Галтәи алхырҭатә ҭыԥ ахадара ахыбраҟынтәи ииаргеит

Анапаҵаҩра
35-тәи алхырҭатә ҭыԥ хадаҟны иҭаҩуп алхыҩцәа 872, урҭ рахьтә 516-ҩык Гал ақалақь аҿы иҟоу алхырҭатә ҭыԥ №1 ахь иаҵанакуеит, 356-ҩык - Гәымарқыҭ иатәу алхырҭатә ҭыԥ №2 ахь.

́АҞӘА, нанҳәа 19 — Sputnik. Гал араион алхырҭатә ҭыԥ №1 ахадара ахыбраҟынтәи ииаргеит Акультура аҩнахьы, абри атәы "Гал ТВ" аефир аҟны иҳәеит алхырҭатә ҭыԥ хада №35 акомиссиа ахантәаҩы Асҭамыр Асланӡиа.

Тамаз Гогия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Гогьиа: атәылауаҩшәҟәқәа рыԥсахра аус цәгьаны ицоит

"Ишыжәдыруа еиԥш, аҳәынҭқарра ахадарахьы акандидатцәа рхыԥхьаӡара дууп. Урҭ рыцыԥхьаӡа анаԥшыҩцәа аарышьҭыр, 10-ҩык ҟалоит, иара убас алхырҭатә ҭыԥ акомиссиа алахәылаҩцәа. Убри инамаданы Гал ақалақь ахадара ахыбраҿы иазалхыз ауада ҭшәахоит ҳәа азаҳаԥхьаӡан, алхырҭатә ҭыԥ Акультура аҩнахьы ииаҳгеит", - иҳәеит Асланӡиа.

Асланӡиа иажәақәа рыла, азакәан инақәыршәаны, алхырҭатә ҭыԥқәа №1, №2 рҟны алхыҩцәа рсиа кыдырҵахьеит.

"Алхыҩцәа рсиа кыдҵоуп дара ааины, игәарҭарц азы. Арҭ асиақәа макьана ариашарақәа рылагалазар ауеит, избанзар иҟоуп зтәылауаҩшәҟәқәа зымԥсахыц ауааԥсыра. Иҟоуп зтәылауаҩшәҟәқәа згараны иҟоу, урҭ шадҵаалалак еиԥш, асиақәа хаҳарҭәаалоит", - иҳәеит алхырҭатә ҭыԥ хада акомиссиа ахантәаҩы.

Асҭамыр Асланӡиа иазгәеиҭеит 35-тәи алхырҭатә ҭыԥ хадаҟны иҭаҩуп алхыҩцәа 872, урҭ рахьтә 516-ҩык Гал ақалақь аҿы иҟоу алхырҭатә ҭыԥ №1 ахь иаҵанакуеит, 356-ҩык - Гәымарқыҭ иатәу алхырҭатә ҭыԥ №2 ахь.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0