Амшынеисраан хабарда ибжьаӡыз ауаҩԥсы иԥсыбаҩ рыԥшааит

© Фото : МЧС АбхазииАмшынеисраан хабарда ибжьаӡыз ауаҩԥсы иԥсыбаҩ рыԥшааит
Амшынеисраан хабарда ибжьаӡыз ауаҩԥсы иԥсыбаҩ рыԥшааит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Очамчыра инхоз ахаҵа Гагра амшынеисра аныҟаз ацәқәырԥа амшын агәахьы дагеит.

АҞӘА, нанҳәа 6 — Sputnik. Аԥсны АҶА зхышәара маҷу ашхәақәа рзы аҳәынҭинспекциа аӡхәыҵалаҩцәа нанҳәа 5 рзы амшынцәқәырԥа иагаз, 19 шықәса ирҭагылаз арԥыс иԥсыбаҩ рыԥшааит. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

Иҭахаз Қәҭелиа амшын аҟны иҽаникәабоз ацәқәырԥара 4 баллк иҟан.

Уахыки-ҽнаки аԥшаарақәа мҩаԥысуан. Аԥсыбаҩ рыԥшааит 6 метрак аҵаулараҟны.

Уи адагьы, нанҳәа 5 асааҭ 16:30 рзы АҶА аусзуҩцәа амшын далыргеит 1984 шықәса рзы ииз Москва ауаҩԥсы.

Иара гагратәи ахәышәтәырҭахь днаган, аха аамҭақәак рышьҭахь иԥсҭазаара далҵит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0