Нестор Лакобеи исасцәеи ашьха рыԥсы ахьыршьоз агәаларшәагатә ҭӡы шьақәыргылоуп

© Foto / Саида ЖибаНестор Лакоба иԥсы ахьишьоз ашьхараҟны арбагатә ҭӡы шьақәыргылоуп
Нестор Лакоба иԥсы ахьишьоз ашьхараҟны арбагатә ҭӡы шьақәыргылоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нестор Лакоба иԥсы ахьишьоз Гагра араион Бамба иашҭа ҳәа изышьҭоу аҳаракыраҟны арбагатә ҭӡы шьақәыргылоуп.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Аԥсны аҭоурых аҟны зышьҭа ду нзыжьыз аҳәынҭқарратә усзуҩ, жәлар рԥыза Нестор Лакоба 1930-тәи ашықәсқәа раан Асовет Еидгыла атәылақәа жәпакы рҟнытә сасра ачынуаа анизаауаз, рыԥсы ршьарц Мамзышьха ахахьы, аԥсуаа арахә рыманы иахьтәалоз, Бамба иашҭа ҳәа изышьҭоу аҳаракырахь игон. Иахьагьы ари аҭыԥ ҳауаажәлари атуристцәеи рганахь хшыҩзышьҭра амоуп.

© Foto / Саида ЖибаОткрытие мемориальной доски на месте дома Нестора Лакоба на Мамзышхе
Нестор Лакобеи исасцәеи ашьха рыԥсы ахьыршьоз агәаларшәагатә ҭӡы шьақәыргылоуп - Sputnik Аҧсны
Открытие мемориальной доски на месте дома Нестора Лакоба на Мамзышхе

Нестор Лакоба ҩаԥхьа ихьӡ ҳаракы аҵшьреи, насгьы Бамба иашҭа аҭааҩцәа аҭоурых рагәыларԥшреи хықәкыс иҟаҵаны, абри аҭыԥ азгәаҭаразы акраамҭа ажәалагала ҟаиҵон Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла алахәыла, амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара активистцәа ируаӡәкыз Закан Агрба.

Иҳаҩсыз аԥсшьарамшқәа раан, Гагра араион Ахадареи, араионтә Еизареи, ауаажәларреи иаадырԥшыз адгылара иабзоураны, Бамба иашҭа, "Нестор Лакоба ицәҟьарсҭа" ҳәа иарбаз аҭыԥ аҟны ажурналист Слава Сақаниа ибзоурала иаагаз ашьхатә хаҳә аҟны икыдҵан, "Абри аҭыԥ аҟны 1930-тәи ашықәсқәа рзы ирыԥсшьарҭан Аԥсны аԥыза Нестор Аполлон-иԥа Лакобеи Асовет Еидгыла анапхгаҩцәеи", - ҳәа аҩыра зныз аҭӡы.

Арбагатә ҭӡы официалла аартра иалахәын Гагра араион анапхгара, адепутатцәа, Пицунда ақалақьи, ақыҭақәеи, аҳаблақәеи рхадацәа, аҭоурыхҭҵааҩ Иакәыб Лакоба, убас, ари амш згәы хыҭ-хыҭуа иазыԥшыз амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара иалахәыз Закан Агрба, Лева Гыцба уҳәа аӡәырҩы.

Нестор Лакоба  - Sputnik Аҧсны
Зыԥсҭазаара қәԥараз: Нестор Лакоба диижьҭеи 128 шықәса ҵит

Ажәахә ҟаҵо, Гагра араион Ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Геннади Ҵәыџьба иазгәеиҭеит, ари амш аҽны даҽа ҭоурыхтә даҟьак шаатыз.

"Шамахамзар ауаҩы илаԥш иҵамшәо аҭыԥ аҿы аҭӡы ааҳартызаргьы, ари аҭоурых иазынхоит. Зегьы иаадыруеит, Бамба иашҭа аҭааҩцәа шмаҷҩым. Аӡәык-ҩыџьак рыла ауп ажәабжь ахы шыҵнахуа. Агәра ганы сыҟоуп, мышкызны, ҷыдала Нестор Лакоба ицәҟьарсҭа рбарц азы мацара арахь ихало шыҟало. Ари ахырхарҭахь иахьарнахыс амҩа ылхуп ҳәа исыԥхьаӡоит", - инаҵишьит иара.

Гагра араион атопонимикатә хьӡқәа ҭҵааны ахсаала шьақәзыргылаз Закан Агрба, изныкымкәа ибахьан ари аҭыԥ, дшыхәыҷызгьы иаб иашьцәа рҟнытә аӡбахә идыруан. Убри аҟнытә, аҭӡы ашьақәыргылара ауадаҩрақәа ацмызт.

"Бамба иашҭа 30-тәи ашықәсқәа раан аҩнқәа зызгылаз, арахә, ашәахә нҵаны измаз аԥсуаа маҷҩымызт. Мызла иаангылоз аҳауа цқьаҿы гәҿыӷь иагомызт. Дубарын ишәарыцоз. Аҿар ракәзар, еицлабуан ахысраҿы, аҽқәа дырыҩуан, ампыл иасуан. Нестор Лакобагьы араҟа аҩны изгылан, лассы-лассы асасцәа дуқәа идикылон. Абри аҭӡы ахькыдаҳҵазгьы, хаҭала иара ицәҟьарсҭа акәын", - еизаз ирзеиҭеиҳәеит Закан Агрба.

Эдуард Губаз - Sputnik Аҧсны
Арадио
Гәбаз: Нестор Лакоба иуаажәлар ишырҭахымыз ауп Қарҭҟа ицара шыҟалаз

Аҭӡы ашьақәыргылара иазааԥсаз Слава Сақаниа агәрагара ааирԥшит ари аҭыԥ екскурсиатә хырхарҭаны ишыҟало, аха зегь раасҭа ихадароу, ҳажәлар рзы даҽа ҭоурыхтә хыҵхырҭаны иахьыҟалаз.

Аешьара рыхьӡала, аҭоурыхҭҵааҩ Иакәыб Лакоба аҭӡы аартра иазааԥсаз иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

"Нестор Лакоба ажәлар деицыртәуп, иашьцәеи ижәлантәқәеи мацара ракәӡам. Аамҭала ақырҭцәа рцәа иҭзырӡыӡаауаз "Кьаразаа" раԥхьагылаҩ ихьӡ ҩаԥхьа ҳаҭырла иахьышьҭышәхыз азы шәҿаԥхьа схырхәоит", - иҳәеит аполитик.

Анаҩс, аҭӡы аартра иалахәыз акәша-мыкәша ҭырҵааит, ирбеит Нестор Лакоба иҩны ахьгылаз аҭыԥ.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0