Ашәаҳәаҩ Иулиа Проскуриакова Аԥснытәи лфотосахьақәа Instagram иҭалҵеит

© Foto / instagram/uliaveronikaЮлия Проскурякова на озере Рица
Юлия Проскурякова на озере Рица - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Еицырдыруа аурыс шәаҳәаҩы Игор Николаев иԥшәма, ашәаҳәаҩ Иулиа Проскуриакова атеатртә ҵараиурҭақәа рыстудентцәа дрыцны ҳтәылаҿы лыҟазаараан иҭылхыз лфотосахьақәа Instagram иахьҭалҵаз, азҿлымҳара ду роуит.

АҞӘА, нанҳәа 7 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Урыстәыла иналукааша ашәаҳәаҩ Игор Николаев иԥҳәыс Иулиа Проскуриакова Instagram иҭалҵеит Аԥсны лыԥсы анылшьозтәи аҭыхымҭақәа.

Афотосахьақәа ҟаҵан аӡиа Риҵаҿи Сталин идачаҿи. Афотосахьақәа рыдагьы, Иулиа авидеоролик ҭылхит, аӡиа Риҵа лнапы ныҭшьуа аӡы шылжәуаз анырԥшуа. Абри ашьҭахь ирацәаҩуп азҵаара лызҭаз уи аӡы ажәра ԥырхага ҟанаҵоу иҟанамҵо ҳәа.

Уи аҭакс лара илыҩуеит: "Аӡы алаӷырӡ еиԥш ицқьоуп, агьамагь ухашҭуам. Ҳара уи закәу ҳхашҭхьеит. Иҵхәраауа аӡыхьқәеи аӡиасқәеи рҟынтәи акәымзи ауаа аӡы шыржәуаз", - ҳәа.

Сталин идачаҿы илызцәырҵуаз ацәаныррақәа иразҵаауаз ирзеиҭалҳәеит ара иара, Сталин ихаҭа лышьҭра дхылан дныҟәозшәа шылныруаз.

"Аԥсны хазыноуп. Риҵа, Сталин идача, аӡхыҽҽақәа, акамшьиааӡарҭа – ирацәоуп иаҳбаз. Уи зегь гәахәароуп", - ҳәа лыҩуеит Проскуриакова.

Ашәаҳәаҩ лдаҟьа иаҵаҩу гәахәарала арҭ ажәабжьқәа ирыԥхьон.

"Аԥсны шԥаԥшӡоу. Иулиа, шәаргьы абри аԥшӡара даара шәанаалоит. Шәыԥсы бзианы ишәшьа. Шәгәыԥ алахәылацәагьы шәаргьы анасыԥи аманшәалареи шәзеиӷьасшьоит", - ҳәа лыҩуеит адаҟьа аԥхьаҩцәа руаӡәк.

Проскуриакова даара илгәаԥхеит аԥсуа ҩы агьамагьы. Ажь афҩыхаа ахуп лҳәоит лара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0