Шәхы лашәырҟәла: Отаԥтәи аҳаԥы сышҭалаз

© Sputnik / Томас ТхайцукАбрыскьыл иҳаԥы
Абрыскьыл иҳаԥы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абрыскьыл дызҭаҿаҳәоу, Аҽуац ҭызго, акамбашьӡмах, аӡҭарчы - Отаԥтәи аҳаԥы иҭалаз, уи акәша-мыкәша иибаз-иаҳаз, насгьы агәамҵра ҽеи шалымҵуа уҳәа ҳадигалоит Sputnik акорреспондент Аинар Ҷыҭанаа.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Уамак ихараӡам

Аԥсны мрагыларатәи ахәҭа ахырхарҭала аԥсшьаҩцәа азҿлымҳара зырҭо аҭыԥқәа реиқәыԥхьаӡаразы узнапык анацәкьарақәагьы мыцхәхап. Кәыдры нырцә иҟоу аҭыԥқәа рҟынтәи еиҳа иргәаԥхаз арбану ҳәа дара рхаҭа уразҵаауазар, шамахамзар "Кынды́г" ауп иуаҳауа, ишырҟазшьоу еиԥш, аҵыхәтәантәи ацыраҿы ақәыӷәӷәара ргыло. Аӡыршаҿы ԥыҭк "рҽанхәылырхлакь", аҽырхьшәашәаразы дара Отаԥтәи аҳаԥқәа рахь рҿынархоит. Алегенда излаҳәо ала, урҭ руак дҭаҿаҳәан амифтә фырхаҵа Абрыскьыл. "Аҽуац ҭызго" ҳәа изышьҭоу аӡыхь иахьагьы аҳаԥы иҭысны иаауеит. Ҳара ари алегенда ахьынӡаиашоу, насгьы аԥсшьаҩцәа аҳаԥы иахьынӡазҿлымҳау еилаҳкаарц Отаԥҟа амҩа ҳақәлеит.

Астамур Адлейба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Адлеиба: Отаԥтәи аҳаԥы иаҭаауа рыдкылара ҳазхиоуп зегь рыла

Аҟәантәи Отаԥынӡа 70 километра бжьоуп, Очамчырантәи – 22.  Амҩа хада уаныҵны ақыҭарахь уаныбжьалалак, аҭыԥ аҟынӡа лассы унеиуеит, маҷк иҭшәазаргьы, шықәсқәак раԥхьа иқәҵаз ақаҭран мҩа ушықәу унаӡоит. Ҳахьнеиз иаразнак ҳалаԥш ақәшәеит адәҳәыԥш агәҭаны игылоу Аԥсуа ҭӡы ацәынхақәа. Урыла иара жәабаҟа метра иҟоуп, аҳәира ахылиаахьеит, аха адәахьала уахьахәаԥшуа ибзианы еиқәырхоуп. Иара убас иубарҭоуп акы-ҩба ҽхарԥарҭа рҟны иҭаку аҽқәа. Аҽцәагьы урҭ ирывагежьуеит, акы-ҩба ҽы ҭыганы, аԥсшьаҩцәа ақәыртәаны рнагаагара иаҿуп. Дара аҵыхәтәантәиқәагьы ианырацәоу аамҭа ҳақәшәазар ҟалап, еилауаҭырроуп.

© Sputnik / Акоп КущянАбрыскьыл иҳаԥы азааигәара игылоу Аԥсуа баагәара ду аҭыӡқәа
Шәхы лашәырҟәла: Отаԥтәи аҳаԥы сышҭалаз - Sputnik Аҧсны
Абрыскьыл иҳаԥы азааигәара игылоу Аԥсуа баагәара ду аҭыӡқәа

Арыӷьарахь аҭааҩцәа рзы еихҳәа-еиҵҳәа игылоуп аԥсуа ԥацха. Араҟа заанаҵы уфатә рхианы иадтәалаӡам, аҳаԥахьы уцаанӡа раԥхьа унеины афатә ҿауҵоит. Уҭыҵны уанааилакь иааумҵадыргылоит амцаҿы иузыруз абысҭа цаҳә-цаҳәо. Гәырхаагак аҳасабала аҭааҩ идыргалоит аҭыԥантәи акамбашь харҵәы, ацха цқьа налаҭәаны. Аԥсуа чеиџьыка мап ацәызкуа рзы егьырҭ ачыс хкқәагьы асиа иануп. Досу ихала иалихыр илшоит, иҭахызар, "асолианка" изыҟарҵоит, иҭахызар - ачашә. Хәыда-ԥсада аҵыхәтәантәи ачыс хкы наҳамҵаҵаны, акамбашь харҵәгьы нацҵаны, Абрыскьыл иҳаԥы напхгара азҭо Асҭамыр Адлеиба иаҳзеиҭеиҳәеит уи аартра шыҟалаз, насгьы иахьа иаԥсҭазаашьоу.

 

Аҳаԥы аартра шыҟалаз

Аҳаԥы аартра аидеиа ыҟан Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ҟалаанӡагьы, аха 1995 шықәсазоуп аԥсшьаҩцәа ҭалартә аҭагылазаашьақәа анаԥҵаз. Раԥхьаӡатәи асезон уеизгьы-уеизгьы ақәҿиара ду ацын ҳәа аҳәара уадаҩуп, избанзар хҩы заҵәык роуп уахь аҭалара згәаӷьыз. Усҟан Асҭамыр аидырҭәалага (асварка злаҟарҵо - аред.) мыруга ахархәарала алашара аҳаԥы аҩныҵҟа иҭеигалеит. Зынӡа 36 вольт ракәын амыруга иҭыҵуаз аҟнытә аҳаԥы аҩныҵҟа хараӡа зегь каххаа ишубарҭамыз азгәеиҭеит анапхгаҩы. 

Сергеи Уасил-иԥа Багапшь ихаан Отаԥтәи аҳаԥы ацхыраара ӷәӷәа аҭан, аԥсшьаҩцәа рыдкыларазы иаԥҵан ихымԥадатәиу аҭагылазаашьақәа. Ахарара адагьы иԥыҽҽны иҟаз амҩақәа аԥсшьаҩцәа аруадаҩуан, кыр аамҭа рымнахуан аҟнытә, аҳаԥы аҭааҩцәа шамахамзар иамаӡамызт. Аха Сергеи Багаԥшь инапынҵала ақыҭаҿы ақаҭран мҩа анықәҵаха, иаразнак иацлеит Абрыскьыл дахьҭаҿаҳәаз аҭыԥ абара зҭаххаз ауаа рхыԥхьаӡара. Иахьа Отаԥтәи аҳаԥы шәҩыла аԥсшьацәа рыдкылара иазхиоуп.

© Sputnik / Томас ТхайцукАбрыскьыл иҳаԥы фымцаларашарала еиқәыршәоуп
Шәхы лашәырҟәла: Отаԥтәи аҳаԥы сышҭалаз - Sputnik Аҧсны
Абрыскьыл иҳаԥы фымцаларашарала еиқәыршәоуп

Аҽуац ҭызго аӡыхь аҳаԥы иахьҭыҵуа аҭыԥ аҟны аҵаулара 30 сантиметра инаӡоит. Ааԥын ашьхарахь асы аныӡыҭуа аамҭазы уи аӡыхьгьы ашәара иацлоит, зны-зынла метрак аҟынӡа иҵаулахо аҟынӡа. Аӡҭатәеиԥш иҭамчларц азы Асҭамыр аӡыхь ацарҭа маҷк иаваицәит, аха уамакгьы аԥырхагахара шиҭахымхазгьы ҳаиҳәеит. Избан акәзар аԥсабара ахала иарҿиаз апроцесс ауаҩы инапы еиԥнаҟьар, аҳаԥы аҩнуҵҟа иҟоу анышәаԥшь зегьы аӡы иҭнагар алшоит. Аҳаԥы иара усгьы кырынтә анапхыцәгьа ааха анаҭахьеит. Асҭамыр иҳаиҳәеит шықәсқәак раԥхьа, уажәеиԥш ахылаԥшра анамамыз изныкымкәа асталактитқәа ԥыҽҽны ишыргахьаз. Асҭамыр иажәақәа рыла уи аахыс ари аҩыза ацәгьоура ҟамларц азы аҳаԥы ҷыдала иахылаԥшуеит, аламала акы алакьысра аӡәгьы азин имаӡам.

Акамбашьӡмах абаразы

Асҭамыр Адлеиба иҳацеиҩишеит аҳаԥы азҿлымҳара арҭбааразы имоу агәҭакқәа. Иара иажәақәа рыла, аҭааҩцәа аӡәырҩы аԥсыӡкра аинтерес рымоуп аҟнытә, аҳаԥы азааигәара аӡҭачы аиҿкаара иҭахуп. Иара иаҳзеиҭеиҳәеит аԥсыӡкра иадҳәаланы шықәсқәак раԥхьа иҟалаз ахҭыс.

© Sputnik / Томас ТхайцукАбрыскьыл иҳаԥы
Шәхы лашәырҟәла: Отаԥтәи аҳаԥы сышҭалаз - Sputnik Аҧсны
Абрыскьыл иҳаԥы

"Шықәсык иаҳҭааз аԥсшьаҩцәа рҟынтәи урыс ԥҳәыск ааигәа-сигәа аԥсыӡкырҭа џьаракыр иҟоума ҳәа дсазҵааит. Усҟан сара аратәи аҷкәынцәа руаӡәы длыцысҵан, аӡиас ахь дсышьҭит. Цасҳәа ауха уи аӡиас алаӷәым ҭаԥыржәазаап. Иԥсны аӡы ихыз аԥсыӡқәа анылба, уаҳа сыхабар шыҟамло ҳәа наҳаҳәаны дцеит уи аԥҳәыс. Даара ихьымӡӷысшьеит, аиашазы", - игәалаиршәоит Адлеиба.

Иара ари аҩыза аҭагылазаашьа даҽазны иҟамларц ҷыдала аԥсыӡкразы иааҭахкааны аӡҭачы аҟаҵара илшап ҳәа дгәыӷуеит. Асҭамыр Адлеиба иазгәеиҭеит аԥсшьацәа уаҩы дызқәымгәыӷуа аҟны еиҳагьы азҿлымҳара ду шаадырԥшуа. Иаҳҳәап, иҟан уи аҩыза ахҭысгьы, гәыԥҩык аԥсшьацәа аҳаԥы зынӡаск иҭамлакәа акамбашьқәа зҭатәоу аӡмах абаразы мацара ианаауаз. Иара убас дара ирбар рҭахуп ажәытәан аԥсуаа рыбзазараҿы рхы иадырхәоз амыругақәа. Убри аҟнытә Асҭамыр Адлеиба аԥхныга, аҳаҟьа, анапыла ӡлагара уҳәа  реиԥш иҟоу амаҭәарқәа реидкылара даҿуп, аҳаԥы азааигәара ҳаԥхьаҟа музеи хәыҷык ааиртразы.

Агәамҵра ҟалаӡом

Аҳаԥы анапхгаҩы ҳаниҿцәажәа, ҳаназыӡырҩы уи аҭоурых, лабҿаба иҳарбандаз ҳәа ҳааҟалеит. Аҳаԥы ҳирбарц азы дҳацҵан кыршықәса аус зухьо, 72 шықәса зхыҵуа амҩаԥгаҩ Витали Қәҭелиа. Иҳацҭалоз хҩык аԥсшьаҩцәа руаӡәы дааҟәымҵӡакәа аҭыӡшәа злылхша аҽыҵга лыԥшаауан. Зны илырҭаз амагә лшьапы ҭанарххацәеит, даҽазны илыцәдуцәахеит, нас аҳаԥаҟны хьҭацәахеит, иаалырҟьаны амлагьы дакит… Ажәакала, зынӡаск лгәалаҟара ыҟамызт. Аха аҳаԥы аусзуҩцәа иацмыҵҟьакәа, лгәазыҳәарақәа зегьы нарыгӡан, ҳҭаланы ҳҿааҳхеит.

Тҟәарчал - Sputnik Аҧсны
Агәыҩбара зцыз аныҟәара: Тҟәарчал сеигәырӷьеит, аха сылаӷырӡгьы аанагеит

Аҩнуҵҟа еснагь 12-14 градус ыҟоуп, ӡынгьы-ԥхынгьы аҽаԥсахӡом. Иахьатәи аамҭазы иҭҵаау 800 метра аҳаԥы ашәараҿы иҟоуп ауадақәа 4. Витали Қәҭелиа амҩан хкы рацәала иаҳԥылоз, аԥсабара иаԥнаҵаз еиуеиԥшым асахьақәа досу ирызкны ирхианы иман алегендақәа. Аха иара баша аҭоурых еиҭеиҳәомызт, иажәабжьқәа зегьы ҳгәалаҟара еиҳа-еиҳа ишьҭызхуаз лафла иҭәын.

Аҳақ аус ауит ҳәа сгәы иаанагоит. Ҳцонаҵы Витали ҳхы лаҳарҟәларц есааира ҳгәы ҳҽашаниҵозгьы, ҳдәықәламҭаз зыҽзырцәгьоз аԥҳәыс аҟыгәҳәа аҭҵамцқәа руакы лхы нанылҟьеит. Уи ашьҭахь сара, сзыхҟьаз сыздыруам, аха смахәар аанылкылан, аҳаԥы ҳҭыҵаанӡа слышьҭуамызт. Еизакны иуҳәозар, кырӡа илахҿыхын ҳара ҳныҟәара.

Отаԥтәи аҳаԥы (Абрыскьыл) мышкахьы 100-150 ҩык аԥсшьацәа анаҭаауа ыҟоуп. Зны-зынла зынӡагьы иааӡом. Асҭамыр Адлеиба иажәақәа рыла, бжьаратәла иугозар, мышкы 20-25 ҩык ҭалоит. Аус ауеит 1995 шықәса раахыс. 

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0