Хатәгәаԥхарала иеибашьуаз Роберт Ашба: аибашьра иадҳәалоу ахысбжьы мгааит

© Foto / предоставлено Робертом Ашба Роберт Ашба
 Роберт Ашба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҟарачы-Черқьесиантәи Аԥсны ахақәиҭтәразы 27 шықәса раԥхьа абри амш азы хатәгәаԥхарала иааз дыруаӡәкуп Леон иорден занашьоу Роберт Ашба. Иара игәалаиршәоит уи ахҭыс шыҟалаз атәы.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Хылҵшьҭрала Ԥсҳәы иҭыҵыз, Ҟарачы-Черқьесиа абаза қыҭа Хәажә ду иеиуоу, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу Роберт Ашба Аԥсны хатәгәаԥхарала еибашьуаз дыруаӡәкуп. Иҩызцәа аӡәырҩы реиԥш, Аԥсны игаз ахысбжьы еиднакылеит, егьа каҵәарақәа ирхысны, хыԥсыра рхыганы рашьцәа аӷьараҳәа ирывагылеит, аибашьратә мҩа аҵыхәанӡа ирыцанысит. Ирацәоуп аибашьҩы игәалашәарақәа, хаҭала иара дызлахәыз ахҭысқәа, аха, ахаҵа ишиаҭәоу еиԥш, ахӡыргара иаҭәан иԥхьаӡом, иҭахаз иашьцәа хьааигоит, рыхьӡ-рыԥша дазгәыдууп, дшазгәыдуу еиԥш Аԥсны иамоу Аиааира, Ахақәиҭра, Ахьыԥшымра.

"Сҩызцәа Екба Башьыр, Цеков Арсен, сара Аԥсныҟа шьхала амҩа иқәлаз риагара аус аиҿкаара аханатә нап аҳаркит. Абжаҩык Грозныиҟа ицеит, уаҟа Дудаев ирылаиҳәеит ақырҭқәа рҿагыларазы архәҭақәа реиҿкаара дшаҿу, уантә бџьарла, шәҵатәыла еиқәных, аикарусқәа рыла рҽеиқәыршәаны, Дамхәырцҟа идәықәлеит. Ҳарҭ урҭ ахыганы идәықәаҳҵеит, анаҩс уаанӡатәи Асовет Еилазаара аҩнуҵҟатәи арбџьармчқәа донтәи адивизиа аара ҳаднаҵеит, аха зегь акоуп ҳамҩа аартхеит", - ҳәа азгәеиҭоит аветеран.

Абас, гәыԥ-гәыԥла Аԥсныҟа еибашьра иаауан арԥарцәа. Урҭ рахьтә иҟоуп зынӡа иқәыԥшқәаз, зҭаацәа ирцәыбналақәазгьы.

"Ус асы рацәаны илеит. Саргьы Черқьесскынтәи Шәачаҟа сааит аҩхаахь. Аха, амҩа аркын, нас уантәи акатерқәа рыла Пицунданӡа ҳааит. Ари Гагра ақалақь анырга аҩбатәи амш азы акәын. Уинахыс "Сатурн" агәыԥ ҳалан Ҟарачы-Черқьесиантәи иааз арԥарцәа. "Ураган" агәыԥ еиднакылон Лыхнытәи, Гәдоуҭатәи арԥарцәа. Урҭ командаҟаҵаҩыс дрыман Шьаҟрыл, уи даныршь ихаҭыԥан дҟарҵеит Ԥлиа ҷкәынак, Полиак ҳәа хьыӡшьарас измаз. Арота командаҟаҵара азиуан Оҭырба Адамыр", - еиҭеиҳәеит Роберт Ашба.

© Foto / предоставлено Робертом АшбаЧерқьесск ақалақь аҟны Хатәгәаԥхарала иеибашьуаз рбаҟа аартраан
Хатәгәаԥхарала иеибашьуаз Роберт Ашба: аибашьра иадҳәалоу ахысбжьы мгааит - Sputnik Аҧсны
Черқьесск ақалақь аҟны Хатәгәаԥхарала иеибашьуаз рбаҟа аартраан

Ҟарачы-Черқьесиантәи хатәгәаԥхарала иеибашьуаз рхыҧхьаӡара 120-ҩык инарзынаԥшуан. Урҭ рахьтә иҟоуп иҭахақәаз, хабарда ибжьаӡқәаз. Урҭ зегьы иреиҳау аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ирыԥсахеит, ианҭахаз ашьҭахь ҳәа аорденқәеи амедалқәеи ранашьоуп. Зегьы ирыцкуп урҭ рыԥсҭазаара ҳҭынч ԥсҭазаара иахьахҭнырҵаз, рҿаԥхьа ҳхырхәоит.

"Хатәгәаԥхарала иеибашьуаз рымш аҽны, иҭахаз рыхьӡала Ҟарачы-Черқьесск игылоу абаҟа амҵан ҳаизоит, ашәҭқәа шьҭаҳҵоит, ҳҩызцәа ҳгәалаҳаршәоит. Ари абаҟа аргыларагьы ҳтәыла ахадара адгылара арҭеит Иахьа, аибашьцәа иранашьан Гагра ахақәиҭтәразы амедалқәа. Урҭ рнапаҿы гәахәала идҳаркит. Уаҳа еибашьра Анцәа иҟаумҵан. Ҳҩызцәа рыхьӡ ҳхамшҭааит, Аԥсны аҭоурыхтә рыцхәқәа рзы еснагь араҟа ҳаизоит", - иҳәеит Ашба.

Роберт Ашба еснагь гәыла-ԥсыла Аԥсны дадҳәалоуп. Иара дазгәыдууп иԥа Рем Ашба иҭаацәа иманы, анкьа рабдуцәа зныҵыз рыԥсадгьыл иахьықәынхо, араҟа илызҳауеит иԥсы злоу имаҭа хәыҷы. Акыр дазыҳәоит Аԥсынра еснагь аҭынчра ыҟазарц, аибашьра иадҳәалоу ахысбжьы мгарц, наунагӡа агәырӷьабжьы ықәыҩларц.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0