Атуризм азы аминистрра: "апутиовка ԥаршеиқәа" сынтәа ҳариааит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсшьаҩцәа Амшын еиқәа аԥшаҳәаҿы
Аԥсшьаҩцәа Амшын еиқәа аԥшаҳәаҿы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Сынтәа Аԥсны Акурортқәеи атуризми рзы аминистррахь жәохәҩык рҟынӡа ауаа адырра ҟарҵеит "апутиовка ԥаршеиқәа" ҳаадырхәеит ҳәа. Абри атәы иҳәеит аминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Барцыц.

АҞӘА, нанҳәа 1– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Сынтәа иржьаз атуристцәа рхыԥхьаӡара акыр еиҵоуп уаанӡатәи ашықәсқәа раан аасҭа иҳәеит Аԥсны акурортқәеи атуризми рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Барцыц, Sputnik Аԥсны аҿы имҩаԥгаз апресс-конференциаҿы.

Сынтәа Аԥсны акурортқәеи атуризми рзы аминистррахь жәохәҩык рҟынӡа ауаа адырра ҟарҵеит "апутиовка ԥаршеиқәа" ҳаадырхәеит ҳәа, абри атәы иҳәоит аминистр ихаҭыԥуаҩ. Иржьаз рхыԥхьаӡара асеиԥш аиҵахара ацхыраара анаҭеит аминистрраҿы 2019 шықәса раахыс аусура иалагаз аимадаратә цәаҳәа "горячая линия". Ари аномер ала аҭел иасуа атуристцәа Аԥсны аԥсшьаразы инарҭбаау аинформациа роуеит.

"Амцҳәаҩцәа рсаитқәа рҿы иадырбо ахәԥсақәагьы угәуҽанырҵартә иҟоуп", - иҳәеит иара.

Атуристцәа ргәырҽанызароуп. Дара ирымоуп алшара аминистррахь аҭел иасыр абри аномер ала: 8 800 505 42 40. Ара дара ирҭаху аинформациа роуеит.

Амцҳәаҩцәа рыҵәгәыр иаҿашәоит Аԥсны зыԥсы зшьарц зҭаху жәпаҩык. Убас, 2018 шықәса рзы шәҩыла ауаа рыԥсшьара еиԥҟьан.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0