Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа рыф-рыԥхьа аԥаразоужьразы аӡбра рыдкылоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа
Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа рулафахәы ацҵаразы аамҭа-аамҭала аԥаразоужьра мҩаԥгахоит.

АҞӘА, ԥхынгәы 26 – Sputnik, Бадри Есиава. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа рыф-рыԥхьа аԥаразоужьразы аӡбра рыдкылоуп ахәаша, ԥхынгәы 26 рзы Аминистрцәа реилазаараҿы.

Аԥсны афинансқәа рминистр Џьансыхә Нанба иазгәеиҭеит аԥаразоужьра ахышәа-ҵышәа акыр ишеизҳауа, арахь ишаҵанакуа аулафахәы аизырҳарадагьы асоциалтә цхыраагӡара, аматериал-техникатә база аиӷьтәра.

"Аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны иазыԥхьагәаҭоуп ААР аусзуҩцәа 2019 шықәса рзы 150 миллион мааҭ рҟынӡа ацҵара, 2020 шықәса рзы - 300 миллион мааҭ рҟынӡа, 2021 шықәса рзы – 450 миллион мааҭ рҟынӡа. Хазы, аматериал-техникатә еиқәыршәара иазоужьхоит 188 миллион мааҭ рыла еиҳаны 2019 шықәса рзы, 108 миллион мааҭ 2020 шықәса рзы, 98 миллион мааҭ 2021 шықәса рзы", - азгәеиҭеит Нанба.

Аиқәшаҳаҭра аҳәынҭқарра ҩныҵҟатә процедурақәа ишырхыслак анапы аҵаҩхоит, амчрагьы аиуеит.

Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гарри Аршба иазгәеиҭеит аусбарҭа аматериал-техникатә еиқәыршәара, аусзуҩцәа рулафахәы ацҵара, асоциалтә цхыраарақәа рызҵаара актуалра аманы ишыҟоу.

"Иахьа аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рҿы аусура ахьӡ-аԥша каҳаны иҟоуп. Иахәҭоу аулафахәы ашәараан акоррупциа амчра ацәыӡуеит ҳәа агәаанагара ыҟоуп", - иҳәеит иара.

Иҟоу апроблемақәа раԥыхра аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәа русура хра аманы иҟарҵап ҳәа деигәыӷуеит аминистр.

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0