злоу уи аныҟәгашьа узақәшәар!

Иара убас шәаԥхьар шәылшоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0