Амилаҭтә парк "Кәыдрытәи аиҩхаа" адгьылқәа аԥсабарахьчаратә усбарҭа ҿыц иарҭоит

© Sputnik / Томас ТхайцукКәыдрытәи аиҩхаа
Кәыдрытәи аиҩхаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амилаҭтә парк "Кәыдрытәи аиҩхаа" анапхгаразы иаԥҵахоит аусбарҭа ҿыц.

АҞӘА, ԥхынгәы 26 - Sputnik. Аԥсны аминистрцәа реилазаара ақәҵара аднакылеит Амилаҭтә парк "Кәыдрытәи аиҩхаа" анапхгаразы аусбарҭа ҿыц аԥҵаразы.

Аекологиеи аԥсабара ахьчареи рзы аҳәынҭеилакы иаԥнаҵараны иҟоуп аԥсабарахьчаратә усбарҭа 2019 шықәса жьҭаара 1 аҟынӡа.

Савели Ҷыҭанаа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҷыҭанаа амилаҭтә парк "Кәыдрытәи аиҩхаа" азы: атуристтә ҟазшьа аиуеит

2019 шықәса ԥхынҷкәын 31 рҟынӡа аилак Аминистрцәа реилазаарахь ишьақәыргыланы инанагароуп апарк аилазаараеи аҳәаақәеи арбаны ахсаала-схема.

Адгьылхархәареи акадастри рзы аҳәынҭнапхгареи Гәылрыԥшьи Очамчыреи араионқәа рхадарақәеи 2019 шықәса ԥхынҷкәын 31 рҟынӡа рнапы ианҵоуп иахәҭаны иҟоу ауснагӡатәқәа реиқәыршәара.

Аԥсабарахьчаратә усбарҭа анапаҵаҟахь ииагахом атәылахьчареи аимадареи ирыҵаркуа адгьылқәа, азакәаншьаҭа аманы ахатәхаҿқәеи аиурист хаҿқәеи ирыҭоу адгьылҭыԥқәа.

Ԥхынҷкәын 31 2019 шықәса рҟынӡа амилаҭтә парк иахьаҵанакуа иҟоу аҳәынҭмазара аобиектқәа аусбарҭа ҿыц анапаҵаҟахь ииагахоит.

Аминистрцәа реилазаара амилаҭтә парк "Кәыдрытәи аиҩхаа" аԥҵаразы ақәҵара аднакылеит 2019 шықәса хәажәкырамзазы.

Апарк аҵакыра - 136 440 гектар.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0