Рауль Ҳаџьымбеи Владимир Путини реиԥылара мҩаԥысит

Анапаҵаҩра
Нанҳәамза 6 рзы, Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара 11 шықәса ахыҵра аламҭалазы, Шәача имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путини реиԥылара.

АҞӘА, нанҳәа 7 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путини Шәача реиԥылара мҩаԥысит ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада иофициалтә саит. Аҩтәылак рхадацәа алацәажәеит асоциал-економикатә усеицура, ԥхьаҟатәи аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа рызҵаарақәа.

"Шәаргьы саргьы ҳаицәажәахьан ҷыдала асоциалтә ҿиара иадҳәалоу апроектқәа рынагӡара шымҩаԥысуа атәы ҳалацәажәарц. Уажәраанӡа ҳзыхьӡахьоу еилаҳкаарц, хара имгакәа урҭ ирыцҵаны иҟаҵатәу ҳазхәыцырц. Убри анаҩс, ҳара ҳаиқәшәеит Аԥсны алхрақәа рыламҭалазы, даара сақәгәыӷуеит урҭ адемократиатә принципқәа инарықәыршәаны имҩаԥысып ҳәа, ареспублика аԥхьаҟатәи аҭышәынтәалара иацхраап ҳәа, аекономика аҿиараҟнеиԥш, адемократиатә ҭышәынтәалареи рҟынгьы", - иҳәеит Владимир Путин:

Аԥсны ахада урыстәылатәи иколлега ҭабуп ҳәа иеиҳәеит аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа ирыдҳәалоу хра злоу азҵаарақәа рыӡбаразы, ҷыдала Аинвестпрограмма алацәажәаразы аиԥылара ахьалиршаз.

"Иахьа, шамахамзар, ахыркәшарахь инеит асоциалтә ҵакы змоу аобиектқәа, ашколқәа, ашколқәранӡатәи аусбарҭақәа рыргылара. Аусурақәа мҩаԥысуеит афымцамч системаҟны Урыстәыла иазоунажьуа афинанстә цхыраара иабзоураны. Амҩақәа рыҟаҵара иаҿуп, ҳара ҳзы акраҵанакуеит атәылахьчаратәи азинхьчаратәи усбарҭақәа рзы Шәаргьы ҳаргьы ҳазлацәажәаз аусура", - иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.

Аԥсны ахада иара убас иазгәеиҭеит уаанӡа излацәажәахьаз Аԥсны економикала аҿиара алзыршо аусура - атранспорттә коммуникациақәа, амшынтә, аҳаиртә еимадарақәа.

"Азин сышәҭозар, Аԥсны жәлар рыхьӡала даҽазныкгьы иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп Аԥсны иашәҭо ацхырааразы", - иажәа хиркәшеит Рауль Ҳаџьымба.

Путини Ҳаџьымбеи аҵыхәтәантәи реиԥылара мҩаԥысит абҵара 21, 2018 шықәса рзы, Шәача. Усҟан урҭ алацәажәеит Аԥсны абанктә система аҿиара, абахҭа ҿыц аргылара, ақыҭанхамҩа ацхраара уҳәа егьырҭ крызҵазкуа азҵаарақәа.

Аԥсныи Урыстәылеи хәаахәҭратә партниорцәоуп. Убас, 2018 шықәса рзы Аԥсныи Урыстәылеи рыбжьара атауареикәыршара иартәеит 258,6 миллион доллар, убри аан аекспорт – 192,4 миллион доллар, аимпорт – 66,2 миллион доллар.

2019 шықәса ажьырныҳәа-хәажәкыра ирыбжьаркуа аамҭазы атауареикәыршара иартәеит 49,9 миллион доллар, урыстәылатәи аекспорт – 38,9 миллион доллар, аимпорт – 10,9 миллион доллар.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0