Ҭамаз Гогьиа: ахада иалхрақәа рҟны аилагарақәа рзы адыррақәа ыҟам

© Sputnik / Томас ТхайцукВыборы в Абхазии. Пресс-центр
Выборы в Абхазии. Пресс-центр  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны АКХ атәыла ахада иалхрақәа рцашьа атәы еиҭеиҳәеит.

АҞӘА, нанҳәа 25 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ахада иалхрақәа рҟны аилагарақәа рзы адыррақәа АКХ ахь имааиӡацт, абри атәы иҳәеит Аԥсны Алхратә комиссиа ахада ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа.

"Алхрақәа рцашьа анырра азҭар зылшо аилагарақәа ҳәа макьана акгьы ыҟам", - инаҵишьит Ҭамаз Гогьиа.

Аԥсны ахада иалхрақәа - Sputnik Аҧсны
АКХ: Аԥсны ахада иалхрақәа раан асааҭ 12:00 рҟынӡа рыбжьы арҭахьеит 19% ауаа

Алхырҭа ҭыԥтә комиссиақәа рахь аилагарақәа рзы ҩыралатәи арзаҳалқәа неиуеит, анаҩс урҭ аҭыԥ хадатә комиссиақәа рахь ирышьҭуеит, мамзаргьы рхатә зинмчқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны ирыӡбоит.

"Аҭыԥ хадақәа рзинмчқәа азымхозар, АКХ ахь арзаҳалқәа аарышьҭуеит", - иҳәеит Гогьиа.

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рҟны абжьыҭаразы алхырҭатә ҭыԥқәа аартын аҭыԥантәи аамҭа асааҭ 8:00 рзы атәыла араионқәа зегьы рҟны. Алхырҭатә ҭыԥқәа аартызаауеит асааҭ 20:00 рҟынӡа. Алхырҭатә ҭыԥқәа 152 аартын Аԥсны иахьаҵанакуа, алхырҭатә ҭыԥқәа ҩба аартын Москвеи Черкесски. Сҭампыл алхырҭатә ҭыԥ аадмыртӡеит.

Аԥсны ахадас дҟалар илшоит милаҭла иаԥсыуоу, аҳәынҭқарратә бызшәа цқьаны издыруа, 35 шықәса иреиҵам, аха 65 шықәса иреиҳам, алхратә зин змоу, аҵыхәтәантәи хәышықәса иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Аԥсны атәылауаҩ. Аамҭакала далырхуеит акандидат зыӡбахә иҳәо ахада ихаҭыԥуаҩ.

Абжьыҭаразы азин рымоуп зықәра наӡахьоу, аҩнуҵҟатәи атәылауаҩшәҟәы жәытәқәа зыԥсаххьоу Аԥсны атәылауаа зегьы. Иҟоу адыррақәа рыла, алхыҩцәа рхыԥхьаӡара 118 нызқь иреиҳауп.

Выборы в Абхазии  - Sputnik Аҧсны
АКХ: абжьыҭаразы аршаҳаҭгақәа рыла алхрақәа ирылахәхоит 459-ҩык ауааԥсыра

2019 шықәса мшаԥы 4 рзы Апарламент аилатәараҟны адепутатцәа алхрақәа раан абжьыҭара апроцедурахь аԥсахрақәа аларгалеит. Апарламент асессиа аҩбатәи аҵыхәтәантәи аԥхьараҟны ирыдыркылаз азакәан апроект инақәыршәаны, анацәа адырганҵареи абиуллетенқәа рҟны акандидатцәа рыхьӡқәа рҵәаӷәара аметоди аԥыхын, уажәшьҭа рыбжьы зырҭар ирҭаху акандидат ихьӡ авараҟны адырга ықәдыргылароуп. Абиуллетенқәа рҟны иарбоуп акандидатцәа жәҩык рыжәлақәа, иара убасгьы иарбоуп аграфа "зегьы сырҿагылоуп".

Аиааира игеит ҳәа дрыԥхьаӡоит абжьқәа рзеиԥш хыԥхьаӡараҟынтәи 50 проценти даҽа бжьыки зауз акандидат.

Абиуллетен ҩыџьа инареиҳаны акандидатцәа алагалазар, аха урҭ рахьтә аӡәгьы далрымхыр, АКХ ишьақәнарӷәӷәоит зегь реиҳа абжьқәа зауз ҩыџьа акандидатцәа злахәу аҩынтә раан алхрақәа. Аҩбатәи атур мҩаԥыргоит актәи атур ашьҭахь ҩымчыбжьа ирхымгакәа.

Аҳәынҭқарра ахадас далхуп ҳәа дыԥхьаӡоуп аҩбатәи атур аан абжьқәа реиҳарак - алхыҩцәа рсиа иану рхыԥхьаӡара зегь аҟынтәи 25% иреиҵамкәа - зауз акандидат. Аҩбатәи атур аан кандидаткгьы далрымхзар, АКХ ҩаԥхьа алхрақәа рымҩаԥгаразы аӡбамҭа аднакылоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0