Афон акультура Ахан аадыртит

© Sputnik / Томас ТхайцукАфон акультура Ахан аадыртит
Афон акультура Ахан аадыртит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афон Ҿыц акультура Ахан ахыбраҿы аусура иалагоит ашахмат, адомино рсекциақәа, ақалақьтә библиотека.

АҞӘА, нанҳәа 16 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Афон Ҿыц шьаҭанкыла еиҭашьақәыргылоуп акультура Ахан ахыбра. Иара официалла иаадыртит нанҳәа 15 рзы.

Ахан аартраан ацаха ҟаԥшь еицԥырҟеит ақалақь ахада Феликс Дауҭиеи Афон атәылауаа хәыҷқәеи.

© Sputnik / Томас ТхайцукАфон акультура Ахан аадыртит
Афон акультура Ахан аадыртит - Sputnik Аҧсны
Афон акультура Ахан аадыртит

"Акраамҭа ҵуан абри аҩыза Ахан ҳазыԥшижьҭеи. 15 шықәса ҵуеит асасцәа ахьҳадаҳкылаша, ауснагӡатәқәа ахьымҩаԥаагаша аҭыԥ ҳамамижьҭеи. Ари уаҵәы еиҵагыло абиԥарақәа иртәуп, ирҳамҭоуп", - азгәеиҭеит аартраан ақалақь ахада Феликс Дауҭиа.

Ақалақь ахадара аҿар русқәа рзы аҟәша аиҳабы Михаил Цкәуа иажәақәа рыла ақалақь арҿиаратә коллективқәа ирымамызт алшара аҽазыҟаҵаразы. Уажәшьҭарнахыс ара имҩаԥыслоит еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа, аиҳарак аҿар рзы иҳәеит иара.

© Sputnik / Томас ТхайцукАфон акультура Ахан аадыртит
Афон акультура Ахан аадыртит - Sputnik Аҧсны
Афон акультура Ахан аадыртит

Афон Ҿыц акультура Ахан ахыбраҿы аусура иалагоит ашахмат, адомино рсекциақәа, ақалақьтә библиотека.

"Даара ҳазгәышьуеит ақалақь аҿы ҳхатә спорткомплекс аартра", - азгәеиҭоит Цкәуа.

Афон ақалақьтә еизара адепутат Рамаз Смыр иҳәоит аамҭа хара рцәамгакәа аусурақәа иахәҭоу анормақәа ирықәыршәаны ишымҩаԥгаз. Афон Ҿыц ауаҩԥсы Мадина иазылыԥхьаӡоит Ахан аҿар рзы "аҩбатәи аҩны" акәхоит ҳәа.

"Уаанӡа ҳхәыҷқәа егьырҭ ақалақьқәа рахь ицон акәашара, ашәаҳәара рҵаразы. Сгәы иаанагоит аҭаацәа аигәырӷьаны рхәыҷқәа абрахь иааргалап ҳәа", - лҳәоит лара.

© Sputnik / Томас ТхайцукАфон акультура Ахан аадыртит
Афон акультура Ахан аадыртит - Sputnik Аҧсны
Афон акультура Ахан аадыртит

Акультура Ахан аартраан ахәыҷбаҳча "Алашара" ааӡамҭацәа алакә ддырбеит арахь иааиз, ахореографиатә ансамбль "Анаҟәаԥиеи" аԥсуа естрада ашәаҳәаҩцәеи еиҿыркааит аконцерттә программа.

Ахан ареспубликатә биуџьет аҟынтәи 30 миллион мааҭ ақәхарџьын.

© Sputnik / Томас ТхайцукАфон акультура Ахан аадыртит
Афон акультура Ахан аадыртит - Sputnik Аҧсны
Афон акультура Ахан аадыртит

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0