Сҭампыл алхырҭатә ҭыԥ аадыртӡом

© Foto / Алхас Чолокуа Сҭампыл алхырҭатә ҭыԥ аадыртӡом
Сҭампыл алхырҭатә ҭыԥ аадыртӡом - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Сҭампылтәи алхырҭатә ҭыԥ адыркит Аԥсны Алхратә комиссиа хада аофициалтә хаҭарнак далархәны.

АҞӘА, нанҳәа 25 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьба. Сҭампылтәи алхырҭатә ҭыԥ официалла иаартӡамызт, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны азинмчы змоу ахаҭарнак Вадим Ҳаразиа.

"Акомиссиа ахантәаҩи алахәылаҩцәеи, азинмчы змоу ахаҭарнакцәеи, анаԥшыҩцәеи, АКХ ахаҭарнакцәеи алхырҭатә ҭыԥ аԥхьа еизеит асааҭ 7:50 рзы, иагьышьақәдырӷәӷәеит Сҭампылтәи алхырҭатә ҭыԥ шаартымхо", - иҳәеит иара.

Ҳаразиа излазгәеиҭаз ала, уи АКХ ахаҭарнак идигалеит адокументалтә акт шьақәдыргыларц, аха уи мап ацәикит.

"Акомиссиа абиуллетенқәеи амҳәыри имрымхӡеит, алхырҭатә ҭып шаартымыз аирбеит, афото ҭихит, нас ҳаимпит. АКХ ахаҭарнак ари ахҭыс атәы аҭыԥ аҟны ишиҳәо ҳаздыруам. Сҭампыл алхырҭатә ҭыԥ аркуп", - иҳәеит Ҳаразиа.

Ҭырқәтәыла ареспублика абираҟ - Sputnik Аҧсны
Гогьиа: Сҭампыл абжьыҭара ҟамларгьы, алхрақәа рылҵшәа ианыԥшуам

Аԥсны АКХ ахантәаҩы асааҭ 8:35 рзыжәларбжьаратәи апресс-центр аҟны ажурналистцәа ириҭоз абрифинг аан иҳәеит Ҭырқәтәыла иҟоу алхырҭатә ҭыԥ иазку аинформациа шимамыз.

Уаанӡа Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Вадим Ҳаразиа адырра ҟаиҵахьан алхрақәа Сҭампыл иахьаҵанакуа имҩаԥымсыр рылшоит ҳәа. Ахаҭарнакра Сақариа ақалақь аҟны абжьыҭаразы алхырҭатә ҭыԥ иахәҭаз ала еиқәнаршәеит, аха анаҩс излеилкаахаз ала, уи АКХ официалла иақәиҭнамтәыцызт.

Убри аан Аԥсны АКХ изныкымкәа адырра ҟанаҵахьеит Ҭырқәтәыла алхрақәа рымҩаԥгара мап шацәнамкуа азы. АКХ ахантәаҩы излаиҳәаз ала, Сҭампыл алхрақәа мҩаԥымсыргьы, уи абжьыҭара алҵшәақәа ирныԥшуам.

Ажәабжьқәа зегьы
0