Валентина Ашәԥҳа: насыԥс исшьоит сҵаҩцәа реихьӡарақәа

© Foto / Саида ЖибаВалентина Кәыта-иԥҳа Ашәԥҳа
Валентина Кәыта-иԥҳа Ашәԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
1961 шықәсазы Џьгьардантәи Гагра араион, Алықьса Канџьариа дызхагылаз Гантиадитәи (иахьа Цандрыԥшьтәи) ашкол-интернат №1 ахь арҵаҩы-ааӡаҩыс иаашьҭыз, еиԥмырҟьаӡакәа 55 шықәса апедагогикатә стаж змоу, иахьа зымшира азгәазҭо Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩы Валентина Кәыта-иԥҳа Ашәԥҳа иаҳзеиҭалҳәеит ари амҩа дшанылаз атәы.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Валентина Ашәԥҳа М.Г. Амҷба ихьӡ зху Џьгьардатәи абжьаратә школ даналга, амедицина ахырхарҭала аҵараҵара лгәы иҭан, аха лаҳәшьаду лԥа занааҭла ирҵаҩыз Павел Ҳаџьараҭ-иԥа Аӡынба иаԥшьгарала ларгьы арҵаҩы изанааҭ дазхьаԥшит. Валентина дҭалоит М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи арҵаҩратә институт, лара дреиуоуп апедагогикатә факультет раԥхьатәи аушьҭымҭацәа.

Алексей Конджария - Sputnik Аҧсны
Илеишәа џьбаран, аха бзиа даҳбон: Гагратәи алицеи Алықьса Кәанџьариа ихьӡ ахҵоуп

Аԥҳәызба ахԥатәи акурс ахь даниас, апрактика дахысырц дрышьҭуеит аԥхынразы Очамчыратәи абжьаратә школ №1 аҟны Қырҭтәыла аиҳабыреи ачынуааи рхәыҷқәа рзы еиҿкааз алагерь ахь. Абраҟа Валентина Ашәԥҳа илнырит ари азанааҭ иацыз аҭакԥхықәра ду. Ахәыҷқәа адыррақәа рыҭара адагьы иааӡатәын.

1961 шықәсазы, апедагогикатә факультет аушьҭымҭацәа еихшаны араионқәа рахь иршьҭуан. Валентина Ашәԥҳа дақәшәеит Гантиадитәи ашкол-интернат №1.

"Сыԥхашьа-ԥхаҵо ашкол-интернат ашҭа сҭалаанӡа абыки иашьаки ррольқәа нагӡауа исԥылаз аҵараиурҭа аиҳабы Алықьса Кәанџьариа ихылҵуаз аԥхарра, аџьбарара, аиашара иахьагьы сгәы иҭыҵуам", - илгәалашәоит лара.

Валентина Ашәԥҳа амш актәи азбжанӡа аиҵбыратәи аклассқәа алырԥхьан, анаҩс аиҳабыратәи акласс аҵаҩцәа аҩныҟатәи адҵақәа длырҟаҵон, аҵх иазлырхион.

Валентина Ашәԥҳаи Кәанџьариа Алықьсеи аушьҭымҭацәа аттестатқәа анрырҭоз
Валентина Ашәԥҳа: насыԥс исшьоит сҵаҩцәа реихьӡарақәа - Sputnik Аҧсны
Валентина Ашәԥҳаи Кәанџьариа Алықьсеи аушьҭымҭацәа аттестатқәа анрырҭоз

Ашкол-интернат иҭаз ахәыҷқәа еиҳа арҵаҩцәа ирзааигәан. Избанзар, аԥсшьарамшқәа рыда, зани заби ирҟәыҭханы иҟаз дара ракәын аҭаацәа ҳәа ирԥхьаӡоз.

Валентина Ашәԥҳа лакәзаргьы, аныс дрыман. Лыԥсшьаратә аамҭа лхы иамырхәаӡакәа, аиҵбацәа лкәабон, ицәаанӡа дрываиан.

Усҟантәи аамҭазы ашкол-интернат аҟны аԥсҭазаара аинтерес аҵан. Алықьса Канџьариа иааӡамҭацәеи иколлективи лассы-лассы СССР атәылақәа рахь ныҟәара ишьҭуан.

"Ашкол-интернат аҵакыраҿы анхамҩагьы ныҟәаҳгон. Ахәыҷқәеи ҳареи ауҭра ҳаман, ианаҳҵон аԥсаатә, аҳәақәа, ажьақәа. Аклассқәа ҳаицлабуан еиҳа ркапаныртә еиԥш изчахуа ҳәа. Сара сыкласс изныкымкәа аиааира агахьан. Иаҳааӡоз аҳәақәа Бзыԥҭатәи акомбинат иганы иаҳҭон. Анаҩс Алықьса Канџьариа ҳарбагақәа ахьбзиаз азы Шәача, ма Кисловодск ԥсшьара ҳаишьҭуан", - еиҭалҳәоит арҵаҩы.

Валентина Кәыта-иԥҳа ашкол-интернат ахь аусура даннеи, аколлектив милаҭ рацәала ишьақәгылан, аха аӡәи-аӡәи ҳаҭырла еизыҟан.

Валентина Ашәԥҳа лҩызцәа рыбжьара
Валентина Ашәԥҳа: насыԥс исшьоит сҵаҩцәа реихьӡарақәа - Sputnik Аҧсны
Валентина Ашәԥҳа лҩызцәа рыбжьара

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ҩба-хԥа шықәса шагыз, ақырҭцәа рхымҩаԥгашьа аҽеиҭанакуа иалагеит. Маӡала еицәажәон, аҳаблаҿы аизарақәа мҩаԥыргон.

"Алықьса Канџьариа даара дуаҩы ҟәымшәышәын, аха дагьыџьбаран. Иколлектив аҩнуҵҟа иакәым цәажәарақәак иаҳар, иаразнак иҿахиҵәон, убри аҟнытә иҳалаз ақырҭцәа ицәшәон", - ҳәа азгәалҭоит Валентина Кәыта-иԥҳа.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Гагра араион ахы ианақәиҭха аҭоурыхтә хьӡы ззырхынҳәыз Цандрыԥшь иаадыртуеит азанааҭ-техникатә ҵараиурҭа. Абраҟа ҩышықәса аус уны, Валентина Ашәԥҳа дхынҳәуеит уажәшьҭа "Башаран коллеџь" ҳәа ишьақәгылаз, уаанӡатәи ашкол-интернат ахь. Даҽа ҩышықәса ааҵуаны диасуеит Маҳадыртәи абжьаратә школ №1 ахь, анаҩс Аԥсны Афырхаҵа Нури Багаҭелиа ихьӡ зху Цандрыԥшьтәи абжьаратә школ №2 ахь. Аҵыхәтәантәи аҟны 17 шықәса аиҵбыратәи аклассқәа рырҵаҩыс аус луоит.

Арҵаҩы еиҭалҳәеит аибашьра ашьҭахь ахәыҷқәа ашәара шрымаз. Аурок ацара ишаҿу, иаалырҟьаны, "уаҳа аибашьра ҟамлаӡои, аӡәгьы дрымшьӡои" ҳәа иҵаауан.

"Аибашьра ҟалаанӡа ахәыҷқәа рыԥсҭазаара иацәшәаӡомыз, рхы-ргәы ҭынчны аҵара рҵон, аха ҳазлаԥшыз ахлымӡаах ашьҭахь зыԥсихологиа ԥсыҽхаз аҵаҩцәа ҷыдала ҳрызнеиуан, рыгәшәы ҳҳәон, иҳарҭынчуан", - илгәалшәоит арҵаҩы.

Валентина Ашәԥҳа еиԥмырҟьаӡакәа 55 шықәса рҵаҩыс аус луит. Лара дрызгәыдууп лоушьҭымҭацәа зегьы, аха раԥхьатәи лааӡамҭацәа лгәаҵаҿы идырҿыхеит ҽакы иаламҩашьо ацәаныррақәа. Аԥсны еицырдыруа арежиссиор Виачеслав Аблоҭиа, актиорцәа Алхас Шамба, Гена Ҭарба, Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг, аҳақьымцәа Ритеи Риммеи Аргәынԥҳацәа уҳәа еиқәуԥхьаӡо уалагар, статиак иузҭагӡом рсиа.

Валентина Ашәԥҳа лҵаҩцәа лыманы Москва даныҟаз
Валентина Ашәԥҳа: насыԥс исшьоит сҵаҩцәа реихьӡарақәа - Sputnik Аҧсны
Валентина Ашәԥҳа лҵаҩцәа лыманы Москва даныҟаз

"Сџьабаа бзабааны исԥылеит, избанзар насыԥс исшьоит сҵаҩцәа реихьӡарақәа. Урҭ Аԥсны анҭыҵгьы аус дуқәа рнапы алакуп. Ахаан сырҵаҩратә мҩаҿы имҽыӷу ажәа ахархәара асҭомызт. Арҵараҿы мчыла аҵкыс хаала алшара шамаз збон. Зегьы гәырҵҟәылла еиԥшымызт аҟнытә, аԥсыҽгьы ауаҩра, аҳалалра илазшьуаз ажәа гәыҭшьаагада дназгон, ихы агәрагара ицәымӡырц азы. Урҭ рахьтә ирацәаҩуп зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз, иахьагьы амаҵ азызуа", - еиҭалҳәоит арҵаҩы.

2017 шықәсазы Валентина Кәыта-иԥҳа Ашәԥҳа абиԥара реиҵааӡараҿы илбаз аџьабаазы, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусԥҟала илыхҵан "Аԥсны зҽаԥсазатәыз арҵаҩы" ҳәа ахьӡ ҳаракы.

Иахьа, нанҳәа 15 рзы, шәҩыла ахәыҷқәа знапы иҵҵыз арҵаҩы иазгәалҭоит 82 шықәса лхыҵра. Ауаҩы ҳалал еиҳау ақәранҵыра лзеиӷьаҳшьоит, лыуаажәлар дрыгымзааит, лааԥсара зду зегьы иҭабуп ҳәа алаҳәашьа иақәшәааит.

Иара убас шәаԥхьар шәылшоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0