Аԥсны АҶА: Гәыматәи амҩаҿы адгьылҳәазара ашьҭахь анхацәа рыҩнқәа рахь ихынҳәит

© Sputnik / Томас ТхайцукУкрепительные бетонные стены по улице Гумская
Укрепительные бетонные стены по улице Гумская - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь Гәыматәи амҩа адгьылҳәазара ахьыҟалаз ахәҭаҿы инхоз 20 ҭаацәара рыҩныҟақәа рахь ихынҳәит. Дара арыцҳара иақәымшәарц азы даҽа ҭыԥк ахь нхара ҳәа ииаган.

АҞӘА, нанҳәа 19 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аҟәа ақалақь Гәыматәи амҩа адгьылҳәазара ахьыҟалаз ахәҭаҿы инхоз 20 ҭаацәара рыҩныҟақәа рахь ихынҳәит имҩаԥгаз аусурақәа рышьҭахь. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҟәа ақалақьи Аҟәа араиони ахьчаразы абылреиқәырхаратә гәыԥ аиҳабы Ҭемыр Кәыҵниа.

"Знык адгьылҳәазара ашьҭахь уаҳа иҟамлаӡацт. Аргылаҩцәа русурақәа рынагӡара иаҿуп, арӷәӷәагатә ҭыӡқәа шьақәдыргылахьеит. Аҟазауаа агәаҭарақәа мҩаԥырган, ишьақәдырӷәӷәеит ааигәа игылоу аҩнқәа рҟны инхо ауааԥсыра акы иацәшәартә иҟам", - иҳәеит иара.

Папасқьыр имҩаҿ инхо ауаа рынхарҭа ҭыԥқәа аҳәазара иаҿуп - Sputnik Аҧсны
Папасқьыр имҩаҿ инхо ауаа рынхарҭа ҭыԥқәа аҳәазара иаҿуп

Кәыҵниа иажәақәа рыла, АҶА аҟазауаа ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ иааиԥмырҟьаӡакәа ахылаԥшра иаҿуп.

"Ҳара аҭагылазаашьа ҳахылаԥшуеит. Аҩнқәа рҟны ашьшьара ҿыцқәа цәырҵуа иалагар, ҳара иаҭаху ауснагӡатәқәа ҳрылагоит, аха уажәазы зегьҭышәынтәалоуп, узыцәшәо ҳәа акгьы ыҟам", - азгәеиҭеит иара.

Ааигәа игылоу аҩнеихагылаҿы инхо Татиана излалҳәо ала, ауааԥсыра ршәарҭадаразы иақәнагаз ауснагӡатәқәа зегьы ианаамҭаз ишыҟаҵаз.

"Ҳаҩназы ашәарҭара уаҳа ишыҟам ҳарҳәан, иаарласны ҳхынҳәыртә иҟарҵеит. Уахы заҵәык ауп ҳаҩны ҳанаҵамиаз. Иаанхаз аусқәа зегьы абасҵәҟьа ирласны инарыгӡап ҳәа агәыӷра ҳамоуп. Уи ус ишыҟало агәра ҳдыргеит", - лҳәеит лара.

Гәыматәи амҩаҿы иҟалаз адгьылҳәазара ахҟьеит амашьынаӡәӡәарҭа аргыларазы адгьыл арыцқьара иахьалагаз. Уи аԥшьызгаз аусдкылаҩ Гьаргь Џьапуа аргыларазы азиншәҟәқәа имамкәа аусурақәа дрылагеит. Иара адгьылҳәазара аанызкыло аусурақәа зегь рыхә ишәоит. Зынӡа адгьылҳәазара аҵакыраҿы инхоит 20 ҭаацәара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0