Аԥырҩы дызмам аԥрыгақәа рхархәарала аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит

© Sputnik / Виталий Аньков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥырҩы дызмам аԥрыгақәа
Аԥырҩы дызмам аԥрыгақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аруаа ирымоу ԥырҩыдатәи ахархәагақәа 10 алархәны ашьхареи амшыни иахьрыԥну аҭыԥқәа рҿы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 31 - Sputnik. Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аруаа иртәу аԥырҩы дызмам ахархәагақәа аҽазыҟаҵара ҷыда мҩаԥыргеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны иҟоу аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

"Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аруаа ирымоу ԥырҩыдатәи ахархәагақәа уахынлеи ҽынлеи ашьхара иахьаԥнуи амшын аԥшаҳәа иахьаԥнуи аԥшыхәрақәа мҩаԥыргеит, иҟаҵәҟьаз аамҭала акомандаҟаҵаратә ҭыԥ ахь аинформациа нарышьҭит. Ажәҩан аҟынтәи аҭаԥшыхәра еиҳа инарҭбаау адыррақәа ҟанаҵоит ар рҭагылазаашьазы, иарбоу араионқәа рахь атехника анеира еиҿнакаауеит, аҵара-усдҵақәа рынагӡашьа иахылаԥшуеит", - аҳәоит апресс-маҵзура адырраҭараҿ.

Аԥырҩы дызмам аԥрыгақәа аҟәшақәа ркомандирцәа ииашаны, амца-оперативтә корректировкақәа рымҩаԥгараҿ ирыцхраауеит, ирнаҭоит аӷа ир рхымҩаԥгашьаз инхарҭәаау аинформациа.

Аполигонқәа рҿы имҩаԥысуаз аҽазыҟаҵарақәа ирылахәуп зықьҩык рҟынӡа аррамаҵзурауаа, арратә техника, 10 рҟынӡа аԥырҩы дызмам акомплексқәа "Гранат", "Орлан", "Застава".

Ажәабжьқәа зегьы
0