Злымҳа зыхьуа дхысӡом: Чхәарҭалтәи арратә лагер аԥҟарақәа

© SputnikЗлымҳа зыхьуа дхысӡом: Чхәарҭалтәи арратә лагерь азакәанқәа
Злымҳа зыхьуа дхысӡом: Чхәарҭалтәи арратә лагерь азакәанқәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агәыҳалалратә фонд "Кьараз" ахшара рацәа змоу аҭаацәара рҟынтәи ахәыҷқәа рзы арра-патриоттә лагер еиҿыркааит Тҟәарчал араион Чхәарҭал ақыҭан. Алагер еиднакылаз ахәыҷкәа рхыԥхьаӡара 30-ҩык рҟынӡа инаӡоит. Чхәарҭалтәи арратә лагер аԥҟарақәа ртәы Sputnik акорреспондент Аинар Ҷыҭанаа ианҵамҭаҿ.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Чхәарҭалҟа иарбаны

Тҟәарчалҟа ҳхы рханы ҳашцоз, амҩа хада аҿықәан икьынаашәа игылаз аҩыра зныз аҭӡы ҳахьабжьалашаз ҳаҵанаҳәан, ақыҭа мҩа ҳаныланы ҳҿааҳхеит. Аҩыра излаҳәоз ала макьана 14 километра ҳнаскьалароуп, Чхәарҭал ҳнаӡаанӡа. 40-ҟа минуҭ асаба карчуа ҳахьынӡацоз акы-ҩба автобус ҳԥылеит умҳәозар, уаҳа даҽа транспортк амҩа ианны иубом. Ҭынчроуп.

Азныказы ҳамҩахҟьазар ҳәа агәҩарақәа ҳазцәырҵит, аха Ҵарча ақыҭан иҳақәшәаз ахацәа иаҳдырбаз ахырхарҭа ҳҽазнаҳкылан, иаарласны алагерь аҟны ҳнаӡеит. Ҳара ҳаннеиз ахәыҷқәа ашкол ашҭаҿы игылаз астолқәа ирыдеизаланы, рылаԥш рзахымго акы иахәаԥшуа игылан. Урҭ рааигәа иҟан армаҭәа зшәыз ауаагьы.

Акомандаҟаҵаҩ Шьамаҭаа еиуеиԥшым абџьар хкқәа ахәыҷқәа идырбо, урҭ рхархәашьа, рхылаԥшышьа реилыркаара даҿын. Абџьар ахкқәа рхыԥхьаӡараҿы иҟан Калашников иавтомат 74-тәи аколибр, 7,62-тәи аколибр уҳәа. Аха арԥарцәа еиҳарак ирзеинтересыз аснаипертә винтовка акәын. Гарик Шьамаҭаа ахәыҷқәа ари абџьар хкгьы дирбеит, ирзеиҭеиҳәеит аҟазшьарбақәа зеиԥшроу, ахархәара шаҭаху.

© SputnikЗлымҳа зыхьуа дхысӡом: Чхәарҭалтәи арратә лагер аԥҟарақәа
Злымҳа зыхьуа дхысӡом: Чхәарҭалтәи арратә лагер аԥҟарақәа - Sputnik Аҧсны
Злымҳа зыхьуа дхысӡом: Чхәарҭалтәи арратә лагер аԥҟарақәа

Алагерь аҵаҩцәа ҵыхәаԥҵәарада азҵаарақәа рҭиуан. Аӡәы изеинтересын иарбан бџьару аихамҩатә рельс акылжәара еиҳа иазыманшәалоу, егьи дазҵаауан ацәҟьа адҟьара здыруа, ахысраан еиҳа ишәарҭоу. Зегь раҵкыс азҵаарақәа зҭиуаз арԥыс ииҳәоз аарлаҳәа иуаҳартә ибжьы цаны иҟан. Изларҳәаз ала мышқәак раԥхьа ахәыҷқәа аӡахьы иахьыргаз, ари арԥыс аӡҭалара мап шацәикызгы, ауха имцашоура ҳаракхеит. Ари аҩыза аҭагылазаашьа арҽеиразы алагерь аҟны дыҟоуп аҳақьым, иаразнак аҷкәын ацхыраара изҭаз. Ахәшәқәа анидыржә, иаргьы ачымазаҩ изинқәа ихы иархәаны, аҳақьым лҭел ала "PUBG" захьӡу дыхәмарыргьы цәгьа имбазаап. Ачымазаҩ еснагь диашоуп рымҳәои.

Детский лагерь в Джирхве - Sputnik Аҧсны
Ԥынҵала аӡы ржәӡом: Џьырхәатәи ахәыҷтәы лагерь шеиҿкаахаз

Алагерь аиҿкааҩцәа ражәақәа рыла ахәыҷқәа арратә ԥсҭазаашьа закәу реилзыркааша аҭагылазаашьақәа рзаԥҵоуп, аха урҭ уамаӡак иџьбароуп ҳәа уҳәарҭәгьы иҟам. Ҭыԥс иалырхит Чхәарҭалтәи абжьаратә школ, амҩа еиҳа иацәыхароуп, еиҳа иманшәалоуп ҳәа азыԥхьаӡаны. Ауадақәа рҟны ацәарҭақәа ҩнагылаӡам, арԥарцәа адашьмаҿы ахызақәа каршәны ицәоит. Дара рымш алагоит ашьыжь асааҭ 6 рзы, аҭаалым ала. Анаҩс, алагерь аҵаҩцәа шьыжьхьа анырфалак, ирацәоуп дара рзы апрограмма иарбоу аусмҩаԥгатәҭәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп аҷкәынцәа ҷыдала бзиа ирбо ашьапылампыл асрагьы. Ашҭаҿы иара убас сылаԥш рықәшәеит атурник, аҵәыргыла уҳәа, акы-ҩба аҽазыҟаҵаратә мыругақәа. Ажәакала, ари алагерь аҟны ахәыҷқәа агәҿыӷьха рымаӡам.

Злакыҵа ҵшәааны игылаз арԥыс иухьи ҳәа саниазҵаа, ампыл сҿасит ҳәа аҭак ҟаиҵеит. Аҭаҷкәым акәу, ампыл акәу иарбану иҿасыз уажәазы аҳәара уадаҩуп. Избан акәзар, саргьы сцақәахьан ахәыҷтәы лагерьқәа рахь "аԥсшьара". Исгәалашәоит, еиҳа злеишәа цәгьаз, "ахылаԥшҩцәа" ҳәа зхы зыԥхьаӡоз арԥарцәа шамахамзар есуаха иаԥшьыргалоз "аусеилыргалара". Еибаҟәаҟәаран уи ацәгьаршра хықәкыс иамазгьы. Уи зегьы ахәыҷра иацу хымҩаԥгашьоуп, уамак иџьашьатәым.

Уаԥсуахарц азы иҟаҵатәу

Абџьар адәахьала ахәаԥшра акуп, аха агәаҭа закәыҵәҟьоу аус аҟны ауп иахьубарҭахо, убри аҟнытә аинструктаж ашьҭахь иазԥхьагәаҭан ахысрагьы. Уи иазылхыз адәҳәыԥшахь зҿыназхаз амашьынақәа ҳрышьҭалеит ҳаргьы. Амҩан иҳацырҵаз ҩыџьа алагерь аҵаҩцәа ҳгәы дырҿыӷьуамызт, иҳаилдыркаауан арратә ԥсҭазаашьа иаҵоу акәама-ҵамақәа, ауадаҩрақәа. Ахәыҷқәа Чхәарҭалтәқәан, иагырцәан. Аха руаӡәы, Илиа захьӡыз, излеиҳәаз ала дандухалакь даԥсуахар иҭахуп. Уи азы ибзианы аҵара ҵатәуп ҳәа агәраганы дыҟоуп арԥыс. Иҩыза иакәзар, макьана ихазы имыӡбаӡац дандухалакь дзакәхо, убри аҟнытә аԥсуахара аӡбахәала акгьы имҳәаӡеит.

© SputnikЗлымҳа зыхьуа дхысӡом: Чхәарҭалтәи арратә лагер аԥҟарақәа
Злымҳа зыхьуа дхысӡом: Чхәарҭалтәи арратә лагер аԥҟарақәа - Sputnik Аҧсны
Злымҳа зыхьуа дхысӡом: Чхәарҭалтәи арратә лагер аԥҟарақәа

Џьара-џьара амашьына абарбалқәа аҵазыргьежьаауаз, амаҭ еиԥш илакьылакьуаз амҩа цәгьа ҳананыс, ҳалаԥшҳәааҿы аԥсабара ԥшӡа цәырызгаз аҭыԥ ҳарак аҟны ҳнаӡеит. Уаҳа ԥхьаҟа царҭа ыҟаӡам, шьхароуп. Иаразнак ҳалаԥш ақәшәеит аԥсабара зегьы иалыҳәҳәоз абаа ду. Агәыҳалалратә фонд "Кьараз" ахаҭарнак Кадыр Аргәын иҳаиҳәеит "Реч абаа" 7-11-тәи ашәышықәсақәа ишрыҵанакуа. Иаҳхысыз ашәышықәса 80-тәи ашықәсқәа рзы аҭоурыхҭҵааҩцәа ирыԥшааит аӡымҩангагатә трубақәа, абаахьы аӡы аазгоз. Иара убас Чхәарҭал ааигәа-сигәа иҟоу ақыҭақәа Бедиеи Оқәыми рҟны игылоуп ари абаа еиԥшу ахырӷәӷәарҭақәа. Аҭыԥантәи анхаҩцәа изларҳәо ала, Аџьынџьтәылатә еибашьраан "Реч абаа" аԥшьаҭыԥ иаҩызан, чхәарҭалаа ара иааны Анцәа имҵаныҳәарақәа мҩаԥыргон. Ааигәантәи уанахәаԥшуа ацәашьы ацыблаахақәа убарҭоуп иахьагьы.

Кадыр Аргун - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аргәын: ақыҭаҿы аԥхынтәи алагерқәа реиҿкаара иаҭахны иҟоу усуп

Абаа ақәцәахь ахалара маҷк иуадаҩуп ҳәа ҳгәы ҳашҽанырҵазгьы, ҳамчқәа ԥаҳшәарц ҳаӡбеит. Маакырас ҵаҟантәи хыхьынӡа инагаз ашаха ҳхы иархәо, џьара-џьара абахә ҳахьҳәазо, џьаргьы амаӷқәа ҳалакьакьо, зегьакоуп, ҳаибга-ҳазҩыда ҳхалеит. Абахә ашьапаҿы ԥшьҩык ҳаҟан, насыԥла хыхьгьы ԥшьҩык ҳҟалеит. Араантәи унапы ианушәа иубарҭоуп амшын аԥшаҳәа, Қырҭтәылеи Аԥсныи ирыбжьоу аҳәаа, Чхәарҭал акәша-мыкәша иҟоу ақыҭақәа. Ҵыхәаԥҵәарада абаа аҟынтәи анаԥшааԥшра угәы ахшәарым, аха ахысрақәа рзы зегь шаздырхиаз ҵаҟантәи адырра анҳарҭа, ҳахьааз ала ҳалбааит.

Еиӷьуп уқәианы

Ацәҟьақәа хԥа 70 метра инаскьаганы идыргылеит. Ихысуан хҩы-хҩыла, иқәианы, избанзар уангыло абџьар анкылара еиҳа иуадаҩуп, ацәҟьа акылкааразгьы уамак иманшәалаӡам. Ахәыҷқәа зегьы иреиҵбыз 7 шықәса ракәын ихыҵуаз, уи моу сыхьӡыла иакәзаарын. Аинар хәыҷы излеиҳәаз ала ахысбжьы еиҳа иӷәӷәахоз џьишьон, зынӡаскгьы дымшәаӡеит, доужьызар гәахәара дула даҽа зныкгьы ацәҟьа алыхәҭа алихуан. 16 шықәса зхыҵуа Аслан Хьиба алагер ахәыҷқәа зегьы дреиҳабуп, аха мышқәак раԥхьа алымҳахьаа ахьизцәырҵыз ахысра азин ирымҭаӡеит. Иҟаиҵарыз, дзықәшәаз аиашамра хаҵаҵас ичҳауа, ҿымҭ дгыланы иҩызцәа дрыхәаԥшуан.

© SputnikЗлымҳа зыхьуа дхысӡом: Чхәарҭалтәи арратә лагер аԥҟарақәа
Злымҳа зыхьуа дхысӡом: Чхәарҭалтәи арратә лагер аԥҟарақәа - Sputnik Аҧсны
Злымҳа зыхьуа дхысӡом: Чхәарҭалтәи арратә лагер аԥҟарақәа

Ахәыҷқәа зегьы анхыс, ҳаргьы ҳабла аҵарра гәаҳҭартә алшара ҳарҭеит. Аха ҳара ахәыҷқәа ҳрацлабуазма, ҳашгылаз ҳхысырц ҳаӡбеит. Аснаиперцәа рыҩаӡара аҟынӡа макьана сшыхароу сдыруан, аха жәахык рҟынтәи фба ацәҟьа исзақәыршәап ҳәа сыҟамызт. Уи моу, руакы агәҭаҵәҟьа ишақәшәаз анысдырба, азныказы арра сышьҭындаз ҳәа сааҟалеит. Аҵыхәтәанӡа Аԥсны атәылахьчара аминистрра ахаҭарнакцәа иҟарҵеит аихшьаала.

Иреиӷьу алҵшәа аарԥшны, ацәҟьеихсра аицлабраҿы аиааира игеит Иан Коӷониа. Аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит Робик Ҳаџьымба. Ахԥатәи аҭыԥ - аруаҩ қәыԥш Гьегьиа.

Ԥхынгәымза 6 инаркны, агәыҳалалратә фонд "Кьараз" ахшара рацәа змоу аҭаацәара рҟынтәи ахәыҷқәа рзы арра-патриоттә лагер еиҿыркааит Тҟәарчал араион Чхәарҭал ақыҭан. Алагерь еиднакылаз ахәыҷкәа рхыԥхьаӡара 30-ҩык рҟынӡа инаӡоит. Аиҿкаараҿы ацхыраара ҟанаҵоит Аԥсны атәылахьчара Аминистрра, Очамчыратәи 2-тәи абаталион аофицерцәа алархәны. Амза 11 рзы ахәыҷқәа рыҩныҟақәа рахь ихынҳәуеит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0